АЛАҲӘАРА

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА ирыланаҳәоит 2024/2025-тәи аҵарашықәс азы аспирантурахь адкылара шыҟало абарҭ азанааҭқәа рыла:
  1. «Аԥсны аҭоурых» (07.00.02) – 4 ҭыԥк;
  2. «Аԥсуа литература» (10.01.03) – 1 ҭыԥк;
  3. «Аԥсуа бызшәа» (10.01.03) – 1 ҭыԥк;
  4. «Аекономикеи жәлар рынхамҩа аусбареи» (08.00.05) – 1 ҭыԥк;
  5. «Иаарту азинтә (аҳәынҭқарратә-зинтә) ҭҵаарадыррақәа» – 1 ҭыԥк;
  6. «Ахархәаратә математикеи аинформатикеи» (01.03.02) – 1 ҭыԥк;
  7. «Аԥсабаратә ҭаҵәахқәа (рхыҵхырҭақәа) рзин, аграртә зин, аекологиатә зин» (12.00.06) – 1 ҭыԥк;
  8. «Аентомологиа» (03.00.09) – 1 ҭыԥк.
Аспирантура аҭаларазы арзаҳал ҩтәуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент ихьӡала. Арзаҳал иацҵатәуп анаҩстәи адокументқәа:
  • иреиҳау аҵаразы адипломи уи агәылаҵеи рыхкьыԥхьлаа;
  • азҵаабӷьыц (анкета);
  • аспециалистцәа ҿарацәа рзы изылгаз аҵараиурҭа Аҵаратә хеилак аилатәара аԥкаанҵа агәылҩаа;
  • иалху азанааҭ ала ареферат (кьыԥхь бӷьыцк рҟынӡа) иазԥхьагәаҭоу аҭҵаарадырратә напхгаҩы ихҳәаа ацҵаны;
  • акьыԥхь збахьоу аҭҵаарадырратә усумҭақәеи, анџьнырра-техникатә ԥҵамҭақәеи, аҭҵааратә усура иазку аҳасабырбақәеи рсиа;
  • апатреҭқәа 4 (шәагаала 3х4 иҟоу);
  • амедицинатә ршаҳаҭга № 286-тәи аформа;
Атәылауаҩшәҟәи иреиҳау аҵаразы адипломи хаҭала ицәыргатәуп. Адкыларатә ԥышәарақәа мҩаԥгахоит 2024 шықәса, абҵарамза 4 ԥхынҷкәын 14-нӡа;   Аԥышәарақәа қәҿиарала ирхысыз аспирантура иахыԥхьаӡалахоит 2025 шықәса, ажьырныҳәа 1 инаркны.   Адокументқәа рыдыркылоит 2024 шықәса, цәыббрамза 2 инаркны жьҭаарамза 11-нӡа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәшаҿы абри аҭыӡҭыԥ ала: Академик Марр имҩа, 9; аҭел: 921–80–88; 226–69–76.   ААР аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәша

АҬОУРЫХТӘ ҬҴААРАДЫРРАҚӘА РДОКТОР, АПРОФЕССОР, АҦСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА АКАДЕМИК, АҴАРАУАҨ-КАВКАЗҬҴААҨ, АРХЕОЛОГ ГЬАРГЬ ШАМБА ИҦСЫ ҬАЗДГЬЫ, ЦӘЫББРАМЗА ЖӘОХӘ РЗЫ 90 ШЫҚӘСА ИХЫҴУАН

Аҧсуа наука аҿиараҿы Гьаргь Шамба илагала ахә ашьара уадаҩуп. Инапы иҵыҵит ҩышә инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа, урҭ рхыҧхьаӡарахы – жәиҧшь монографиа. Иазгәаҭатәуп, иара аҧсышәалагьы дшыҩуаз, ибзоурала еиқәыршәаны иҭыжьын  ихатәы бызшәала анаукатә усумҭақәа маҷымкәа. Уи адагьы Аҧсны аҭоурых азы арҵага шәҟәы авторцәа дыруаӡәкуп. Имчқәа рыла имҩаган хыҧхьаӡара рацәала аекспедиациақәеи аҭҵаарақәеи. Аҵыхәтәантәи имонографиақәа ҩба рзы иара ианашьоуп Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа. Иалкаау иаартра ҿыцқәа  Алада Ешыра ақыҭа иҧшааз артефактқәа ирыдҳәалоуп. Ешыратәи абаагәараҿы аусурақәа мҩаҧигон жәашықәса инареиҳаны. Иаҳҳәар ҟалоит уи инҭкааны иҭиҵааит ҳәа. Иҧсҭазаара зегьы анаука иазикит. Иҭҵаарадырратә усура инаваргыланы, арҵаҩрагьы аанижьуамызт. 1996 шықәсазы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор ҳәа ахьӡ ихҵан.

Гьаргь Шамба иҭҵаамҭақәа иаарылукаауеит Ажәытә Аҟәа ҳәа захьӡу 2005 шықәсазы иҭыҵыз имонографиа. Уи аҧхьагьы  ижәытәӡатәиу Аҟәа иазкны имаҷымкәа астатиақәа икьыҧхьхьан. Ақырҭуа ҵарауааи иареи уи азы акырынтәгьы аимак-аиҿак роухьан. Аха Гьаргь Кәыҷа-иҧа иархеологиатә ҧшаарақәа  рыла рырҵабырга илшон ҳҭоурых адаҟьақәа, ицәырыргоз азҵаарақәа рҭакқәа афактқәа рыла ишьақәдырҕәҕәон иҭҵаамҭақәа.

  Гьаргь Шамба ианашьоуп Қырҭтәылатәи ССР, иара убас Аԥснытәи ССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум аҳаҭыртә бӷьыцқәа, “Ахьӡ-Аԥша” аорден III аҩаӡара, иара убас аҭҵаарадырра ахырхарҭаҿы Гь.К. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа. Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, археолог Гьаргь Шамба иԥсҭазаара далҵит жьҭаарамза 6, 2006 шықәсазы.

Археолог нага Аҧсны аҭҵаарадырратә дунеи азы зеиҧш ыҟам аҭынха аанижьит.