«Нарҭаа ирыхҳәаау аҧсуа епос» аҭҵаамҭеи атекстқәеи рыла ишьақәгылоу амонографиа ҭыҵит. Автор-Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидент, ААР академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Зураб Џьапуа.
Амонографиаҿы ирзааҭгылоуп Кавказ ашьхақәа ирыҧну ажәларқәа рфырхаҵаратә епос «Нарҭаа» ахылҵшьҭра, аепос ажәабжьеиҭаҳәаратә формақәа. Хшыҩзышьҭра рыҭоуп аҧсуаа рнарҭтә епос аҭҵаара иаҵанакуа азҵаарақәа маҷымкәа: атекстқәа ранҵареи, ркьыҧхьреи, рыҭҵаареи рҭоурых, нарҭаа рашәақәа, ражәабжьҳәаҩцәа, арҿиамҭақәа рперсонажцәеи, рсиужетқәеи, рпоетикеи ихадароу рҷыдарақәа. Иара убас аҭҵаамҭаҿы иарбоу ахшыҩҵакқәа шьақәзырҕәҕо, автор игәаанагарақәа зырҵабыргуа ҿырҧштәқәак раҳасабала атекстқәа ацуп. Дара алҧшаауп нарҭаа ирыхҳәаау аҧсуа епос ахаҿсахьатә, асиужет-тематикатә еибаркыра рныҧшуа.
Зураб Џьапуа иҧсҭазаара зегьы нарҭдырра иадҳәалоуп. Хыҧхьаӡара рацәала имоу аусумҭақәа рҟынтәи иаагоу, еиҳа ихадароу ахәҭақәа рыла ишьақәгылоуп амонографиа. Аусумҭа амҽхаки излаҩу абызшәеи рыла, хымҧада, нарҭдырраҿы лагала ҿыцны иҟалоит. Агуманитартә ҭҵаарадыррақәа аҧсышәала иҿиалароуп, ҳәа игәы иаангоит автор. Иахьа нарҭаа репос атематикала иҳамоу аусумҭақәа рҕьырак урысшәалоуп ишҩу. Инеиҵыхны аҧсышәала аҭҵаамҭа хаз шәҟәны раҧхьаӡа акәны аҧхьаҩ иоуеит уҳәар алшоит.
Ашәҟәы рзырхоуп аепос иазҿлымҳау зегьы, афольклорҭҵааҩцәа, аха иаҳагьы иалкааны – агуманитартә занааҭ алызхыз аҧсуа студентцәеи аспирантцәеи. Зураб Џьапуа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы даҧхьоит аҧсуа фырахаҵаратә епос амаҭәар. Убра ихадараны иалоуп Нарҭаа репос ахәҭа. Астудентцәа рзы ицхыраагӡа дуны, ихәарҭаны, арҵаразы иманшәаланы иҟалап ҳәа агәыҕра имоуп Џьапуа. Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи, Д.Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институти, ААУ Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентри агриф ала аҭыжьымҭа Academia аҿы аҭҵаамҭа кьыҧхьын. Атираж 500 цыра ыҟоуп.