Жәабран 24 рзы Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿ имҩаҧысыз Азеиҧш еизараҟны иалырхуан ААР апрезидиум алахәылацәа.
2023 шықәса жьҭаарамзазы ААР апрезидентс деиҭалхын афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа (УАР) аҳәанырцәтәи алаҳәыла, ААР академик Зураб Џьапуа. Анаҩс ААР аҧҟаҧҵәа инақәыршәаны, Аҧсны ахада уи данышьақәирӷәӷәа ашьҭахь, имҩаҧгатәуп Академиа аиҳабыра ралхрақәа.
Амшхәаҧштә аҿы иарбан авице-президентцәеи, акамедик-амаӡаныҟәгаҩи, ААР апрезидиум ҿыци ралхрақәа.
Аха урҭ азҵаарақәа рахь ииасаанӡа, ААР апрезидент Зураб Џьапуа иҳәеит ишимоу угәы ҟазҵаша амиссиа – аҭҵаарадырратә кандидатцәа ҿарацәа адипломқәа рнапахьы рыҭара. Уи аҧхьа аҵарауаҩ Џьулиетта Адлеиҧҳа лнапахьы илиҭеит Гь. Ӡиӡариа ихьӡ зху аҭҵаарадырразы 2020-2023 шш. рзтәи Аҳәынҭқарратә премиа шланашьахаз ала адиплом. Лколлегацәа Зураб Аӡынбеи Виачеслав Чрыгбеи уи аҩыза апремиа риҭахьан Аҧсны ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба Аҭҵаарадырра амш аҽны.
2023 шықәсазы адиссертациақәа рыхьчеит бжьҩык. Урҭ рахьтә фҩык Аботаникатә институт аҿы, аӡәы – Аҟәатәи афизико-техникатә институт аҿы. Лолита Гьергьиаҧҳа, Елена Џьакәаниаҧҳа, Кристина Багаҭелиаҧҳа, Индира Қриаҧҳа, Алина Сангәылиаҧҳа, Иван Титов абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ишыркандидатцәахаз ала адипломқәа риҭеит ААР апрезидент Зураб Џьапуа. Наталиа Чқәанҧҳа афизико-математикатә ҭҵаарадыррақәа дыркандидатхеит.
Адипломқәа зауз дрыдныҳәало, академик Зураб Џьапуа иазгәеиҭеит, аҭҵаарадыррахь аҿарацәа аинтерес шаадырҧшуа. «Аҭҵаарадырра апреспектива амоуп, уи арҵабыргуеит иахьатәи амшгьы», – иҳәеит иара.
ААР авице-президент Сергеи Бебиа игәалаиршәеит, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа еснагьгьы аҵарауаа ҿарацәа реиҵааӡара ахықәкы хадақәа ишыруакыз.
ААР апрезидент Зураб Џьапуа ҭабуп ҳәа реиҳәеит ААР авице-президентцәа Сергеи Бебиеи Ианварби Екбеи, Аботаникатә институти Аҟәатәи афизико-техникатә институти рдиректорцәа Едуард Гәыбази Анатоли Марколиеи Аҧсни Урыстәылеи аҵарауаа нагақәа алархәны адиссертациатә хеилак аусура аиҿкааразы.
Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿ имҩаҧысыз Азеиҧш еизараҟны маӡалатәи абжьыҭарала иалырхит ААР авице-президентцәа. Уаанӡа ишыҟаз еиҧш урҭ анапынҵақәа рҿы иаанхеит абиологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, ААР академик Сергеи Бебиа, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, ААР академик Ианварби Екба. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, ААР академик Валентин Кәаӷәаниа далхуп Академиа академик-маӡаныҟәгаҩыс.
