АЛАҲӘАРА

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА ирыланаҳәоит 2024/2025-тәи аҵарашықәс азы аспирантурахь адкылара шыҟало абарҭ азанааҭқәа рыла:
  1. «Аԥсны аҭоурых» (07.00.02) – 4 ҭыԥк;
  2. «Аԥсуа литература» (10.01.03) – 1 ҭыԥк;
  3. «Аԥсуа бызшәа» (10.01.03) – 1 ҭыԥк;
  4. «Аекономикеи жәлар рынхамҩа аусбареи» (08.00.05) – 1 ҭыԥк;
  5. «Иаарту азинтә (аҳәынҭқарратә-зинтә) ҭҵаарадыррақәа» – 1 ҭыԥк;
  6. «Ахархәаратә математикеи аинформатикеи» (01.03.02) – 1 ҭыԥк;
  7. «Аԥсабаратә ҭаҵәахқәа (рхыҵхырҭақәа) рзин, аграртә зин, аекологиатә зин» (12.00.06) – 1 ҭыԥк;
  8. «Аентомологиа» (03.00.09) – 1 ҭыԥк.
Аспирантура аҭаларазы арзаҳал ҩтәуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент ихьӡала. Арзаҳал иацҵатәуп анаҩстәи адокументқәа:
  • иреиҳау аҵаразы адипломи уи агәылаҵеи рыхкьыԥхьлаа;
  • азҵаабӷьыц (анкета);
  • аспециалистцәа ҿарацәа рзы изылгаз аҵараиурҭа Аҵаратә хеилак аилатәара аԥкаанҵа агәылҩаа;
  • иалху азанааҭ ала ареферат (кьыԥхь бӷьыцк рҟынӡа) иазԥхьагәаҭоу аҭҵаарадырратә напхгаҩы ихҳәаа ацҵаны;
  • акьыԥхь збахьоу аҭҵаарадырратә усумҭақәеи, анџьнырра-техникатә ԥҵамҭақәеи, аҭҵааратә усура иазку аҳасабырбақәеи рсиа;
  • апатреҭқәа 4 (шәагаала 3х4 иҟоу);
  • амедицинатә ршаҳаҭга № 286-тәи аформа;
Атәылауаҩшәҟәи иреиҳау аҵаразы адипломи хаҭала ицәыргатәуп. Адкыларатә ԥышәарақәа мҩаԥгахоит 2024 шықәса, абҵарамза 4 ԥхынҷкәын 14-нӡа;   Аԥышәарақәа қәҿиарала ирхысыз аспирантура иахыԥхьаӡалахоит 2025 шықәса, ажьырныҳәа 1 инаркны.   Адокументқәа рыдыркылоит 2024 шықәса, цәыббрамза 2 инаркны жьҭаарамза 11-нӡа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәшаҿы абри аҭыӡҭыԥ ала: Академик Марр имҩа, 9; аҭел: 921–80–88; 226–69–76.   ААР аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәша

ААР Д.И. ГӘЛИА ИХЬӠ ЗХУ АԤСУАҬҴААРАТӘ ИНСТИТУТ АНАПХГАРЕИ АКОЛЛЕКТИВИ ГӘАЛСРА ДУЛА АДЫРРА ҞАРҴОИТ ЛЫԤСҬАЗААРА ДШАЛҴЫЗ АҴАРАУАҨ, АҞАЗАРАҬҴААРА АКАНДИДАТ, АҬОУРЫХТӘ ҬҴААРАДЫРРАҚӘА РДОКТОР, АԤСУАҬҴААРАТӘ ИНСТИТУТ АЕТНОЛОГИА АҞӘША АҬҴААРАДЫРРАТӘ УСЗУҨ НАГА МЕРИ МУШЬНИ-ИԤҲА ҲАШБА

М. М. Ҳашба диит мшаԥымза 5, 1937 шықәсазы Аҟәа ақалақь. 1961 шықәсазы далгеит Қарҭтәи аконсерваториа амузыкаҭҵаара ахырхарҭала. 1974 шықәса инаркны акыр шықәса инеиԥынкыланы аус луан Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны. Мери Мушьни-иԥҳа еснагь активла далахәын Аԥсни уи анҭыҵи имҩаԥысуаз еиуеиԥшым Жәларбжьаратәии Зегьыеидгылатәии аҭҵаарадырратә конференциақәа, афорумқәа, апленумқәа. М. М. Ҳашба 1991 шықәсазы Миклухо-Маклаи ихьӡ зху Аетнологиеи Антропологиеи ринститут аҿы илыхьчеит адоктортә диссертациа аҭоурыхҭҵаара ахырхарҭала, 2008 шықәсазы ААР алахәыла-корреспондентс далхын. Мери Мушьни-иԥҳа лыҭҵаарадырра азкын амузыкатә фольклор, амузыкаҭҵаара аҭоурых, аԥсуаа рмузыкатә культура аҭоурых аҭҵаара.

ААР Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт анапхгареи аколлективи гәалсра дула ирыдышшылоит зыԥсҭазаара иалҵыз ҳҵарауаҩ нага, аԥсуа музыкаҭҵааҩ Мери Мушьни-иԥҳа лыуацәеи лҭынхацәеи. Аҵарауаҩ лыҟамзаара даара цәыӡ дууп Аԥсуаҭҵааратә институт аколлективи аԥсуа ҭҵаарадырреи рзы. Мери Мушьни-иԥҳа лгәалашәара наунагӡа иаанхоит ҳгәаҿы. Хашҭра лықәым.

ААР Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт анапхгареи аколлективи