АЛАҲӘАРА

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА ирыланаҳәоит 2024/2025-тәи аҵарашықәс азы аспирантурахь адкылара шыҟало абарҭ азанааҭқәа рыла:
  1. «Аԥсны аҭоурых» (07.00.02) – 4 ҭыԥк;
  2. «Аԥсуа литература» (10.01.03) – 1 ҭыԥк;
  3. «Аԥсуа бызшәа» (10.01.03) – 1 ҭыԥк;
  4. «Аекономикеи жәлар рынхамҩа аусбареи» (08.00.05) – 1 ҭыԥк;
  5. «Иаарту азинтә (аҳәынҭқарратә-зинтә) ҭҵаарадыррақәа» – 1 ҭыԥк;
  6. «Ахархәаратә математикеи аинформатикеи» (01.03.02) – 1 ҭыԥк;
  7. «Аԥсабаратә ҭаҵәахқәа (рхыҵхырҭақәа) рзин, аграртә зин, аекологиатә зин» (12.00.06) – 1 ҭыԥк;
  8. «Аентомологиа» (03.00.09) – 1 ҭыԥк.
Аспирантура аҭаларазы арзаҳал ҩтәуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент ихьӡала. Арзаҳал иацҵатәуп анаҩстәи адокументқәа:
  • иреиҳау аҵаразы адипломи уи агәылаҵеи рыхкьыԥхьлаа;
  • азҵаабӷьыц (анкета);
  • аспециалистцәа ҿарацәа рзы изылгаз аҵараиурҭа Аҵаратә хеилак аилатәара аԥкаанҵа агәылҩаа;
  • иалху азанааҭ ала ареферат (кьыԥхь бӷьыцк рҟынӡа) иазԥхьагәаҭоу аҭҵаарадырратә напхгаҩы ихҳәаа ацҵаны;
  • акьыԥхь збахьоу аҭҵаарадырратә усумҭақәеи, анџьнырра-техникатә ԥҵамҭақәеи, аҭҵааратә усура иазку аҳасабырбақәеи рсиа;
  • апатреҭқәа 4 (шәагаала 3х4 иҟоу);
  • амедицинатә ршаҳаҭга № 286-тәи аформа;
Атәылауаҩшәҟәи иреиҳау аҵаразы адипломи хаҭала ицәыргатәуп. Адкыларатә ԥышәарақәа мҩаԥгахоит 2024 шықәса, абҵарамза 4 ԥхынҷкәын 14-нӡа;   Аԥышәарақәа қәҿиарала ирхысыз аспирантура иахыԥхьаӡалахоит 2025 шықәса, ажьырныҳәа 1 инаркны.   Адокументқәа рыдыркылоит 2024 шықәса, цәыббрамза 2 инаркны жьҭаарамза 11-нӡа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәшаҿы абри аҭыӡҭыԥ ала: Академик Марр имҩа, 9; аҭел: 921–80–88; 226–69–76.   ААР аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәша

ИМҨАҦЫСИТ АҦСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА АЗЕИҦШ ЕИЗАРА

2024 шықәса цәыббрамза жәеиза рзы имҩаҧысит Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Азеиҧш еизара. Амшхәаҧштә аҟны фы-зҵаарак ықәгылан. Ҳазҭоу ашықәс лаҵарамзазы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аҧсны афырхаҵа, аҭоурыхҭҵааҩ Асланбек Мирзоев идоктортә диссертациа ихьчеит Аҧсуа ҭҵааратә институт аҟны. Аетнографиеи, аетнологиеи, антропологиеи рзанааҭ ала аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор ҳәа ахьӡ зыршаҳаҭуаз адокумент аҵарауаҩ инапаҿы иҭан. Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидент, ААР академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Зураб Џьапуа иазгәеиҭеит Асланбек Мирзоев ҳтәылазы ихьанҭаз аамҭақәа раан, зынӡа дышқәыҧшӡазгьы, хатәгәаҧхарала иааз аибашьцәа дышраҧхьагылаз.

Иара убас ААР ҳаҭыр зқәу алахәылас ҳәа мшаҧымзазы иалхыз апрофессор, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, амилаҭтә економикеи аҳәынҭқарратә напхгареи рзы Урыстәылатәи Академиа Нхыҵ-Кавказтәи    афилиал анаукатә усзуҩ еиҳабы Муминат Гонова уи зыршаҳаҭуа адиплом лнапаҿы илиҭеит Зураб Џьапуа. Аҵарауаҩ иазгәалҭеит уи лара лзы акыр шаҵанакуа, Аҧсны лыҧсадгьыл еиҧш ишылбо, дшахӡыӡаауа.

