АЛАҲӘАРА

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны лаҵарамза 26, асааҭ 11: 00 рзы имҩаԥгахоит Габниа Дифа Назырбеи-иԥҳа афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҵараҩаӡара аиуразы лдиссертациатә усумҭа «Аԥҳәыс лхаҭара аеволиуциа аԥсуа епикатә литератураҿы» (ашифр 5.9.10 – «аԥсуа литература») ахьчара

ИҬЫҴИТ «ААР АДЫРРАҬАРА» 13-ТӘИ АНОМЕР

Акьыԥхь абеит ҳаамҭазтәи аԥсуа наука апериодика хада – Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Адырраҭара «Агуманитартә ҭҵаарадыррақәа» рсериа 13-тәи аномер.

Ишәгәалаҳаршәоит, ААР аҭыжьырҭа «Academia» аҿы есышықәса акьыԥхь збо ажурнал шҭыҵуа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидиум анапхгарала, редактор хадас дшамоу афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик З.Џь. Џьапуа. Аҭакзыԥхықәу редакторцәас ишамоу афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик В.А. Чрыгба, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААР алахәыла-корреспондент И.Д. Анчабаӡе. Ажурнал акьыԥхь иаздырхиоит С.О. Ҳаџьым, Н.С. Барцыц.

Изаамҭанытәу – ААР Адырраҭара «Агуманитартә ҭҵаарадыррақәа» рсериа 13-тәи – аномер еиднакылеит абызшәадырра, алитератураҭҵаара, афольклорҭҵаара, аҭоурыхҭҵаара, аетнологиа, аекономика, аполитологиа рхырхарҭақәа рыла иҩу аҭҵаарадырратә статиақәа.

Ажурнал еснагьтәи рубрикақәаны иҟалеит, уажәтәи аномер аҿгьы ибеианы иаарԥшуп, архивтә ԥшаамҭақәеи адәынтәи анҵамҭақәеи зныло ахәҭақәа. ААР Адырраҭара иагәылалеит аԥсуа ҭҵаарадырра амаҵ азызуа аҵарауаа рықәраныҳәақәеи зыдунеи зыԥсаххьоу аҵарауаа ргәаларшәареи ирызку астатиақәа. ААР Адырраҭараҿы русумҭақәа ркьыԥхьлар рылшоит аԥсуа ҭҵаарадырраҿы ишьақәгылахьоу аҵарауаа хатәрақәа реиԥш, иара убасгьы урҭ рааӡамҭацәа – аспирантцәа. Анаукаҿы раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟазҵо рыстатиақәа ркьыԥхьра иазыԥҵәоуп даҽа ԥҟарақәак. Аԥсуа Академиа аҭҵаарыдарратә журнал авторцәа иреиуахар ҟалоит аҳәаанырцәтәи аҵарауаагьы, аха иркьыԥхьуа аусумҭақәа рҿы, хымԥада, ишьҭыхзароуп аԥсуаҭҵаара, кавказҭҵаара ирыдҳәалоу азҵаарақәа. Еиҳа инарҭбааны аԥҟарақәа шәрыхәаԥшыр шәылшоит номерцыԥхьаӡа ианыло «ААР Адырраҭара авторцәа рзы аинформациа» аҿы.