АЛАҲӘАРА

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА ирыланаҳәоит 2024/2025-тәи аҵарашықәс азы аспирантурахь адкылара шыҟало абарҭ азанааҭқәа рыла:
  1. «Аԥсны аҭоурых» (07.00.02) – 4 ҭыԥк;
  2. «Аԥсуа литература» (10.01.03) – 1 ҭыԥк;
  3. «Аԥсуа бызшәа» (10.01.03) – 1 ҭыԥк;
  4. «Аекономикеи жәлар рынхамҩа аусбареи» (08.00.05) – 1 ҭыԥк;
  5. «Иаарту азинтә (аҳәынҭқарратә-зинтә) ҭҵаарадыррақәа» – 1 ҭыԥк;
  6. «Ахархәаратә математикеи аинформатикеи» (01.03.02) – 1 ҭыԥк;
  7. «Аԥсабаратә ҭаҵәахқәа (рхыҵхырҭақәа) рзин, аграртә зин, аекологиатә зин» (12.00.06) – 1 ҭыԥк;
  8. «Аентомологиа» (03.00.09) – 1 ҭыԥк.
Аспирантура аҭаларазы арзаҳал ҩтәуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент ихьӡала. Арзаҳал иацҵатәуп анаҩстәи адокументқәа:
  • иреиҳау аҵаразы адипломи уи агәылаҵеи рыхкьыԥхьлаа;
  • азҵаабӷьыц (анкета);
  • аспециалистцәа ҿарацәа рзы изылгаз аҵараиурҭа Аҵаратә хеилак аилатәара аԥкаанҵа агәылҩаа;
  • иалху азанааҭ ала ареферат (кьыԥхь бӷьыцк рҟынӡа) иазԥхьагәаҭоу аҭҵаарадырратә напхгаҩы ихҳәаа ацҵаны;
  • акьыԥхь збахьоу аҭҵаарадырратә усумҭақәеи, анџьнырра-техникатә ԥҵамҭақәеи, аҭҵааратә усура иазку аҳасабырбақәеи рсиа;
  • апатреҭқәа 4 (шәагаала 3х4 иҟоу);
  • амедицинатә ршаҳаҭга № 286-тәи аформа;
Атәылауаҩшәҟәи иреиҳау аҵаразы адипломи хаҭала ицәыргатәуп. Адкыларатә ԥышәарақәа мҩаԥгахоит 2024 шықәса, абҵарамза 4 ԥхынҷкәын 14-нӡа;   Аԥышәарақәа қәҿиарала ирхысыз аспирантура иахыԥхьаӡалахоит 2025 шықәса, ажьырныҳәа 1 инаркны.   Адокументқәа рыдыркылоит 2024 шықәса, цәыббрамза 2 инаркны жьҭаарамза 11-нӡа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәшаҿы абри аҭыӡҭыԥ ала: Академик Марр имҩа, 9; аҭел: 921–80–88; 226–69–76.   ААР аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәша

АРТУР АНШБА ИУСУМҬАҚӘА РЕИЗГА ДАҼА Ҩ-ТОМК ҬЫҴИТ

Кавказдырҩы, афольклорҭҵааҩ, аетнограф, алитератураҭҵааҩ, алитературатә критик, нарҭаа репоси асахьаркыратә литературеи рызҟаза Артур Аншба иусумҭақәа реизга даҽа ҩ-томк ҭыҵит. Ашәҟәыҩҩцәа С.Ҷанбеи М. Лакрбеи ирызку амонографиақәа, аҧсуа литература аизҳазыҕьараҿы  злагала дуу апоетцәи апрозаикцәеи рырҿиара ҳәаақәызҵо аҭҵаамҭақәа, алитература-критикатә статиақәеи арецензиақәеи  агәылалеит ахҧатәи атом. Аҧшьбатәи – М. Лакрба изку амонографиа, аҧсуа литература аҿиараҿы хра злоу азҵаатәқәа шьҭызхуа аҭҵаамҭақәа, аимак-аиҿак ҟазшьа змоу алитератураҭҵааратә статиақәа, арецензиақәа. Аусумҭақәа аҧҵоуп аҧсышәалеи урысшәалеи. Дара аҭыжьымҭақәа ирнылеит ҧсахрак рзымукәа, неиҩымсрада автор ишиҩыз еиҧш,  азгәаҭақәеи ибиографиатә материалқәеи рыцҵаны.

