АЛАҲӘАРА

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны лаҵарамза 26, асааҭ 11: 00 рзы имҩаԥгахоит Габниа Дифа Назырбеи-иԥҳа афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҵараҩаӡара аиуразы лдиссертациатә усумҭа «Аԥҳәыс лхаҭара аеволиуциа аԥсуа епикатә литератураҿы» (ашифр 5.9.10 – «аԥсуа литература») ахьчара

ААР АПРЕЗИДЕНТ ЗУРАБ ЏЬАПУА ҬЫРҚӘТӘЫЛА ИМҨАҦЫСУА «КАВКАЗ АЖӘЛАРҚӘА РКУЛЬТУРЕИ РҞАЗАРЕИ РФЕСТИВАЛЬ» ДАЛАХӘУП  

Рашәара 1 инаркны 9-нӡа Ҭырқәтәыла аҳҭнықалақь Анкара имҩаҧысуеит анапҟазара иадҳәалоу «Кавказ ажәларқәа ркультуреи рҟазареи рфестиваль». Аҧснынтәи ари афестиваль иалахәуп Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа, Аҧсны Акультура аминистрра аспециалист хада Адамыр Гәынба, Аҧсуа ҳәынҭқарратә музеи аусзуҩцәа – Илона Кәыҵниаҧҳаи Рада Џьапуаҧҳаи.