Академик Виачеслав Чрыгба ААР Астратегиатә ҭҵаарақәеи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи ринститут адиректорс далхуп. Маӡалатәи абжьыҭирала ААР Апрезидиум алахәылацәа зегьы еицҿакны рыбжьы ирҭеит. Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа иазгәеиҭеит, еицырдыруа аҵарауаҩ Виачеслав Чрыгба ари аусбарҭа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр анахьӡызгьы акыр шықәса напхгара шазиуаз, ирҳаз аԥышәа хра злоу ԥхьаҟатәи иусура ишашьаҭахо. Чрыгба академикцәа иҟарҵаз агәрагаразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
«Апрофессионалтә експерттә еилазаара шьақәгылеит, ҳара зегьы ҳуалԥшьеи ҳҭакԥхықәреи еилаҳкаауеит. Еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҿы ареспублика аҿиаразы астратегиатә бжьгарақәа рыла ҳтәыла ахәарҭа аҭара ҳҽазаҳшәоит», – иҳәеит Виачеслав Чрыгба.
Апрезидиум иара убас маӡалатәи абжьыҭирала «Аҭҵаарадырраҿы аихьӡарақәа рзы» ААР ахьтәы медал занашьахо ҩыџьа акандидатцәа рыхьӡқәа шьақәдырӷәӷәеит – иналукааша аботаник, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, академик Сергеи Бебиеи афольклорҭҵааҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, академик Валентин Кәаӷәаниеи. Дара ахьтәы медалқәа рнапаҿы ирыҭахоит Аԥсны аҭҵаарадырра амш, жәабран 30 рзы.
Анаҩс амшхәаԥштә аҿы иқәгылан ААР Аботаникатә институт иатәу Адендрологиатә парк азҵаара. Аҟәа ақалақь Введенски имҩаду аҿы инхо ауааԥсыра апарк аиқәырхаразы ацхыраара иаҳәеит. Уи иахьаҵанакуа асасааирҭа аргыларазы аҽазышәарақәа ыҟоуп. Аботаника аинститут адиректор Едуард Гәбаз ААР Апрезидиум алахәылацәа рахь ашәҟәы иҩит, ари апроблема ӡбашьас иамоу амҩақәа иҵарҳәарц. Иагьиабжьыргеит «Ҷыдала ихьчо аԥсабаратә ҭыԥқәа рзы» азакәан аилагара иазкны аматериалқәа еизганы апрокуратурахь арзаҳал алаиҵарц. Иара убас Аминистрцәа реилазаарахь апроблема аазырԥшуа ашәҟәы шьҭызарц.
Апрезидиум аилатәараҿы иааиуа Жәлар реизарахь алхрақәа ирыдҳәаланы ауаажәларраҿы инарҭбааны излацәажәо акрызҵазкуа азҵаара иазааҭгылеит. 2027 шықәса ажьырныҳәамза 1 инаркны амч роуеит «Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәазы» азакәан ахәҭақәа, хаҭала, иалырхраны иҟоу адепутатцәа рзы аԥсуа абызшәа адырра шхымԥадатәиу иазку налаҵаны. Аҵарауаа иахьатәи аҳәынҭқарратә аԥсуа бызшәа аҭагылазаашьазы агәҭынчымра аадырԥшит. 2007 ашықәсазы ирыдыркылаз азакәан аԥсуа бызшәа ароль арӷәӷәаразы ашьаҭа шьақәнаргылазаргьы, уи анагӡара аанкылан, хәҭақәак амч рыҭара изныкымкәа иахырԥан.
Академикцәа «Аҳәынҭқарратә бызшәазы» азакәан аус ауам, зегьынџьара еиларгоит ҳәа алкаа ҟарҵеит, убри аамҭазы уи ақәныҟәаразы ааԥхьарақәа ауаажәларраҿы еиуеиԥшым анегативтә хцәажәарақәа цәырыргоит.
“Ҳҳәынҭқарраҿы иалыршатәуп аԥсуа бызшәа аҭахра, ахәарҭара ҟалартә аҭагылазаашьа аԥҵара. Иахьати ауаҩы практикала дхәыцуеит: хәарҭас, феидас исзалоузеи ҳәа. Иаԥхьаҟа хәарҭара изаланы имбар, игәыгәҭаижьуеит, игәы ацәыхьшәашәоит – ус-ус инеиҿыҵаба ицоит», – ҳәа азгәеиҭеит академик-амаӡаныҟәгаҩ Валентин Кәаӷәаниа.
Абызшәадырҩы Виачеслав Чрыгба аԥсшәа аубых бызшәа еиԥш иӡыр алшоит иҳәеит. Уи аиқәырхара азҵаара ӡбатәуп адунеизегьтәи аԥышәа ду ахархәарала.
Апрезидиум алахәылацәа ААР аспирантура аҭаларазы бжь-ҭыԥк аадыртит. Иара убас, Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Сибратәи аҟәша аҭҵаарадырратә усеицуразы еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рзы ажәалагалақәа ҟаҵан.


