АЛАҲӘАРА

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны лаҵарамза 26, асааҭ 11: 00 рзы имҩаԥгахоит Габниа Дифа Назырбеи-иԥҳа афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҵараҩаӡара аиуразы лдиссертациатә усумҭа «Аԥҳәыс лхаҭара аеволиуциа аԥсуа епикатә литератураҿы» (ашифр 5.9.10 – «аԥсуа литература») ахьчара

Аекологиа аинститут аҿы имҩаҧысит адиректоррахь акандидат иалхр

Рашәарамза 23 рзы Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Аекологиа аинститут аҿы имҩаҧысит Аинститут адиректоррахь акандидатура алхра. Усеиҧш агәрагара иҭан иахьа-уажәраанӡа аинститут напхгара азҭоз Роман Саид-иҧа Дбар. Адиректор иалхрақәа мҩаҧысраны иҟоуп Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум аилатәараҿ.