АЛАҲӘАРА

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА ирыланаҳәоит 2024/2025-тәи аҵарашықәс азы аспирантурахь адкылара шыҟало абарҭ азанааҭқәа рыла:
  1. «Аԥсны аҭоурых» (07.00.02) – 4 ҭыԥк;
  2. «Аԥсуа литература» (10.01.03) – 1 ҭыԥк;
  3. «Аԥсуа бызшәа» (10.01.03) – 1 ҭыԥк;
  4. «Аекономикеи жәлар рынхамҩа аусбареи» (08.00.05) – 1 ҭыԥк;
  5. «Иаарту азинтә (аҳәынҭқарратә-зинтә) ҭҵаарадыррақәа» – 1 ҭыԥк;
  6. «Ахархәаратә математикеи аинформатикеи» (01.03.02) – 1 ҭыԥк;
  7. «Аԥсабаратә ҭаҵәахқәа (рхыҵхырҭақәа) рзин, аграртә зин, аекологиатә зин» (12.00.06) – 1 ҭыԥк;
  8. «Аентомологиа» (03.00.09) – 1 ҭыԥк.
Аспирантура аҭаларазы арзаҳал ҩтәуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент ихьӡала. Арзаҳал иацҵатәуп анаҩстәи адокументқәа:
  • иреиҳау аҵаразы адипломи уи агәылаҵеи рыхкьыԥхьлаа;
  • азҵаабӷьыц (анкета);
  • аспециалистцәа ҿарацәа рзы изылгаз аҵараиурҭа Аҵаратә хеилак аилатәара аԥкаанҵа агәылҩаа;
  • иалху азанааҭ ала ареферат (кьыԥхь бӷьыцк рҟынӡа) иазԥхьагәаҭоу аҭҵаарадырратә напхгаҩы ихҳәаа ацҵаны;
  • акьыԥхь збахьоу аҭҵаарадырратә усумҭақәеи, анџьнырра-техникатә ԥҵамҭақәеи, аҭҵааратә усура иазку аҳасабырбақәеи рсиа;
  • апатреҭқәа 4 (шәагаала 3х4 иҟоу);
  • амедицинатә ршаҳаҭга № 286-тәи аформа;
Атәылауаҩшәҟәи иреиҳау аҵаразы адипломи хаҭала ицәыргатәуп. Адкыларатә ԥышәарақәа мҩаԥгахоит 2024 шықәса, абҵарамза 4 ԥхынҷкәын 14-нӡа;   Аԥышәарақәа қәҿиарала ирхысыз аспирантура иахыԥхьаӡалахоит 2025 шықәса, ажьырныҳәа 1 инаркны.   Адокументқәа рыдыркылоит 2024 шықәса, цәыббрамза 2 инаркны жьҭаарамза 11-нӡа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәшаҿы абри аҭыӡҭыԥ ала: Академик Марр имҩа, 9; аҭел: 921–80–88; 226–69–76.   ААР аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәша

АФОЛЬКЛОРТӘ МАТЕРИАЛҚӘА ЗНУ 150 КАССЕТА ААУ НАРҬДЫРРЕИ АДӘЫНТӘИ АФОЛЬКЛОРҬҴААРЕИ РЦЕНТР ИАИҬЕИТ ЗУРАБ ЏЬАПУА

Афольклортә материалқәа зну 150 кассета Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аус зуа Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр иаиҭеит Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Зураб Џьапуа. Иара ацентргьы напхгара аиҭоит академик. Акассетақәа ирнуп аҩажәатәи ашәышықәса анҵәамҭа, 1980-тәи ашықәсақәа инадыркны иара даныстудентыз инаркны хаҭала ианиҵоз афольклортә материалқәа. Еиуеиҧшым аҧсуа қыҭақәа рҿы, араионқәа рҿы инхоз абыргцәа Грышьа Аиба, Платон Дбар, Ҳалиҭ Ҟалҕьы, Мышьа Аргәын, Лиуба Џьапуаҧҳа уҳәа аҧсуа традициатә доуҳатә культура ашьаҭа аӡеиҧш издыруаз аҳәабжьҳәаҩцәа хатәрақәа рҳәамҭақәа. Иуҳәар ауеит Зураб Џьапуа зынҵара дахьӡаз аҿаҧыцтә рҿиамҭақәа аҧсуа фольклор аҭҵаараҿы хәы змам материалқәоуп, урҭ рыда ари аусхк еиҳа иҕархон ҳәа.
Арҭ аудионҵамҭақәа рхатәы, иҷыдоу аҭоурых рымоуп. Аҧсны Аџьыньтәылатә еибашьра ианалага, арҭ акассетақәеи, Зураб Џьапуа егьырҭ иусумҭақәеи ралгара залмыршахеит. Аха урҭ ҵакыс ирымаз изныкымкәа иаиҳәахьан ианшьа Руслан Қәҭалиа. Иара акыр аамҭа Аҟәа далаханы дыҟан, игәалашәон арҭ аматериалқәа ҳҭоурых азы ирыҵаркуаз. Идәылганы, уаҩ дахьзымнеиуаз адгьыл иҵаҵаны иҵәахит. Иџьоушьаратәы, дара еиқәхеит уамак ҧырхага рмоукәа. Уажә ааигәа аа-шәҟыкны иҭыҵыз (жәа-томкны ишьақәгылоу) аҭҵаарадырратә академиатә ҭыжьымҭа «Нарҭаа. Аҧсуа фырхаҵаратә епос» атекстқәа рыхәҭак акассетақәа ирну аудионҵамҭақәа рҟынтәи иаагоуп. Арҭ аҧхьатәи аматериалқәа иахьанархыс Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҿы иҟазаауеит. Урҭ аус рыдулара, рыҭҵаара ацентр анапы иануп.
Иазгәаҭатәуп, акассетақәа ирну аматериалқәа зегьы ацифрахь ишиаго. Аҵаруаҩ Виачеслав Чрыгбеи Зураб Џьапуеи ирҩыз кваказҭҵаареи аҧсуаҭҵаареи ирызку апрограмма хаз тематиканы иалоуп аҧсуа фольклор аматериалқәа аус рыдулара. Убри апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аудионҵамҭақәа ақьаад ахь ииагахоит. Академик иажәақәа рыла, арҭ 150 кассета ҩажәа шәҟәы ирызхаша аматериалқәа ргәылоуп.
Аҧсуаа рдоуҳатә, рытрадициатә ркультура, ражәатә, рашәатә, рмузыкатә фольклор аҭҵаара ҳдоуҳазы, ҳҭоурыхтә гәалашәаразы акрызҵазкуа усны дахәаҧшуеит Зураб Џьота-иҧа.