АЛАҲӘАРА

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА ирыланаҳәоит 2024/2025-тәи аҵарашықәс азы аспирантурахь адкылара шыҟало абарҭ азанааҭқәа рыла:
  1. «Аԥсны аҭоурых» (07.00.02) – 4 ҭыԥк;
  2. «Аԥсуа литература» (10.01.03) – 1 ҭыԥк;
  3. «Аԥсуа бызшәа» (10.01.03) – 1 ҭыԥк;
  4. «Аекономикеи жәлар рынхамҩа аусбареи» (08.00.05) – 1 ҭыԥк;
  5. «Иаарту азинтә (аҳәынҭқарратә-зинтә) ҭҵаарадыррақәа» – 1 ҭыԥк;
  6. «Ахархәаратә математикеи аинформатикеи» (01.03.02) – 1 ҭыԥк;
  7. «Аԥсабаратә ҭаҵәахқәа (рхыҵхырҭақәа) рзин, аграртә зин, аекологиатә зин» (12.00.06) – 1 ҭыԥк;
  8. «Аентомологиа» (03.00.09) – 1 ҭыԥк.
Аспирантура аҭаларазы арзаҳал ҩтәуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент ихьӡала. Арзаҳал иацҵатәуп анаҩстәи адокументқәа:
  • иреиҳау аҵаразы адипломи уи агәылаҵеи рыхкьыԥхьлаа;
  • азҵаабӷьыц (анкета);
  • аспециалистцәа ҿарацәа рзы изылгаз аҵараиурҭа Аҵаратә хеилак аилатәара аԥкаанҵа агәылҩаа;
  • иалху азанааҭ ала ареферат (кьыԥхь бӷьыцк рҟынӡа) иазԥхьагәаҭоу аҭҵаарадырратә напхгаҩы ихҳәаа ацҵаны;
  • акьыԥхь збахьоу аҭҵаарадырратә усумҭақәеи, анџьнырра-техникатә ԥҵамҭақәеи, аҭҵааратә усура иазку аҳасабырбақәеи рсиа;
  • апатреҭқәа 4 (шәагаала 3х4 иҟоу);
  • амедицинатә ршаҳаҭга № 286-тәи аформа;
Атәылауаҩшәҟәи иреиҳау аҵаразы адипломи хаҭала ицәыргатәуп. Адкыларатә ԥышәарақәа мҩаԥгахоит 2024 шықәса, абҵарамза 4 ԥхынҷкәын 14-нӡа;   Аԥышәарақәа қәҿиарала ирхысыз аспирантура иахыԥхьаӡалахоит 2025 шықәса, ажьырныҳәа 1 инаркны.   Адокументқәа рыдыркылоит 2024 шықәса, цәыббрамза 2 инаркны жьҭаарамза 11-нӡа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәшаҿы абри аҭыӡҭыԥ ала: Академик Марр имҩа, 9; аҭел: 921–80–88; 226–69–76.   ААР аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәша

ИМҨАҦЫСИТ АҦСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА АПРЕЗИДИУМ ИЗААМҬАНЫТӘИУ АИЛАТӘАРА

2024 шықәса нанҳәамза жәиҧшь рзы имҩаҧысит Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидиум аилатәара. Амшхәаҧштә аҟны ҧшь-зҵаарак ықәгылан. Урҭ рахьтә хҧа-акадртәқәа.

Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор ахьӡ аиуразы адиссертациа ашьақәырҕәҕәарала аилатәара алагеит. Ҳазҭоу ашықәс лаҵарамзазы Аҧсуаҭҵааратә институт аҟны имҩаҧысит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аҧсны афырхаҵа, аҭоурыхҭҵааҩ Асланбек Мирзоев идоктортә диссертациа ахьчара. Атема: «Ачерқьесцәа ртрадициатә арратә культуреи урҭ рыҧсахрақәеи абжьаратәи ашәышықәсқәа раҧхьатәи аамҭақәа инадыркны XX ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа». Аусумҭа ахәшьара азҭо зныктәи аексперттә хеилак аҧҵан. Уи аилазаараҿы иҟан аҭыҧантәи аҵарауаа реиҧш, Нхыҵ-Кавказтәиқәагьы. Аексперттә комиссиа иалахәыз, Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик Валери Кәарҷиа иажәақәа рыла адиссертациа ахьчара аҭҵаарадырратә дискуссиа ҟазшьа аманы имҩаҧысит. Автор ирҭоз азҵаарақәеи, ажәалагалақәеи, азгәаҭақәеи рҭак ҟаҵаны дрыхцәажәеит. Ахеилак иҟанаҵаз алкаала, адиссертациатә ҭҵаара атрадициатә культура аетнологиатә классификациа аҿиараҿы иалкаау лагаланы иуҧхьаӡар алшоит.