Иара убас Азеиҧш еизараҟны маӡалатәи абжьыҭарала иалырхит Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҟәшақәа ракадемик-маӡаныҟәгаҩцәа. Агуманитартәи, асоциалтәи, ауаажәларратәи ҭҵаарадыррақәа рыҟәша академик-маӡаныҟәгаҩыс далхуп аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, ААР академик Заур Шьалашьаа. Афизика-математикатәи, атехникатәи ҭҵаарадыррақәа рыҟәша академик-маӡаныҟәгаҩыс – афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААР академик Анатоли Марколиа. Амедицина-биологиатәи ақыҭанхамҩатәи ҭҵаарадыррақәеи Адгьыл иазку аҭҵаарадыррақәеи рыҟәша академик-маӡаныҟәгаҩыс далхуп ақыҭанхамҩатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, УАР аҳәаанырцәтәи алахәыла, апрофессор, ААР академик Лиосик Аиба.
Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум Академиа рнапхгаҩцәа рнаҩс маӡалатәи абжьыҭарала иаларҵеит аҵарауаа – амедицинатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, ААР академик Зураб Амқәаб, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, ААР академик Олег Бӷажәба, ААР Аекологиа аинститут аиҳабы, ААУ апроректор, ААР ҳаҭыр зқу алахәыла Роман Дбар, апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, ААР академик Алықьса Касланӡиа, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, ААР академик Валери Кәарҷиа, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, ААР академик Виачеслав Чрыгба.
Академиа апрезидент Зураб Џьапуа инаҵшьны иазгәеиҭеит апрезидиум ахь ҿыц иалырхыз ҧхьаҟа аус рацәа шырзыҧшу. «Ари баша ҳаҭыр зқәу напынҵа мацарам – Академиа апрезидиум аҿы атәара. Зегьы ишәыдысныҳәалоит, аха усда аӡәгьы дҳартәом, иӡбатәу азҵаарақәа рацәоуп», – иҳәеит Зураб Џьапуа.
Иҟарҵаз аҳәара ала ААР апрезидиум ҳаҭыр зқәу алахәылацәа раҳасабала ииагоуп афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, академик, ААР актәи апрезидент Шьоҭа Арсҭаа, Аҧсны жәлар рпоет, ААР академик Мушьни Лашәриа, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик, ААУ аректор Алеко Гәарамиа.
Амшхәаҧштә иарбаз азҵаарақәа аныхдыркәша ашьҭахь, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААР академик Владимир Занҭариа иқәгылаҿы ажәалагала ҟаиҵеит Академиаҿы иаҧҵазарц аҧсуа бызшәа аиқәырхаразы аексперттә гәыҧ. «Аусбарҭақәа рҿы имаҷӡоуп аҧсшәа ахьуаҳауа. Убри азы игәахәароуп Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҧсшәа ахьыҩныҩуа. Академиа абжьы ӷәӷәаны игалароуп, аексперттә гәыҧ иалало аҧсуа бызшәа апроблема рыбжьы ҿацаӡа иақәдыргар, арезонанс ҟалоит», – иҳәеит иара.
Афилологиатә наукақәа рдоктор, апрофессор, ААР академик Виачеслав Чрыгба иазгәеиҭеит, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа абызшәа аиқәырхаразы ақәҧара аҧхьа ишгылаша.
«Аеталонтә 10-тәи аҧсуа школаҿы иуаҳаӡом аҧсуа бызшәа. Абызшәа ҧшьаала аҿыцәаара иаҿуп. Шьҭахьҟа ҳзымгьежьуа ҳҟалоит. Ирыцҳарахаз, уи аҩыза аҭагылазаашьа ааҳадгылт, ҳхатәы ҳәынҭқарра ашьақәыргылара алшара анҳау аамҭазы. Аинтеллектуалтә елита ҿымҭ итәар, зегьы хыбгалоит», – иҳәеит Виачеслав Чрыгба.
ААР апрезидент Зураб Џьапуа зҿлымҳарала дырзыӡырҩит аҵарауаа зырхьаауаз, дақәшаҳаҭхеит апроблема шактуалтәу, дадгылеит аексперттә гәыҧ аиҿкаара, иагьиҳәеит иҟарҵараны иҟоу ашьаҿақәа ишрылацәажәо иааиуа аилатәарақәа рҿы.
(Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апресс-маҵзура)







