АЛАҲӘАРА

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны лаҵарамза 26, асааҭ 11: 00 рзы имҩаԥгахоит Габниа Дифа Назырбеи-иԥҳа афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҵараҩаӡара аиуразы лдиссертациатә усумҭа «Аԥҳәыс лхаҭара аеволиуциа аԥсуа епикатә литератураҿы» (ашифр 5.9.10 – «аԥсуа литература») ахьчара

ИМҨАԤЫСИТ АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА АПРЕЗИДИУМ АИЛАТӘАРА

Лаҵарамза 3 рзы имҩаҧысит Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум аилатәара.

Академиа апрезидент Зураб Џьапуа инапхгарала имҩаҧысуаз аилатәара иазҵаара хадақәаны иқәыргылан: Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Академиақәа жәларбжьаратәи рассоциациа алалара; Академиа аспирантцәеи аҵарауаа ҿарацәеи рзы иазҧхьагәаҭоу амаҭәарқәа рхыхь хырхарҭа рацәала адыррақәа роурц азы иаарыҧхьо аҵарауаа рџьабаа ахәҧса ашәара; Академиа аиубилеи иадҳәаланы имҩаҧгаз аҵарауаа ҿарацәа рконференциа аматериалқәа еидызкыло аизга аҭыжьра; Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум анапаҵаҟа Аҵарауаа ҿарацәа рхеилак аҧҵара; Ҳаамҭа иақәҿызҭуа, есааира зыҽзырҿыцуа азҵаарақәа ҭҵаарадырратә блала рыхәаҧшразы, рылацәажәаразы атематикатә стол гьежьқәа реиҿкаара; ес-ҩышықәса аҵарауаа ҿарацәа рконференциа аиҿкаара.

Зураб Џьапуа, Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху аҭҵаарадырразы Аҳәынҭқарратә премиа анашьаразы акомиссиа ахантәаҩы иаҳасабала, аилатәара иалахәыз иреиҳәеит апремиа аиуразы ишалаҵоу аа-усумҭак.

ААР апрезидиум алахәылацәа зҵаарацыҧхьаӡа рхатәы гәаанагара ахҳәааны, аус ишазеиӷьхаша еизааибаганы аӡбамҭақәа рыдыркылеит.