АЛАҲӘАРА

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны лаҵарамза 26, асааҭ 11: 00 рзы имҩаԥгахоит Габниа Дифа Назырбеи-иԥҳа афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҵараҩаӡара аиуразы лдиссертациатә усумҭа «Аԥҳәыс лхаҭара аеволиуциа аԥсуа епикатә литератураҿы» (ашифр 5.9.10 – «аԥсуа литература») ахьчара

АҦСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА АИХШЬААЛАТӘ АЗЕИҦШ ЕИЗАРА МҨАҦНАГЕИТ

Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Аҧсны аҩныҵҟатәии аҳәаанырцәтәи аусуреи азгәаҭаны, аҧеиҧшу ду шамоу атәы иҳәеит аихшьаалатә еилатәара аартуа Аҧсны аҭҵаарадырақәа ракадемиа апрезидент, ААР академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Зураб Џьапуа. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит аҭҵаарадырра аусхк арҿиараҿы аҳәынҭқарра анапхгара адгылареи ацхыраареи анаҩсгьы ирырҭалап ҳәа агәра ганы дшыҟоу. Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 2024 шықәсазтәи аҭҵаарадыратәи аиҿкааратәи усурақәа раҳасабырба ҟаиҵеит ААР академик-маӡаныҟәгаҩ, академик Валентин Кәаҕәаниа. Ажәахә аҿы хаз-хаҭала иазааҭгылан Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәылацәа шықәсык иалагӡаны инарыгӡаз аҭҵааратәи аиҿкааратә усқәеи, аҭыҧантәиқәеи жәларбжьаратәи афорумқәеи шаҟа рхы рыладырхәыз, иркьыҧхьыз астатиақәеи аусумҭақәеи, амонографиақәеи уҳәа анализ рыдҟаҵаланы, хәыц-хәыц еилыршәшәаны ажәахә аҿы иарбан. Цифрала иаагозар, 2024-тәи ашықәс иалагӡаны Академиа аҟәшақәа ирыҵаркуа аинститутқәа рҵарауаа иҭрыжьит 50 шәҟәы, 300 инарзынаҧшуа астатиақәа. Иқәгылоз иазгәарҭон хшыҩзышьҭра ду шамоу аҧсуа ҭҵаарадырра иаҵагылаша аҵарауаа ҿарацәа реиҵааӡара, урҭ анаука радыҧхьала акрызҵаазкуа усны ишырыҧхьаӡо. Ирылацәажәеит убасгьы академиа иаҵанакуа аинституқәа рҿы иахьа иҟоу ауадаҩрақәеи аихьӡарақәеи. Анаҩс ииасит акадыртә зҵаарахь. Аҟәатәи афизика-техникатә институт адиректорс дшьақәырҕәҕәан афизка-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Анатоли Марколиа. Аилатәара ахыркәшамҭаз еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла зҽалызкааз аусзуҩцәа аҧаратә ҳамҭақәа ранашьан.