АЛАҲӘАРА

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны лаҵарамза 26, асааҭ 11: 00 рзы имҩаԥгахоит Габниа Дифа Назырбеи-иԥҳа афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҵараҩаӡара аиуразы лдиссертациатә усумҭа «Аԥҳәыс лхаҭара аеволиуциа аԥсуа епикатә литератураҿы» (ашифр 5.9.10 – «аԥсуа литература») ахьчара

АҞӘА АҴЫХӘТӘАНТӘИ ИМҨАХЬ ДНАСКЬАРГЕИТ АҴАРАУАҨ ЗАУР ШЬАЛАШЬАА

Аҧсы ҭызҭаз аҭоубыҭ ықәыргылан Арҵаҩцәа рыҩнаҿы. Ашьыжь инаркны ашәҭшьыҵәрақәа рыманы уахь инеиуан атәыла аиҳабыра, аҵарауаа, ауаажәларра, З. Шьалашьаа аус ицызуаз, аҵара зирҵоз аҿар уҳәа аӡырҩы, гәалсра дула издызкылаз аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААР иатәу Аекономикеи азини ринститут адиректор, ААР академик Заур Шьалашьаа иҧсҭазаара иалҵра.

Алахьеиқәҵаратә митинг аазыртыз Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа иазгәеиҭеит аҧсуа ҭҵаарадырра ишаиуз ацәыӡ ду.

«Иахьа Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик Заур Шьалашьаа иҭаацәеи, иҭынхацәеи, иколлегацәеи, иҩызцәеи, иқәлацәеи ҳалахь еиқәуп. Ҳаззыҧшымыз арыцҳара ҳақәшәеит. Сара хаҭала Заур Шьалашьаа дызҿыз, дзызкыз аусхкқәа зегьы рҿы иара ицназго макьана дызбом. Академик Заур Шьалашьаа аҳәынҭқарратә хәыцра змаз, атеориеи апрактикеи еилазыгӡоз, еимаздоз ҵарауаҩ практикын», –  иҳәеит Зураб Џьапуа.

Алахьеиқәҵаратә митинг аҿы иқәгылеит ААР иатәу Аекономикеи азини ринститут аҭҵаарадырратә усуҩ Алеқсандр Гәлиа, ААР академик-маӡаныҟәгаҩ Валентин Кәаӷәаниа, Аҟәатәи иаарту аинститут аректор Валери Кәарҷиа, асахьаҭыхҩы Ныгәзар Логәуа, Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Вадим Ҭаниа, иҧсыз иашьа еиҳабы Игор Шьалашьаа.