Март 4, 2015 шықәсазы имҩаҧысит Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа «Адырраҭара» аредколлегиа ҿыц актәи аилатәара.
Аилатәара аартуа, ААР апрезидент З.Џь. Џьапуа иазгәеиҭеит «Адырраҭара» аҭыжьра азырхиараҿы ицәырҵыз азҵаарақәа рылацәажәареи рыӡбареи шхымҧадатәихаз.
ААР академик-маӡаныҟәгаҩ С.М. Бебиа аредколлегиа алахәылацәа иргәалаиршәеит «Адырраҭара» уаанӡатәи аҭыжьымҭақәа рҿы аредакциа азура иазкыз ауаа шыҟамыз. Иара убас иазгәеиҭеит уажәшьҭатәи аҭыжьымҭақәа рҟны уи аформеи аиҿкаашьеи шышьақәыргылатәу, ажурнал иагәылало астатиақәа рыҩаӡара зҿлымҳара шаҭатәу. С.М. Бебиа ажәалагала ҟаиҵеит ажурнал аҧхьатәи адаҟьақәа рҿы «Астатиақәа иргәыло аинформациазы аҭакҧхықәра зду автор иоуп» ҳәа иарбаз аҳәоу амхызарц, ишьақәыргылазарц статиак еицызҩыр ҟало авторцәа рхыҧхьаӡара, урысшәала иҩу астатиақәа англыз бызшәала аннотациа рзыҟаҵаразы дадыҧхьалазарц англыз бызшәа азҟаза.
Аредколлегиа алахәыла, ААР академик Ш.Ҟ. Арсҭаа иҳәеит, зыҩаӡара лаҟәу астатиақәа «Адырраҭара» аҿы, хымҧада, ркьыҧхьра шыҟамло.
Аредакциа-ҭыжьырҭатә ҟәша аиҳабы, ААР алахәыла-корреспондент В.А. Кәаӷәаниа аилатәара иалахәыз ирзеиҭеиҳәеит «Адырраҭара» аусеиҿкаара шымҩаҧысуази ицәырҵуаз ауадаҩрақәеи ртәы.
ААР академик И.А. Екба иазгәеиҭеит, астатиақәа равторцәа ахархәара зырҭо алитератураҿы, астатиа ҳаамҭа иақәшәозарц азы, 30% иреиҵамкәа аҵыхәтәантәи хәышықәса рзы иҭыҵыз аусумҭақәа шаагалатәу. Насгьы аспирантцәа «Адырраҭара» аҿы рыстатиақәа (рыҭҵаарадырратә напхгаҩцәеи дареи еицырыҩуа) ркьыҧхьра ихымҧадатәиу усны ишьақәырӷәӷәазарц. И.А. Екба иҳәеит, статиак еицызҩыз авторцәа рхыҧхьаӡара ҧшьҩык иреиҳахар шыҟамло.
Аредколлегиа аилатәараҿы ирылацәажәан «Адырраҭара» аҭыжьра азырхиаразы иӡбатәу егьырҭ еиуеиҧшым азҵаарақәагьы.
Иазгәаҭатәуп, изаамҭанытәу аҭыжьымҭа акьыҧхь абаанӡа изныкымкәа ишымҩаҧгахо аредколлегиа аилатәарақәа.