АЛАҲӘАРА

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны лаҵарамза 26, асааҭ 11: 00 рзы имҩаԥгахоит Габниа Дифа Назырбеи-иԥҳа афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҵараҩаӡара аиуразы лдиссертациатә усумҭа «Аԥҳәыс лхаҭара аеволиуциа аԥсуа епикатә литератураҿы» (ашифр 5.9.10 – «аԥсуа литература») ахьчара

ИԤСҬАЗААРА ДАЛҴИТ АԤСНЫ АЕКОНОМИКЕИ АЗИНҬҴААРЕИ РИНСТИТУТ АИҲАБЫ ЗАУР ШЬАЛАШЬАА

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум гәалсра дула адырра ҟанаҵоит иԥсҭазаара дшалҵыз иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ-аекономист, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААР иатәу Аекономикеи азини ринститут адиректор, Аԥсны аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Заур Иван-иԥа Шьалашьаа, иагьрыдышшылоит уи иуацәеи иҭынхацәеи.