Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидиуми аусзуҩцәеи гәалсра дула ирыдыркылеит Академиа апрезидент Зураб Џьота-иҧа Џьапуа иан лыҧсра.
Ажәала ҳәашьа амам ҳҵарауаҩ иан лыхшара рааӡараҿы, аҵарамҩа ранҵараҿы, рышьақәгылараҿы илбахьаз аџьабаа. Лара илхылҵуаз аҧхарра бзиаӡаны иаҳныруан Зураб Џьота-иҧа изааигәоу зегьы.
Иҳәатәуп, ацәыӡ ду шаиуз аҧсуа фольклоргьы. Ҭина Қәҭалиа-Џьапуа-ҧҳа ҧсабарала иаалгон адоуҳатә культура ду. Лара дрызҟазан аҧсуа ҭәҳәақәа, аҧсуахәшәқәа, игәыҭшьааганы иналыгӡон аҵәыуарақәа.
Ҳаҭыр зқәу Зураб Џьота-иҧа, шәара, ахшара иреиҵбу, иахьа шәызҭагылоу агәаҟра шәыцеиҩаҳшоит.
Лымшра шәзынхааит.


