Уи мҩаҧысуан ҧхынгәымза ҩба инаркны фбанӡа Перм ақалақь аҿы. Аконгресс иалахәын Урыстәыла 73 региони, адунеи 23 ҳәынҭқарреи рҟынтәи 1500-ҩык иреиҳаны аҵарауаа. Ишьҭыхыз атемақәа рымҽхак ҭбаан, иахьатәи аамҭа иқәнаргыло азҵаарақәа, акультурабжьаратә еимадареи, аетникатә традициақәа реиқәырхареи ирыдҳәалан. Уи адагьы Урыстәыла ицо иҷыдоу арратә операциа аетнологиатә аспект анырра ианаҭо иалацәажәеит хаҭала. Аҧсны Аҭҵаарадырақәа ракадемиа апрезидент, ААР академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Зураб Џьапуа иқәгылара азкын аханатә иааиго атема – Нарҭтәи аепос аҿы атопонимқәа рмифологиатә семнтика. Иара хықәкыс иман аҧсуаа рдоуҳатә культураҿы Нарҭаа репос иааннакыло аҭыҧ аарҧшра. Аҵарауаҩ иажәақәа рыла, Аҧсны иадҳәало, ҳмилаҭ ҟазшьа аҷыдарақәеи ҳдунеихәаҧшышьеи зныҧшуа иҵаулоу аинформациа аудиториа зҿлымҳарыла ирыдыркылеит. Аконгресс аиҿкааҩцәа ируаӡәку Урыстәыла аетнологцәеи антропологцәеи ринститут аҭҵаарадырратә напхгаҩы Валери Тишков хаҭала ааҧхьара ииҭеит Зураб Џьота-иҧа. Иара асасцәа дахьқәа рхыҧхьаӡараҿы дыҟан. Ҳаҭыр дула дрыдыркылеит. Уи идагьы Аҧснынтәи далахәын Асҭанда Аҳашҧҳа. Лажәахәа адемографиа атема иазкын. Ҳаҭҵаарадыррақәа рыҿиараҿы аконгресс иаҳәо рацәоуп, аҵак ду амоуп, иҳәеит ААР апрезидент. Ажәахәқәа рнаҩсангьы, аҵарауаа нагақәа рыҿцәажәара, аимадарақәа рырҿиара алзыршо усмҩаҧгатәны дахәаҧшуеит.











