АЛАҲӘАРА

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА ирыланаҳәоит 2024/2025-тәи аҵарашықәс азы аспирантурахь адкылара шыҟало абарҭ азанааҭқәа рыла:
  1. «Аԥсны аҭоурых» (07.00.02) – 4 ҭыԥк;
  2. «Аԥсуа литература» (10.01.03) – 1 ҭыԥк;
  3. «Аԥсуа бызшәа» (10.01.03) – 1 ҭыԥк;
  4. «Аекономикеи жәлар рынхамҩа аусбареи» (08.00.05) – 1 ҭыԥк;
  5. «Иаарту азинтә (аҳәынҭқарратә-зинтә) ҭҵаарадыррақәа» – 1 ҭыԥк;
  6. «Ахархәаратә математикеи аинформатикеи» (01.03.02) – 1 ҭыԥк;
  7. «Аԥсабаратә ҭаҵәахқәа (рхыҵхырҭақәа) рзин, аграртә зин, аекологиатә зин» (12.00.06) – 1 ҭыԥк;
  8. «Аентомологиа» (03.00.09) – 1 ҭыԥк.
Аспирантура аҭаларазы арзаҳал ҩтәуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент ихьӡала. Арзаҳал иацҵатәуп анаҩстәи адокументқәа:
  • иреиҳау аҵаразы адипломи уи агәылаҵеи рыхкьыԥхьлаа;
  • азҵаабӷьыц (анкета);
  • аспециалистцәа ҿарацәа рзы изылгаз аҵараиурҭа Аҵаратә хеилак аилатәара аԥкаанҵа агәылҩаа;
  • иалху азанааҭ ала ареферат (кьыԥхь бӷьыцк рҟынӡа) иазԥхьагәаҭоу аҭҵаарадырратә напхгаҩы ихҳәаа ацҵаны;
  • акьыԥхь збахьоу аҭҵаарадырратә усумҭақәеи, анџьнырра-техникатә ԥҵамҭақәеи, аҭҵааратә усура иазку аҳасабырбақәеи рсиа;
  • апатреҭқәа 4 (шәагаала 3х4 иҟоу);
  • амедицинатә ршаҳаҭга № 286-тәи аформа;
Атәылауаҩшәҟәи иреиҳау аҵаразы адипломи хаҭала ицәыргатәуп. Адкыларатә ԥышәарақәа мҩаԥгахоит 2024 шықәса, абҵарамза 4 ԥхынҷкәын 14-нӡа;   Аԥышәарақәа қәҿиарала ирхысыз аспирантура иахыԥхьаӡалахоит 2025 шықәса, ажьырныҳәа 1 инаркны.   Адокументқәа рыдыркылоит 2024 шықәса, цәыббрамза 2 инаркны жьҭаарамза 11-нӡа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәшаҿы абри аҭыӡҭыԥ ала: Академик Марр имҩа, 9; аҭел: 921–80–88; 226–69–76.   ААР аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәша

АПРЕЗИДИУМ АИЛАТӘАРА

2024 шықәса ҧхынгәымза жәаф рзы имҩаҧысит Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидиум аилатәара. Амшхәаҧштә аҟны ф-зҵаарак ықәгылан.

Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидент, ААР академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Зураб Џьапуа аилатәара иалагаанӡа алаҳәара ҟаиҵеит аҭҵаарадыратә периодика абиблиотека шхаҭәааз даҽа шәҟәык ала. А. Марколиеи П.Тимошенкои рматериалқәа знылаз аҭыжьымҭа адгьылхыхьтәи амикрохәҭаҷқәа еиуеиҧшым аматериалқәа рыцәҟәақәа рмодельҟаҵара иазкуп. Уи афизика-техникатә ҭҵаарақәа русхк азы акрызҵазкуа хҭысны иҧхьаӡоит Џьапуа.

