Азҵаара хадақәа рахь ииасаанӡа ААР апрезидент Зураб Џьапуа иколлегацәа адырра риҭеит аҭҵаарадырратә библиотека даҽа монографиак ала ишхаҭәааз «Аҧсны иҟоу Таивантәи адгьылбжьаха амҿтәы ҵиаақәа, урҭ рхархәара аперспективақәа» ҳәа хьӡыс измоу ашәҟәы авторцәас иамоуп ААР апрезидент ихаҭыҧуаҩ, Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик Сергеи Бебиеи, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Иван Титови. Иара убас Ақыҭанхамҩатә институт иҭнажьит ҳтәылазы аперспектива змоу асубтропикатә культурақәа ркаталог. Уа агроааглыхреи аҭҵаарадырреи рзы ихәарҭаны иҟоу еиуеиҧшым ашәырхкқәа рҷыдаҟазшьақәа иаазыркьаҿны иарбоуп.
Аҟәатәи абаҳчатә қыҭанхамҩатә станциа аҧҵара 130 шықәса ахыҵреи Ақыҭанхамҩатә институт 30 шықәса ахыҵреи ирымаданы абҵарамза 13-16 рзы жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа мҩаҧгахоит. Зхаҭабзиара ҳараку аинформациатә буклети аусмҩаҧгатәқәа рыпрограммеи еиқәыршәаны иҭрыжьит.
Зураб Џьапуа иҟаиҵаз аинформациа ала Академиа иҭнажьуа ажурнал «Адырраҭара» ҳазҭоу ашықәсазтәи аномер 14 ҩ-сериак рыла иҭыҵит – агуманитартәи аҧсабаратәи ҭҵаарадыррақәа рхырхарҭала.
Анаҩс амшхәаҧштә азҵаара хадақәа рахь ииасит. Апрезидиум алахәылацәа еицҿакны рыбжьы рҭиит нанҳәа 17 рзы Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аҿы ихьчаз акандидаттәи адоктортәи диссертациақәа рышьақәырҕәҕәаразы. Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидатцәа рдипломқәа рзы Сурам Сақаниа Дмитри Счастны рдиссертациақәа, аҭҵаарадыррақәа рдокторцәа ҳәа Наала Касланӡиеи Сослан Салаҟаиеи русумҭақәа.
Иара убас аиҧылараҿы Аҧсны аҵарауаа ҿарацәа Аҩбатәи рфорум аихшьаалақәа ирзааҭгылан. Аусмҩаҧгатә аиҿкааратә комитет ахантәаҩы, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ААР аспирантура аҟәша аспециалист Адгәыр Цымцба ишазгәеиҭаз ала, ажәахәқәа ртемақәа еиуеиҧшым актуалтә зҵаарақәа ирызкын, иқәгылоз иҳараку аҽазыҟаҵара аадырҧшит. Адокладқәа жәпакы рҿы иарбан аоригиналтә идеиақәеи, аинтерес зҵоу афактқәеи, аконструктивтә ажәалагалқәеи. Агуманитартә, асоциалтәи ауаажәларратәи ҭҵаарадыррақәа, амедицина-биологиатә, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рхырхарҭала аус руан х-секциак. Иааизакны 43 доклад ирзыӡырҩын. Афорум еиднакылеит еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аҭҵаара знапы алазкыз аҿар. Уи ирнаҭаз аҧышәеи адырра ҿыцқәеи ҳаҭҵаарадырра ҧхьаҟа изгаша амҩақәа ралыҧшааразы даҽа шьаҿакны иуҧхьаӡар ҟалоит, ҳәа азгәеиҭеит Цымцба.
Аҵарауаа ҿарацәа рфорум ҩаӡара ҳаракыла имҩаҧысит ҳәа иҧхьаӡоит Аҧсны Аҭҵаарадырақәа ракадемиа апрезидент, ААР академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Зураб Џьапуа, уи аусмҩаҧгатә зхы алазырхәыз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Аиҧылара аҳәаақәа ирҭагӡаны Адиссертациатә хеилакқәа акод рыҭара иазку Аинструкциа рыдыркылеит. Ари аҩыза адокумент раҧхьаӡа акәны еиқәыршәан, аҵарауаа ргәаанагарала, макьана иҵегьы аус адулатәуп.
Атәыла аиҳабыра рыдҵала Аҭҵаарадырақәа ракадемиа аҧсуа жәлақәа рсиа ашьақәыргыларазы апроект аус аднаулоит. Асовет аамҭақәа рзы аҧсуа жәлақәа ақәырҭуа аформа аҭаразы апроцессқәа мҩаҧысуан. Урҭ уаанӡа ишыҟаз ашьақәырҕәҕәаразы акомиссиа аҧҵоуп. Аибашьра ашьҭахьгьы ҳҵарауаа аус здырулоз асиа ҩынтәны иацҵан. Хшыҩзышьҭра рыҭан Ҭырқәтәыла иҟоу аҧсуа диаспораҿы иҟаҵаз аҭаҩрақәагьы. Абасала аҧсуа жәлақәа рсиа ахаҭәаара иаҿуп.
Иара убас апрезидиум аилатәараҿы ААР аҳәаанырцәтәи алахәылацәа алхын. Агуманитартә ҭҵаарадыррақәа рхырхарҭала еицҿакны далырхит аурыс лингвист, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа абызшәадырра аинститут ахада Андреи Кибрик. Ақыҭанхамҩатә ҭҵаарадыррақәа рхырхарҭала – еицырдыруа аҵарауаҩ-агроном, Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент ихаҭыҧуаҩ, ақыҭанхамҩатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Пиотр Чекмариов.






