АЛАҲӘАРА

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны лаҵарамза 26, асааҭ 11: 00 рзы имҩаԥгахоит Габниа Дифа Назырбеи-иԥҳа афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҵараҩаӡара аиуразы лдиссертациатә усумҭа «Аԥҳәыс лхаҭара аеволиуциа аԥсуа епикатә литератураҿы» (ашифр 5.9.10 – «аԥсуа литература») ахьчара

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИАҾЫ ИХАЦЫРКУП УРЫСТӘЫЛАТӘИ АҴАРАУАА РЛЕКЦИАҚӘА

Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Аславианҭҵаара аинститут аҵарауаа Ольга Беловеи Владимир Петрухини рлекциақәа мҩаԥысуеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы.  

ААР апрезидент Зураб Џьапуа иажәақәа рыла, хәышықәса инеиԥынкыланы Академиаҿы имҩаԥысуеит еицырдыруа аԥснытәии аҳәаанырцәтәии аҭҵааҩцәа рлекциақәа.

Ас еиԥш ақәгыларақәа хықәкы хадас ирымоу – ареспублика аспирантцәеи аҵарауаа ҿарацәеи рдыррақәа рырҭбаара ауп ҳәа азгәеиҭеит Зураб Џьапуа.

Алекциақәа мҩаԥгахоит цәыббра 7, 8, 9 асааҭ 14:00 инаркны. Азыӡырҩцәа ракәхар рылшоит аҭҵаарадырратә специалистцәа рыдагьы изҭаху зегьы.