Атомқәа ирхиеит ААР академик-маӡаныҟәгаҩ, академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Валентин Кәаҕәаниа. Апроект автор, аҭакзыҧхықәу аредактор Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидент, ААР академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Зураб Џьапуа. Аҵарауаҩ  агәра ганы дыҟоуп аҭыжьымҭақәа алитератураҭҵааҩцәа, аспирантцәа, астудентцәа, иара убас аҧсуаа рдоуҳатә культура иазҿлымҳау дарбанызаалак рзы ишхәарҭахо.

Апроект автор ишазгәеиҭаз ала, Аҧсуа ҭҵааратә институт аҿы аусура даналага инаркны, аусбарҭа усҟантәи адиректор В. Арӡынба А. Аншба иархив аҿы иҟаз ифольклортә нҵамҭақәа рҭыжьра разырхиара инапы ианиҵеит. Акыр ауадаҩрақәа ацлеит архивтә, атекстологиатә усура уҳәа. Ҩышықәса рышьҭахь ашәҟәы анапылаҩыра рхианы Аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭаҿы инаган. Аха акьыҧхьра нап адыркаанӡа аибашьра алагеит. Аматериалқәа реиҭашьақәыргыларазы акыр аамҭа аҭаххеит, иҟалеит иузмырхынҳәуа ибжьаӡыз аусумҭақәагьы, – ҳәа игәы иаланы иҳәоит Зураб Џьапуа. Анапылаҩырақәеи акассетатә ҭаҩрақәеи рыҧшаареи реиҭашьақәыргылареи имариамыз усын. Зураб Џьапуа акыр шықәса гәыҵхас иман аҭҵаара знапы алаку рзы хәы змаӡамам аматериалқәа гәыгәҭыжьны иахьыҟаз азы. Ииашоуп, иҩымҭақәа зныз хазы ашәҟәқәа маҷымкуа иҭыҵхьан, аха иажәхьан, рхаҭабзиарагьы ҽеимызт. Академик, изныкымкәа иҳәахьан Артур Аншба иусумҭақәа реизга рҭыжьра хымҧадатәны ишыҟоу. Иагьилшеит. Ҩажәи жәохә шықәса раҧхьа ихацыркыз аус қәҿиарала инагӡахеит. Артур Аншба Иусумҭақәа реизга хә-томк рҟынтәи акьыҧхь рбахьеит ҧшьба. 2022 шықәса рзы иҭыҵит ҩ-шәҟәык. Актәи атом адаҟьақәа ирнылеит аҧсуа нарҭтә епос апоетикеи афольклор егьырҭ азҵаарақәеи ирызку иҭҵаамҭақәа. Аҩбатәи иагәылалеит аҵарауаҩ имонографиатә ҭҵаамҭақәа «Аҧсуа фольклори аҵабырги», иара убас ахьӡқәа рарбареи иусумҭақәа рбиблиографиеи.

Артур Аншба иҧсҭазаара ҿахҵәеит 50 шықәса дшырҭагылаз, ирҿиаратә аамҭа 20 шықәса иреиҳамхеит. Аха ус шакәугьы уи иалаигӡаз рацәоуп – аҧсуаа рҿаҧыцтә фольклор аҭҵаареи анҵареи, лымкаалагьы – нарҭаа репос амаӡақәа раартра, асахьаркыратә литература аҭҵаара, акритика азура, арҵага шәҟәқәеи арҵага программақәеи рыҩра, реиқәыршәара, иара убас аҧсуаа рмилаҭтә хақәиҭразы хацәнамырха ақәҧара. Аҧсуа литература апроблемақәеи, афольклортә ҭҵаамҭақәеи ирызку аҵарауаҩ иусумҭақәа иахьа аҭахра рымоуп. Артур Аншба иматериалқәа хәарҭахоит еиҵагыло аҵарауаа ҿарацәа, ашәҟәыҩҩцәа, алитературатә критикцәа рзы.