АЛАҲӘАРА

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА ирыланаҳәоит 2024/2025-тәи аҵарашықәс азы аспирантурахь адкылара шыҟало абарҭ азанааҭқәа рыла:
  1. «Аԥсны аҭоурых» (07.00.02) – 4 ҭыԥк;
  2. «Аԥсуа литература» (10.01.03) – 1 ҭыԥк;
  3. «Аԥсуа бызшәа» (10.01.03) – 1 ҭыԥк;
  4. «Аекономикеи жәлар рынхамҩа аусбареи» (08.00.05) – 1 ҭыԥк;
  5. «Иаарту азинтә (аҳәынҭқарратә-зинтә) ҭҵаарадыррақәа» – 1 ҭыԥк;
  6. «Ахархәаратә математикеи аинформатикеи» (01.03.02) – 1 ҭыԥк;
  7. «Аԥсабаратә ҭаҵәахқәа (рхыҵхырҭақәа) рзин, аграртә зин, аекологиатә зин» (12.00.06) – 1 ҭыԥк;
  8. «Аентомологиа» (03.00.09) – 1 ҭыԥк.
Аспирантура аҭаларазы арзаҳал ҩтәуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент ихьӡала. Арзаҳал иацҵатәуп анаҩстәи адокументқәа:
  • иреиҳау аҵаразы адипломи уи агәылаҵеи рыхкьыԥхьлаа;
  • азҵаабӷьыц (анкета);
  • аспециалистцәа ҿарацәа рзы изылгаз аҵараиурҭа Аҵаратә хеилак аилатәара аԥкаанҵа агәылҩаа;
  • иалху азанааҭ ала ареферат (кьыԥхь бӷьыцк рҟынӡа) иазԥхьагәаҭоу аҭҵаарадырратә напхгаҩы ихҳәаа ацҵаны;
  • акьыԥхь збахьоу аҭҵаарадырратә усумҭақәеи, анџьнырра-техникатә ԥҵамҭақәеи, аҭҵааратә усура иазку аҳасабырбақәеи рсиа;
  • апатреҭқәа 4 (шәагаала 3х4 иҟоу);
  • амедицинатә ршаҳаҭга № 286-тәи аформа;
Атәылауаҩшәҟәи иреиҳау аҵаразы адипломи хаҭала ицәыргатәуп. Адкыларатә ԥышәарақәа мҩаԥгахоит 2024 шықәса, абҵарамза 4 ԥхынҷкәын 14-нӡа;   Аԥышәарақәа қәҿиарала ирхысыз аспирантура иахыԥхьаӡалахоит 2025 шықәса, ажьырныҳәа 1 инаркны.   Адокументқәа рыдыркылоит 2024 шықәса, цәыббрамза 2 инаркны жьҭаарамза 11-нӡа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәшаҿы абри аҭыӡҭыԥ ала: Академик Марр имҩа, 9; аҭел: 921–80–88; 226–69–76.   ААР аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәша

Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидиум аилатәара.

2024 шықәса ҧхынгәымза хҧа рзы имҩаҧысит Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидиум аилатәара. Амшхәаҧштә аҟны ҩ-зҵаарак ықәгылан. ААР академик-маӡаныҟәгаҩ, академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Валентин Кәаҕәаниа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ҳазҭоу ашықәс лаҵарамзазы Аҧсуа ҭҵааратә институт аҟны имҩаҧысит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аҧсны афырхаҵа, аҭоурыхҭҵааҩ Асланбек Мирзоев идоктортә диссертациа ахьчара. Кәаҕәаниа ишазгәеиҭаз ала, уажәазы иаҧҵатәуп уи аусумҭа ахәшьара азҭо зныктәи аексперттә хеилак. Уи аилазаараҿы иҟалоит аҭыҧантәи аҵарауаа реиҧш, Нхыҵ-Кавказтәиқәагьы. Аусшәҟәы Апрезидиум алахәылацәа зегьы еицҿакны ирыдыркылеит.

Анаҩс, Аҧҟаҧҵеи егьырҭ анормативтә документқәеи ирызку еснагьтәи ААР акомиссиа ахантәаҩы, атехникатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик Анатоли Мароколиа аҵарауаа ҿарацәа Рхеилак иазку Аҧҟара адкылара азҵаара дазааҭгылеит. Иара иазгәеиҭеит ари адокумент аганахьала аус ду шымҩаҧгаз. Апрезидиум алахәылацәа ргәаанагарақәеи ргәазыҳәарақәеи зегьы ҳасаб шрызуз иҳәеит.

Акомиссиа ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ, аспирантура аҟәша аиҳабы Адгәыр Цымцба Ахеилак азеиҧш ҧҟарақәеи, уи аилазаареи, аиҿкаашьеи дрылацәажәеит. Адокумент инақәыршәаны аҵарауаа ҿарацәа ирхыҧхьаӡалоуп ҩынҩажәа шықәса ирҭымсыц, аҭҵаара знапы алаку, ААР иаҵанакуа аҭҵаарадырратә усбарҭақәа русзуҩцәа. Ахеилак аҧҵахоит абаҩхатәра злоу аҿар аҭҵаарадырратә усурахь радыҧхьалареи, атәыла аҭҵаарадырратә потенциал аҿиараҿы урҭ ралахәхара аизырҳареи, ҳаамҭазтәи аҭҵаарадырратә политика ашьақәгылареи рзы, – иҳәеит Цымцба.

Аҵарауаа ҿарацәа ринтересқәа рыдгылара, аҭҵаарадырратә проектқәа рынагӡараҿы ацхыраара рыҭара, аконференциақәа, афорумқәа,асеминарқәа, егьырҭ аусмҩаҧгатәқәа уҳәа реиҿкаара – Ахеилак анаҧынҵа хадақәа иреиуоуп.

Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, амедицинатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Зураб Миквабиа иазгәеиҭеит ари аинициатива аҭахны ишиимбо. Иара иагәаанагарала, аҭҵаарадырратә институтқәа зегьы аҵарауаа ҿарацәа ацхыраара ду рырҭоит. Хы-мыз рахь знык имҩаҧыргало аилатәарақәа аамҭа шырцәаго иҳәеит. Анатоли Марколиа иакәзар, ари аструктура Аҧсны аҵарауаа ҿарацәа ирзеиҧшу апроблемақәа ралкаареи реилыргареи ирзырхазаауеит. ААР Апрезидент Зураб Џьапуа иажәақәа рыла, Ахеилак аҧышәеи, агәаанагарақәеи, адгаларақәеи реимадараҿы  акоммуникациатә платформаны иҟалар алшоит.

Апрезидиум аҿы иара убас аҭҵаарадырра аусхк аҿы егьырҭ азҵаарақәагьы ирылацәажәеит. Аҭҵаарадырра аексперттә-социалтә функциа нанагӡароуп, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы ишахәҭоу ала ахаҭарнакра амазроуп, -иҳәеит ААР Апрезидент ихаҭыҧуаҩ, академик, апрофессор, афизка-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Ианварби Екба. Зураб Џьапуа дақәшаҳаҭхеит ари агәаанагара, иҳәеит ари азҵаара акыр шықәса раахыс иӡбамкәа ишыҟо. Џьапуа иазгәеиҭеит иҟарҵаз ажәалагалақәа ҩырала ишьақәыргыланы, документ ҳасабла Апрезидиум аҿы ахәаҧшразы ирыдыргаларц.