АЛАҲӘАРА

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны лаҵарамза 26, асааҭ 11: 00 рзы имҩаԥгахоит Габниа Дифа Назырбеи-иԥҳа афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҵараҩаӡара аиуразы лдиссертациатә усумҭа «Аԥҳәыс лхаҭара аеволиуциа аԥсуа епикатә литератураҿы» (ашифр 5.9.10 – «аԥсуа литература») ахьчара

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА АПРЕЗИДЕНТ ЗУРАБ ЏЬАПУА АԤСНЫ АХАДА БАДРА ГӘЫНБА ИИРАМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ

Нанҳәамза 14 рзы Аԥсны Ахада Бадра Гәынба 45 шықәса ихыҵит. Зураб Џьапуа аҳәынҭқарра анапхгаҩы иирамш идиныҳәалеит:

«Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа!

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидиум ахьӡала гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит шәирамш!

Ҳажәлари Ҳҳәынҭқарреи рымаҵ аураҿы ишәзеиӷьасшьоит алшара, ачҳара, аманшәалара!

Аԥсуа ҵарауаа ирдыруеит аҭҵаарадырра ашҟа иаашәырԥшуа агәцаракра. Агәра ҳгоит, аԥхьаҟагьы ус шакәхо.

Шәусқәа зегьы рҿы Анцәа илԥха шәымазааит!».