Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа иусҧҟала,абиологиатә ҭҵаарадыррақәа рҿы шықәсырацәалатәи лҵшәабзиалатәи иусура азы, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент ихаҭыҧуаҩ, академик Сергеи Михаил-иҧа Бебиа ианашьоуп “Ахьӡ-аҧша” аорден актәи аҩаӡара. Аҵарауаҩ аҳамҭа инапаҿы иҭан иахьа, Аҧсны Ахада иусбарҭаҿы.