Апрезидиум алахәылацәа зегьы еицҿакны Асланбек Мирзоев аетнографиеи, аетнологиеи, антропологиеи рзанааҭ ала аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор ҳәа ахьӡ ианаршьеит.

Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидент, ААР академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Зураб Џьапуа иазгәеиҭеит Асланбек Мирзоев ҳтәылазы ихьанҭаз аамҭақәа раан, зынӡа дышқәыҧшӡазгьы, хатәгәаҧхарала иааз аибашьцәа дышраҧхьагылаз. Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы аиааира агараҿы илагалала дахцәажәеит. Иахьа, аинформациатә еибашьра анцо аамҭазы аҭҵаарадырра ароль ду нанагӡоит, иахьа еиҳагьы иаҭахны иҟоуп аидгылара, еиҳарак анаука аусхк аҿы, ҳәа азгәеиҭеит ААР апрезидент.

Анаҩс  акадртә зҵаарақәа рахь ииасит. Аекономикеи азини ринститут анапхгаҩ ҿыц далырхит. Аекономикеи азини ринститут зегь реиҳа иқәыҧшу анаукатә усбарҭоуп. Апрезидиум аӡбамҭала иаҧҵан 2015 шықәса рзы. 2017 шықәса инаркны 2024 шықәсанӡа еиҳабыс даман Заур Шьалашьаа. Ҳазҭоу ашықәс жәабранмзазы аҵарауаҩ иаамҭамкәа идунеи иҧсахит. Убри инамаданы анапхгаҩ ҿыц иалхра хымҧадатәхеит.

Аинститут аусзуҩцәа реилатәараҿы иҟаҵаз аӡбамҭала адиректор имаҵураҭыҧ ахь акандидат иаҳасаб ала дықәдыргылеит азиндырратә ҭҵарадыррақәа ркандидат, адоцент Фатима Камкьиаҧҳа.

Агуманитартә, асоциалтә, ауаажәларратә ҭҵаарадыррақәа ркафедра академик-маӡаныҟәгаҩ Виачеслав Чрыгба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, Фатима Гәырам-иҧҳа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аус луан 1990 шықәса инаркны 1998 шықәсанӡа. 1996-1997 шықәсқәа рзы Аҧсны аполитикатәи азинтәи ҿиара апрограмма аиқәыршәаразы Аҧсны ахада иҿы еиҿкааз аналиткатә усуратә гәыҧ далахәын. Урыстәыла аҧсабаратә ҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрофессорс дыҟоуп, иара убас Ажәларқәа реиҩызара Урыстәылатәи ауниверститет Шәачатәи афилиал Академиатә хеилак далахәылоуп. Аҭҵаарадырра-педагогигатә усура аҧышәа 30 шықәса инареиҳаны илымоуп. Иааиҧмырҟьаӡакәа Урыстәылатәии арегионалтәии аҭҵаарадырра-методологиатә конференциақәа лхы алалырхәуеит. Лнапы иҵыҵхьеит 50  инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа. Аҧсны аҳәынҭқарра азинтә система ашьақәгылареи аҿиареи ирызку аусумҭақәа жәпакы дравторуп. Иара убасгьы Шәачатәи Иреиҳау азиндырратә ҵараиурҭа аҿиараҿы ллагала рацәоуп.

Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум алахәылацәа рыбжьаҭарала Фатима Камкьиаҧҳа далхын Аҧсны аекономикеи азинқәеи ринститут анапхгаҩыс. Анаҩстәи зҵаараны иахәаҧшит ААР иаҵанакуа даҽа ҩ-институтк реиҳабацәа ралхра. Маӡалатәи абжьаҭарала Аексперименталтә патологиеи атерапиеи ринститут еиҳабыс далхуп аусбарҭа  жәохә шықәса инареиҳаны напхгара азҭоз амедицинатә наукақәа рдоктор, апрофессор Зураб Миквабиа. Иара убас Аботаникатә институт анапхгаҩыс деиҭалхуп ақыҭанхамҩатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Едуард Гәбаз. ААР апрезидент Зураб Џьапуа ишазгәеиҭаз ала арҭ аҭҵаарадырратә структурақәа рҿы апроблемақәа жәпакы макьана иӡбамкәа иаанхоит. Убри аан аинститутқәа рыҭҵаарадырратә усура ахә ҳаракны ишьеит. Џьапуа иажәақәа рыла ахырхарҭа хадақәа рыла аҳәынҭқарра асоциал-економикатә шәарҭадаразы ҳхатәы анаука-технологиатә потенциал ашьҭыхра аҭахны иҟоуп. Ҳамчи ҳалшеи еилаҵаны урҭ азҵаарақәа рыӡбара ҳазнеироуп, – ҳәа азгәеиҭеит ААР апрезидент