АЛАҲӘАРА

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны лаҵарамза 26, асааҭ 11: 00 рзы имҩаԥгахоит Габниа Дифа Назырбеи-иԥҳа афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҵараҩаӡара аиуразы лдиссертациатә усумҭа «Аԥҳәыс лхаҭара аеволиуциа аԥсуа епикатә литератураҿы» (ашифр 5.9.10 – «аԥсуа литература») ахьчара

ИҬЫҴИТ АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА АДЫРРАҬАРА ҲАЗҬОУ АШЫҚӘСАЗТӘИ АНОМЕРҚӘА.

Аҭҵаарадырратә журнал ҭыҵуеит ҩ-сериакны: агуманитартә ҭҵаарадыррақәа рсериеи аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа рсериеи ҳәа. Агуманитартә сериа 15-тәи аномер иагәылалеит 20 статиа, урҭ еихшоуп 12 рубрика рыла.
ААР Адырраҭара редактор хадас дамоуп академик З.Џь. Џьапуа. Аҭакзыԥхықәу аредакторцәа: И.Д. Анчабаӡе, В.А. Чрыгба. Аҭыжьҩы-редакторцәа: С.О. Ҳаџьым, Н.С. Барцыц.
Аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа рсериа ҩ-номеркны иҭыҵит. 15-тәи аномер иагәылалеит афизико-математикатәи атехникатәи ҭҵаарадыррақәа, амедико-биологиатәи ақыҭанхамҩатәи ҭҵаарадыррақәа рхырхарҭақәа рыла 22 статиа. 16-тәи аномер иагәылалеит афизико-математикатәи атехникатәи ҭҵаарадыррақәа, амедико-биологиатәи ақыҭанхамҩатәи ҭҵаарадыррақәа рхырхарҭақәа рыла 17 статиа.
ААР Адырраҭара редактор хадас дамоуп академик З.Џь. Џьапуа. Аҭакзыԥхықәу аредакторцәа: С.М. Бебиа, И.А. Екба. Аҭыжьҩы-редакторцәа Е.Ф. Џьакониа, Т.И. Алексеева.