«АҦСУАА ҲДОУҲАТӘ, ҲАТРАДИЦИАТӘ ДУНЕИДКЫЛАШЬЕИ, ААМҬА ҾЫЦИ, АЗИНТӘ СИСТЕМЕИ РЕИЛАСШЬА» атема иалацәажәеит Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы Аекономикеи азини ринститут аҧшьгарала имҩаҧысыз астол гьежь аҿы. Аусмҩаҧгатә иалахәын аҭоурыхи, азиндырреи, афилологиеи, аекономикеи русхкқәа рҿынтәи иреиҕьу аекспертцәа. Амшхәаҧштә аҟны еиларсны иаарҧшын аглобализацеи, атрадициақәеи, азинтә системеи, урҭ реиқәҿыҭреи, реишьашәалареи ҳара ҳҳәынҭқарра азинтә культура ҳаҧхьаҟа анырра ианаҭо. Астол гьежь амодератор, Аекономикеи азини ринститут аиҳабы, азиндырратә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, апрофессор Фатима Камкьиа аиҧылара аартуа иазгәалҭеит ишьҭыху атема ҳтәыла аҧеиҧш азы акыр шаҵанакуа. Аамҭа еиҿанаргылеит ҩ-факторк: амилаҭқәа рдоуҳатә традициақәеи, ркультура амырӡразы аҽазышәарақәеи, ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи ирыдҳәалоу аамҭа иаҳзаанаго аҿыцрақәеи. Апроблема ган рацәала иҭҵааны иӡбамзар, ауаажәларра рыҧсҭазаараҿы аиҿагыларақәа цәырҵыр алшоит, – лҳәеит лара. Фатима Камкьиа лгәаанагарала азеиҧш ҭҵаарадырратә знеишьа аҭахуп арҭ иқәыргылоу апроблемақәа рыӡбараҿы.Ари зыӡбахә ҳәоу аусхк аҿы ишьҭыхтәу хықәкылатәи атемақәа даараӡа ишырацәоу аҳәоит уи иалахәыз ражәахәқәа азгәаҭаны. Аҧсуа политикатә милаҭ аконцепциа далацәажәеит иқәгылараҿы афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Виачеслав Чрыгба. Иара иазгәеиҭеит ҳаамҭазтәи аҧсуа уаажәларраҿы уи уиаҟара хырҩа шамам. Иҳәеит аглобализациа ҳаҽзацәымцаз, уи аҧсуаа уаажәларра анырра шанаҭо. Ас еиҭакрада ицалар, хара имгакәа ҳатрадициатә етикет ықәыӡаар шалшо иҳәеит. Аҧсуара милаҭтә иделогианы еиҵагыло аҿар мариала ишьҭыркаауа иҟаларц азы, акультуратә код ақьаад ахь ииагатәуп. Уи аларҵәара аманы Аҧсуа Шәҟәы иашьагәыҭны иҟалароуп, – ҳәа игәы иаанагоит аҵарауаҩ. Аҧсны Аҭҵаарадырақәа ракадемиа апрезидент, ААР академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Зураб Џьапуа иахьа аполитикатә ҭышәынтәалара, аҧсшәа аҭагылазаашьа, аҧсуаа ҳхыҧхьаӡара, ҳекономика, ҳаҧсабара, амилаҭ ргәабзиара ирызку азҵаарақәа акыр иҵарны ишықәгылоу азгәеиҭеит. Убарҭ зегьы рыӡбара анаука, аҭҵаарадырратә ҧшаарақәа шьаҭас ирымазар шакәу. Аҧсуа академиа аилазаара иаҵанакуеит урҭ азҵаарақәа мҩақәызҵаша аинститутқәа быжьба. Аха макьаназы аҳәынҭқарреи анаукеи зымеицәажәеит, апрогматикатә еизыҟазаашьақәа рызрыбжьамҵеит ҳҳәынҭқарра аразҟы иадҳәалоу азҵаарақәа рышьҭыхраҿы, иҳәеит академик. Иара усгьы иахьатәи адунеи еибаркыра даара ашәарҭара иҭагылоуп, Аҧсны ахьыҧшымра азхазҵаз Урыстәылеи ҳхьыҧшымра азхаҵара акәым, изҵәаҕәарц, ианызхырц зҭаху мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәеи хаха еиҿагылоуп. Ҳара ҳаҩныҵҟатәи амааибрақәа ҳҳәынҭқарра ҵыршәааит, ашәарҭара ду иҭадыргылеит, иҳәеит иара. Џьапуа иазгәеиҭеит ҳҳәынҭқарра анаука, хаҭалагьы Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи уи аинститутқәеи ҿыц блала ирызхьамҧшыр амуа ишыҟоу. Ҳҳәынҭқарраҿы стратегиатә приоритетзароуп аҳәынҭқарреи ауаажәларреи ринтересқәа рзы, урҭ адырра ҿыцқәа рзаҧҵаразы. Аҧсуаа ҳдоуҳатә, ҳатрадициатә дунеидкылашьеи аамҭа ҿыци реиласшьа, рааибышьа азҵаарақәа ирызку аиҧыларақәа рымҩаҧгара хымҧадатәны ибоит ицәырҵуа апроблемақәа рыӡбараҿы. Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы, азиндырраҭтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Диана Ҧлиаҧҳа амилаҭтә ҭынхеи азинтә еиҭакрақәеи дырзааҭгылеит. Лажәақәа рыла, адәнытәи афакторқәа ҳатрадициатә культура ашәарҭара иҭанаргылар алшоит, уи ҟамларц азы атрадициатә нормақәа ҳаамҭа иашьашәало ишыҟаҵатәу азгәалҭеит. Аконституциатә еиҭакрақәа ралагалараан аҭоурх-цивилизациатә знеишьа шаҭаху лҳәеит. Уи иалнаршоит даҽакы иаламҩашьо аҧсуа уаажәларра рҷыдарақәа зныҧшуа азинтә система аҧҵара. Уи аҩыза азнеишьа атрадициақәеи арҿыцрақәеи реиларсра иацхраауеит, – ҳәа илыҧхьаӡоит Ҧлиаҧҳа. Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААР Аҧсуаҭҵааратә институт апрофессор Аслан Аҩӡба иакәзар, иахьа Аҧсны ишьақәгылаз анапхгараҭаратә система, иара аполитикатә система зегьы ааизакны арҭ азҵаарақәа рыӡбара алшаӡом, – ҳәа иҧхьаӡоит. Иахьатәи асистема ахала аҳәынҭқарра ахықәкы инақәыршәаны аус ауӡом. Уи асистема иацхраауа, иахылаҧшуа, ианаҭаху иабжьазго Аинститут Аҧсны иҟамлар, иара ҳҳәынҭқарра ахаҭа ҳәцыӡыр шалшо иҳәеит. Ари азҵаара аӡбараҿы иацтәи абиҧарақәа рҧышәа акыр ишацҳхраауа агәра ганы дыҟоуп Аҩӡба. Абжьаҟазаратә мчык аҳасаб ала аҧсуа жәлақәа рхаҭарнакцәа реизара – аиҭаеизгара, аиҭаҧҵара хымҧадатәны ибоит. Астол гьежь аҳәаақәа ирҭагӡаны ирзааҭгылан аҭҵаарадырратә знеишьақәа рыла арҭ ишьҭыхыз апроблемақәа рыӡбаразы иҵегьы мҩақәас ирбо.










