АЛАҲӘАРА

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны лаҵарамза 26, асааҭ 11: 00 рзы имҩаԥгахоит Габниа Дифа Назырбеи-иԥҳа афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҵараҩаӡара аиуразы лдиссертациатә усумҭа «Аԥҳәыс лхаҭара аеволиуциа аԥсуа епикатә литератураҿы» (ашифр 5.9.10 – «аԥсуа литература») ахьчара

АԤСУА АКАДЕМИА 25 ШЫҚӘСА АХЫҴРА ИАЗКУ АГӘЫРӶЬАРАТӘ ЕИЛАТӘАРА

Аҧсны Аминистрцәа реилазаара азал хадаҿы имҩаҧысит Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 25 шықәса ахыҵра иазкыз агәырҕьаратә еилатәара. Уи рхы аладырхәит Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар реизара аиҳабы Лаша Ашәба, еиуеиҧшым аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа, аҵарауаа. Иалкааны иҳәатәуп, агәырӷьаратә еилатәара ишалахәыз Аҧсуа академиа адныҳәаларазы Аҧсныҟа иааз асасцәа.