Актәи азҵаара Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Аҟәшақәа 2024 шықәса актәи азбжа иалагӡаны имҩаҧыргаз аҭҵаарадырратә усурақәа ирызкны аинформациатә ҳасабырба иазкын.  ААР академик-маӡаныҟәгаҩ, академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Валентин Кәаҕәаниа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, академиаҿы аҭҵаарақәеи аиҿкааратә усурақәеи мҩаҧысуан апрезидиум ишьақәнарҕәҕәаз Еизаку аплан инақәыршәаны. Уи аплан иазҧхьагәанаҭоит 28 проблема рхы-рҵыхәала 160 хәҭа рыла ишьақәгылоу 120 тема  аус рыдулара.

Аҧсуаҭҵааратә институти Аекономикеи азини ринститути рыҭҵаарадырратә усзуҩцәа шықәсыбжак ахы-аҵыхәала рхы рыладырхәит хаҭала хәралатәии харахаралатәии аформақәа рыла зыҩаӡара ҳараку 70 ҭҵаарадырратә форумқәа инареиҳаны. Акьыҧхь рбеит аҧсышәалеи урысшәалеи иҩу жә-шәҟәыки 59 статиеи.

2024 шықәсазы афизика-математикатәи атехникатәи ҭҵаарадыррақәа рыҟәша аус рыднаулоит 12 хәҭеи жә-темаки рыла ишьақәгылоу 7 проблемак. Урҭ аус рыдулара цоит еиҧҟьарада. Аҟәатәи афизика-техникатә институт ҳазҭагылоу аамҭазы иҭнажьит монографиаки астатиақәа фбеи. Аекологиа аинститут акәзар, акьыҧхь иазнархиеит аусумҭақәа 14.

Амедико-биологиатәи ақыҭанхамҩатәи ҭҵарадыррақәеи Адгьыл иазку аҭҵаарадыррақәеи рыҟәшаҿы иахьазыҳәан аусурақәа мҩаҧысуеит 67 хәҭеи 43 темеи зымҽхазкуа 15 проблема рыкәшамыкәша. Ари аҟәша иаҵанакуа аусбарҭақәа рыхҧагьы – Аексперементалтә паталогиеи атерапиеи ринститут , Аботаникатә институт, Ақыҭанхамҩа аинститут рнапы злаку аҭҵааратә усурақәа зегьы рынагӡара мҩаҧысуеит хьаҳәаҧаҳәада.

Аексперементалтә паталогиеи атерапиеи ринститут аусзуҩцәа 19 усумҭа акьыҧхь иаздырхиеит, урҭ рахьтә 10 ҭыҵхьеит. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы Scopus иаҵанакуа ажурнал ианылақәаз ҩ-статиак, иара убас х-усумҭак кьыҧхьхеит Урыстәыла иатәу ВАК арецензиа иахнажьуа ажурналқәа рҟны.

Аусура хацыркхеит Ақыҭанхамҩа аинститут аофициалтә саит. Сынтәа аусбарҭа 30 шықәса ахыҵреи Аҧсны аграртә ҭҵаарадырра шьақәгылеижьҭеи 130 шықәса аҵреи ирызку Жәларбжьаратәи аиубилеитә конференциа рҽазыҟарҵоит аинститут анапхгареи аусзуцәеи. Акьыҧхь ашҟа ирыҭоуп астатиақәа 30.

Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҟны аҵара рҵоит 15-ҩык аспирантцәеи аҭҵаарадырратә ҩаӡара иашьҭоу аӡәи. Аҳасабырба хыркәшо Валентин Кәаҕәаниа иазгәеиҭеит аҿар реиҵааӡара аус ҩнапыкала ишазнеитәу, Аҧсуа наука аҧеиҧш шыхьчатәу.

Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аспирантурахь изаамҭанытәу адкыларазы аҭыҧқәа шьақәырҕәҕәан   аилатәараҿы. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы аҭҵаарадырратә ҩаӡара ашьҭазаара  ахырхарҭала ҭыҧк. Дықәыргылан Аекологиа аинститут аиҳабы ихаҭыҧуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Роман Ажьиба. Иара ишьҭихыз «Ҳаамҭазтәи Аҧсны амшын аҟәарақәа рморфодинамика» атема даара актуалра амоуп ҳәа азииҧхьаӡоит ААР Апрезидент ихаҭыҧуаҩ, академик, апрофессор, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Ианварби Екба. Аҵарауаҩ иажәақәа рыла зиндатәи аргыларақәа ҧырхага ду арҭоит ҳамшын аҧшаҳәа. Убри аҟнытә акурорттә тәылаҿы ас еиҧш иҟоу аҭҵаарақәа рымҩаҧгара аҵак ду шрымоу азгәеиҭеит Екба. Роман Жьиба акандидаттә диссертациа ахьчаразы хы-шықәса аҿҳәара ирҭеит. Уи аамҭа иахмырҧақәа иара иусумҭа рхианы ирыдигалароуп. Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидент, ААР академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Зураб Џьапуа иазгәеиҭеит уи аус аҟны адгылара ширҭо.

Апрезидиум аилатәараҿы иара убасгьы Аҵарауаа ҿарацәа рхеилак хьыӡҳәалатәи рсиа шьақәырҕәҕәан. Аҧҟаҧҵәеи егьырҭ анормативтә документқәеи ирызкны ААР аҟны иаҧҵоу еснагьтәи акомиссиа ахантәаҩы, академик Анатоли Марколиа иҟаиҵаз адыррақәа рыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иаҵанакуа аинституқәа зегьы рҟынтәи 115-ҩык аҵарауаа ҿарацәа алалоит Ахеилак.

ААР аҧҟаҧҵәа аҧсахрақәа аларгалеит апрезидиум алахәылацәа. «Аҭҵаарадырразы азакәан ҳаиҭахәаҧшны аҧҟаҧҵәа иалаҳгалаша арҿыцрақәа ҳрызнеиуеит», – ҳәа азгәеиҭеит Анатоли Марколиа.  Академиа аусура арманшәаларазы арҭ аиҭакрақәа хымҧадатәны иҧхьаӡоит Зураб Џьапуагьы. Иара иажәақәа рыла, уи аус етап-етапла иазнеитәуп, уи ашьҭахь Аҧсны ахада иусбарҭахь идәықәҵахоит адокумент.

Анаҩс афинанс-економикатә зҵаарақәа рзы Аҭҵарадыррақәа ракадемиа апрезидент ихаҭыҧуаҩ Константин Кациа ААР асистема иаҵанакуа аусзуҩцәа руалафахәы аҧсахразы ажәалагалақәа реиқәыршәара иазку аусуратә гәыҧ аҧҵаразы азҵаара ықәиргылеит аилатәараҿы.  

Апрезидиум аӡбамҭала афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика аҭҵаарадырра  зҽаҧсазтәыз аусзуҩ, апрофессор Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла Адам Гутов ААР аҳәаанырцәтәи алахәылас далхын.

Еицырдыруа алитераураҭҵааҩ Адам Гутов Ҟабарда-Балкариатәи аҭҵаарадырратә центр арҵаҩратә еилазаараҿы иреиҕьу дыруаӡәкны дыҧхьаӡоуп. Уа ҩынҩажәи жәаба шықәсазтәи иусура иалагӡаны амилаҭтә фольклористикеи алитератураҭҵаареи рҿы зыҩаӡара ҳараку специалистны ихы ааирҧшит. 300 инарзынаҧшуа аҭҵаарадырратә, арҵара-методикатә, алитература-критикатә усумҭақәа ркьыҧхьхьеит еиуеиҧшым урыстәылатәии жәларбжьаратәии аҭыжьымҭақәа рҿы. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы амонографиақәа жәба, астатиақәа реизгақәа хҧа, иара убас арҵага шәҟәқәа, арҵаратә программақәеи ацхыраагӡақәеи.

Гутов активла далахәуп Аҧсны аҭҵаарадырратә ҧсҭазаара. Еиуеиҧшым апериодикатә ҭыжьымҭақәа рҿы икьыҧхьын аҧсуа шәҟәыҩҩцәеи, ҳҵарауаа дуқәеи русумҭақәа рзы илитература-критикатә статиақәеи арецензиақәеи. ААР Апрезидент Зураб Џьапуа иажәақәа рыла ҳакадемиа авторитет иацнаҵоит Адам Гутов еиҧш иҟоу аҵарауаа ралахәхара.