Аҧхьатәи мҩаҧысуан Ермантәыла Ереван ақалақь аҿы жьҭьаарамза 11-12 рзы. Уи еиҿнакааит Ермантәыла амилаҭтә ҭҵаарадыррақәа ракадемиа археологиеи аетнографиеи ринститут. Аепосҭҵаара иадҳәало афорумқәа системала рымҩаҧгара иалагеит 2004 шықәса инаркны аерман жәлар репоси адунеитә епикатә традициеи ҳәа. Уи ахьыӡқәа рҽырыҧсахуан, аха аҵакы еиҭакрада иаанхон. Сынтәа имҩаҧыргон афбатәи аконференциа. Уигьы адунеитә епикатә традициақәа ирызкын.
Ермантәыла амилаҭтә ҭҵаарадыррақәа ракадемиеи Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи аимадарақәа рыбжьоуп акыр шықәса раахыс. Ҳҵараауаи дареи аиҩызара ирыбжьоу иабзоураны Зураб Џьапуа ирҵаҩы Шьоҭа Хьыч-иҧа Салаҟаиеи иареи аҩбатәи инаркны ахәбатәи аҟынӡа рхы аладырхәхьан. Аҿкы чымазара, Ҟарабахтәи ахҭысқәа уҳәа ирхырҟьаны аамҭак азы иаанкыланы иҟан урҭ рымҩаҧгара, уажәы аерман ҵарауаа ирыӡбеит уи атрадициа ацҵара. Ҩымш имҩаҧысуаз афорум аҿы ирзыӡырҩын аҭыҧантәии Аҧсны, Франциа, Германиа, Урыстәыла рҟынтәи иалахәыз аепосҭҵааҩцәа ражәахәқәа. Иазгәаҭатәуп, апленартә еилатәара шааиртыз Зураб Џьапуа. Иажәахә атема азкын Нарҭаа репос Кавказтәи ажәларқәа рҿы аҳәашьа аформақәас иамоу. Ари аҩыза аусмҩаҧгатә аҧсуа ҵарауаҩ иахьааиртыз ҳаҭҵаардырразы ихҭысуп, аҵакы ду амоуп уҳәар алшоит. Зураб Џьапуа иара убас ихы алаирхәит жьҭаарамза 17-19 рзы Махачкала имҩаҧысуаз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа. «Ҳаамҭазтәи аҭоурыхтәии афилологиатәи кавказҭҵаара: аҭагылазаашьеи, апроблемақәеи, ҧхьаҟатәи аҧеиҧши» захьӡыз. Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Даҕьсҭантәи аҭоурыхи, археологиеи, аетнографиеи ринститути, абызшәеи, алитературеи, аҟазареи ринститути шәышықәса рхыҵра иамадан. Агуманитартә ҭҵаарақәа рганахьала Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа кыр изҿыҧшуа республиканы иҟоуп Даҕьсҭан. Уа имҩаҧысуа аконференциақәа Зураб Џьапуа изныкымкәа ихы рылаирхәхьеит. Адунеи аҿы еицырдыруа афилолог Гаџьи Гамзатов, ашәҟәыҩҩы, апоет Расул Гамзатов иашьа гәакьеи Џьапуеи акыр шықәса шрыбжьазгьы еиҩызцәан, даараӡа ҳаҭырла еизыҟан. Уи адагьы, иахьагьы уатәи аҵарауааи ҳара ҳҵараауаи аусеицура шрыбжьац ирыбжьоуп. Уимоу, урҭ аизыҟазаашьақәа еихаҳауа иааргоит. Уи аршаҳаҭуеит Зураб Џьапуа асас хада ҳәа апрезидиум аилатәара дахьалахәыз. Аҧсуа нарҭтә епос аҭоурых аҭҵаараҿы ихадароу аетапқәа ирызкын ҳҵарауаҩ иқәгылара. ААР академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иколлегацәа ҳамҭас ирзигеит иара авторс дызмоу Нарҭаа ирызкны ааигәа иҭыҵыз аа-томк. Аҵарауаҩ ишьақәгылараҿы аҭыҧ ду ааныркылоит ас еиҧш иҟоу аконференциақәа. Ухадырҭәаауеит, удырбеиоит, уи адагьы, аиҿкааратә усқәа рганахьа ала ҳара ҳаҭҵаарадырраҿы ҳхы иаҳархәаша аҧышәа акыр ишаҧсоу иҳәеит академик.








