АЛАҲӘАРА

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА ирыланаҳәоит 2024/2025-тәи аҵарашықәс азы аспирантурахь адкылара шыҟало абарҭ азанааҭқәа рыла:
  1. «Аԥсны аҭоурых» (07.00.02) – 4 ҭыԥк;
  2. «Аԥсуа литература» (10.01.03) – 1 ҭыԥк;
  3. «Аԥсуа бызшәа» (10.01.03) – 1 ҭыԥк;
  4. «Аекономикеи жәлар рынхамҩа аусбареи» (08.00.05) – 1 ҭыԥк;
  5. «Иаарту азинтә (аҳәынҭқарратә-зинтә) ҭҵаарадыррақәа» – 1 ҭыԥк;
  6. «Ахархәаратә математикеи аинформатикеи» (01.03.02) – 1 ҭыԥк;
  7. «Аԥсабаратә ҭаҵәахқәа (рхыҵхырҭақәа) рзин, аграртә зин, аекологиатә зин» (12.00.06) – 1 ҭыԥк;
  8. «Аентомологиа» (03.00.09) – 1 ҭыԥк.
Аспирантура аҭаларазы арзаҳал ҩтәуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент ихьӡала. Арзаҳал иацҵатәуп анаҩстәи адокументқәа:
  • иреиҳау аҵаразы адипломи уи агәылаҵеи рыхкьыԥхьлаа;
  • азҵаабӷьыц (анкета);
  • аспециалистцәа ҿарацәа рзы изылгаз аҵараиурҭа Аҵаратә хеилак аилатәара аԥкаанҵа агәылҩаа;
  • иалху азанааҭ ала ареферат (кьыԥхь бӷьыцк рҟынӡа) иазԥхьагәаҭоу аҭҵаарадырратә напхгаҩы ихҳәаа ацҵаны;
  • акьыԥхь збахьоу аҭҵаарадырратә усумҭақәеи, анџьнырра-техникатә ԥҵамҭақәеи, аҭҵааратә усура иазку аҳасабырбақәеи рсиа;
  • апатреҭқәа 4 (шәагаала 3х4 иҟоу);
  • амедицинатә ршаҳаҭга № 286-тәи аформа;
Атәылауаҩшәҟәи иреиҳау аҵаразы адипломи хаҭала ицәыргатәуп. Адкыларатә ԥышәарақәа мҩаԥгахоит 2024 шықәса, абҵарамза 4 ԥхынҷкәын 14-нӡа;   Аԥышәарақәа қәҿиарала ирхысыз аспирантура иахыԥхьаӡалахоит 2025 шықәса, ажьырныҳәа 1 инаркны.   Адокументқәа рыдыркылоит 2024 шықәса, цәыббрамза 2 инаркны жьҭаарамза 11-нӡа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәшаҿы абри аҭыӡҭыԥ ала: Академик Марр имҩа, 9; аҭел: 921–80–88; 226–69–76.   ААР аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәша

АҬҴААРАДЫРРАЗЫ АЦӘЫӠ ДУ.

Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум гәалсра дула ирыдыркылеит Аҧсны жәлар рпоет, аиҭагаҩ, алитератураҭҵааҩ, акритик, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Мушьни Лашәриа иҧсҭазаара иалҵра. Ҳаамҭазы Аҧсуаҭҵааратә институт алитература аҟәша деиҳабын, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа ахантәаҩра азиуан.  Апоет-академик аҧсуа жәлари Аҧсынреи дрыхьӡырҳәаган. Аҭҵаарадырра, асахьаркыратә литература, иааидкыланы ҳдоуҳатә кульутра дацәыӡит зцәаҳәақәа  ҳабиҧарақәа аӡәырҩы ҿырҳәала ирдыруа ажәа азҟаза. Мушьни Лашәриа иҟазара, акы иаламҩашьоз ипоезиатә баҩхатәра ду ҳара ҳтәыла анҭыҵгьы еицырдырхьеит, ҳәа азгәеиҭеит Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидент Зураб Џьапуа. Мушьни Лашәриа иҧсҭазаара аиҳарак арҿиара иазикит. Бзиа иибоз аус инапы алакын 70 шықәса иреиҳаны. Мушьни Таииа-иҧа ианашьан хыҧхьаӡара рацәала Аҳәынҭқарратә, аиҳабыратә ҳамҭақәа – «Ахьӡ-аҧша» актәи аҩаӡара, «Аҳаҭыр дырга» аорденқәа, Д. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа, Александр Пушкин имедал, Дельвиг ихьӡ зху Урыстәылазегьтәи апремиа, Шоҭа Руставели ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа.

Мушьни Лашәриа ирҿиарала аҧсуа милаҭтә литература  ирбеиеит. Уи иҭынха еиқәырханы абиҧара ҿыцқәа ирызнагалатәуп.