АЛАҲӘАРА

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны лаҵарамза 26, асааҭ 11: 00 рзы имҩаԥгахоит Габниа Дифа Назырбеи-иԥҳа афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҵараҩаӡара аиуразы лдиссертациатә усумҭа «Аԥҳәыс лхаҭара аеволиуциа аԥсуа епикатә литератураҿы» (ашифр 5.9.10 – «аԥсуа литература») ахьчара

ИԤСҬАЗААРА ДАЛҴИТ ААР АКАДЕМИК ВЛАДИМИР КОНСТАНТИН-ИԤА ЗАНҬАРИА.

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум гәалсра дула адырра ҟанаҵоит иԥсҭазаара дшалҵыз ААР академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, аҳәынҭқарратә аусзуҩ,
апоет, аиҭагаҩ, апублицист, еиуеиԥшым ашықәсқәа раан иҳараку аҳәынҭқарратә маҵурақәа напхгара рызҭоз, Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи Ажурналистцәа реидгылеи рлахәыла, Ашҟәыҩҩцәа рассоциациа ахантәаҩы Владимир Занҭариа.
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум ирыдышшылоит Владимир Занҭариа иуацәеи иҭынхацәеи.