Анаҩс ииасын азҵаара хадақәа рышҟа. Аизараҿы ишьақәырҕәҕәан Академиа иаҵанакуа аинститутқәа хҧа реиҳабацәа рышьақәырҕәҕәара.

Аекономикеи азини ринститут анапхгаҩ ҿыцс дшьақәырҕәҕәан азиндырратә ҭҵарадыррақәа ркандидат, адоцент Фатима Камкьиаҧҳа.

Фатима Гәырам-иҧҳа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аус луан 1990 шықәса инаркны 1998 шықәсанӡа. 1996-1997 шықәсқәа рзы Аҧсны аполитикатәи азинтәи ҿиара апрограмма аиқәыршәаразы Аҧсны ахада иҿы еиҿкааз аналиткатә усуратә гәыҧ далахәын. Урыстәыла аҧсабаратә ҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрофессорс дыҟоуп, иара убас Ажәларқәа реиҩызара Урыстәылатәи ауниверститет Шәачатәи афилиал Академиатә хеилак далахәылоуп. Аҭҵаарадырра-педагогигатә усура аҧышәа 30 шықәса инареиҳаны илымоуп. Лнапы иҵыҵхьеит 50  инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа. Аҧсны аҳәынҭқарра азинтә система ашьақәгылареи аҿиареи ирызку аусумҭақәа жәпакы дравторуп.

Аексперименталтә патологиеи атерапиеи ринститут еиҳабыс дшьақәырҕәҕәоуп аусбарҭа  жәохә шықәса инареиҳаны напхгара азҭоз амедицинатә наукақәа рдоктор, апрофессор Зураб Миквабиа. Иара убас Аботаникатә институт анапхгаҩыс – ақыҭанхамҩатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Едуард Гәбаз. Иара уажәшьҭа ҧшьынтәуп аусбарҭа напхгаҩыс далырхуеижьҭе.

ААР Агуманитартәи, асоциалтәи, ауаажәларратәи ҭҵаарадыррақәа рыҟәша академик-маӡаныҟәгаҩс дшьақәырҕәҕәоуп абызшәадырҩы, афилологиатә наукақәа рдоктор, апрофессор ААР академик Виачеслав Чрыгба.

Афилологиатә наукақәа рдоктор, ААР академик Лили Ҳагҧҳа Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум алахәылас далхын азеиҧш еизараҿы.

Анаҩс, Аҧҟаҧҵәеи егьырҭ анормативтә документқәеи ирызку еснагьтәи ААР акомиссиа ахантәаҩы, атехникатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик Анатоли Мароколиа аҵарауаа ҿарацәа Рхеилак иазку Аҧҟара ашьақәырҕәҕәара азҵаара дазааҭгылеит. Ахеилак азеиҧш ҧҟарақәеи, уи аилазаареи, аиҿкаашьеи дрылацәажәеит. Марколиа иажәақәа рыла, аҵарауаа ҿарацәа ринтересқәа рыдгылара, аҭҵаарадырратә проектқәа рынагӡараҿы ацхыраара рыҭара, аконференциақәа, афорумқәа,асеминарқәа, егьырҭ аусмҩаҧгатәқәа уҳәа реиҿкаара – Ахеилак анаҧынҵа хадақәа иреиуоуп. Адокумент инақәыршәаны аҵарауаа ҿарацәа ирхыҧхьаӡалоуп ҩынҩажәа шықәса ирҭымсыц, аҭҵаара знапы алаку, ААР иаҵанакуа аҭҵаарадырратә усбарҭақәа русзуҩцәа. Ахеилак аҧҵахоит абаҩхатәра злоу аҿар аҭҵаарадырратә усурахь радыҧхьалареи, атәыла аҭҵаарадырратә потенциал аҿиараҿы урҭ ралахәхара аизырҳареи, ҳаамҭазтәи аҭҵаарадырратә политика ашьақәгылареи рзы. Анатоли Марколиа иажәақәа рыла, ари аструктура Аҧсны аҵарауаа ҿарацәа ирзеиҧшу апроблемақәа ралкаареи реилыргареи ирзырхазаауеит.