АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА
ирыланаҳәоит 2022–2023-тәи аҵарашықәс азы аспирантурахь адкылара шыҟало абарҭ азанааҭқәа рыла:
- «Афольклорҭҵаара» (10.01.09) – 2 ҭыԥк.
- «Аԥсны аҭоурых» (07.00.01) – 2 ҭыԥк.
- «Аекономикеи жәлар рынхамҩа аусбареи» (08.00.05) – 2 ҭыԥк.
- «Иаарту азинтә (аҳәынҭқарратә-зинтә) ҭҵаарадыррақәа» – 1 ҭыԥк.
- «Апатологиатә физиологиа» (14.03.03) – ҭыԥк (1).
Аспирантура аҭаларазы арзаҳал ҩтәуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент ихьӡала. Арзаҳал иацҵатәуп анаҩстәи адокументқәа:
– иреиҳау аҵаразы адипломи уи агәылаҵеи рыхкьыԥхьлаа;
– азҵаабӷьыц (анкета);
– аспециалистцәа ҿарацәа рзы изылгаз аҵараиурҭа Аҵаратә хеилак аилатәара аԥкаанҵа агәылҩаа;
– иалху азанааҭ ала ареферат (кьыԥхь бӷьыцк рҟынӡа) иазԥхьагәаҭоу аҭҵаарадырратә напхгаҩы ихҳәаа ацҵаны;
– акьыԥхь збахьоу аҭҵаарадырратә усумҭақәеи, анџьнырра-техникатә ԥҵамҭақәеи, аҭҵаарадырратә усура аҳасабырбақәеи рсиа;
– апатреҭқәа 4 (шәагаала 3×4 иҟоу);
– амедицинатә ршаҳаҭга № 286-тәи аформа.
Атәылауаҩшәҟәи иреиҳау аҵаразы адипломи хаҭала ицәыргатәуп.
Адкыларатә ԥышәарақәа мҩаԥгахоит 2022 шықәса, абҵарамза 14 ԥхынҷкәын 25-нӡа.
Аԥышәарақәа қәҿиарала ирхысыз аспирантура иахыԥхьаӡалахоит 2023 шықәса, ажьырныҳәа 1 инаркны.
Адокументқәа рыдыркылоит 2022 шықәса, цәыббрамза 1 инаркны жьҭаарамза 14-нӡа Аԥсны аҭҵаара дыррақәа ракадемиа аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәшаҿы абри аҭыӡҭыԥ ала:
ак. Марр имҩа, 9; аҭел: 771–23–45.
ААР аспирантуреиакадрқәаразыҟаҵареирыҟәша


