АЛАҲӘАРА

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны лаҵарамза 26, асааҭ 11: 00 рзы имҩаԥгахоит Габниа Дифа Назырбеи-иԥҳа афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҵараҩаӡара аиуразы лдиссертациатә усумҭа «Аԥҳәыс лхаҭара аеволиуциа аԥсуа епикатә литератураҿы» (ашифр 5.9.10 – «аԥсуа литература») ахьчара

Аурыс политик, аҵарауаҩ Сергеи Бабурин Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҳәаанырцәтәи алахәыла ҳәа ахьӡ ихҵоуп

Рашәарамза 22 рзы имҩаҧысыз Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум аилатәараҿ Урыстәыла аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩ, аҵарауаҩ-зиндырҩы, азиндырратә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Сергеи Николаи-иҧа Бабурин ианашьан Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҳәаанырцәтәи алахәыла идиплом. Сергеи Бабурин Аҧсуа академиа аҳәаанырцәтәи лахәылас далхын ҳазҭоу ашықәс хәажәкырамза 15 рзын имҩаҧысыз ААР апрезидиум аилатәараҿ.