АЛАҲӘАРА

Аҭҵаарадырразы Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиазы Акомиссиа апремиа аиуразы аконкурс шаарту рыланаҳәоит. Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ранашьахоит агуманитартәи аԥсабаратәи ҭҵаарадыррақәа рҿы иалкаахаз, ауаажәларратә зхаҵара ҭбаа зауз, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭҵаарадырра аҿиараҿы лагала дуны иҟалаз аусумҭақәа. Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы иқәыргылазарц алшоит: хаҭалатәи авторцәа рмонографиатә усумҭақәеи аколлективтә монографиақәеи; анаукатә комментариқәеи иҷыдоу аҭҵаарадырратә аппарати зцу ҿырҳәалатәии ҩыралатәии ахыҵхырҭақәеи академиатә жәарқәеи ифундаменталтәу томрацәалатәи рҭыжьымҭақәа; иреиҳау аҵараиурҭақәа рзы иоригиналтәу, авторцәа рхаҭақәа ртеориатәи рексперименталтәи ҭҵаарақәа шьаҭас измоу, арҵага шәҟәқәа. Аҳәынҭқарратә премиазы иқәыргылазар ҟалоит аҵыхәтәантәи хышқәса рыла (2023–2025 шш.) акьыԥхь збахьоу аусумҭақәа. Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы аусумҭақәа рықәыргылара азин рымоуп аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә усбарҭақәеи аиҳабыратә ҵараиурҭақәеи рколлективқәа. Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы Акомиссиа аусумҭақәа аднакылоит 2026 шықәса, жәабранмза (февраль) 1 инаркны рашәарамза (ииун) 1-нӡа абри аҭыӡҭыԥ ала: Аҟәа ақ., акад. Н.И. Марр имҩа, 9, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа Акомиссиа. Аконкурс алахәхаразы иаҭаху адокументқәа:
  • аҳәынҭқарратә премиа ашьҭазааҩ инысымҩа;
  • аусурҭа аҟнытә иҟазшьарба;
  • акьыԥхь збахьоу иусумҭақәа рсиа;
  • атәылауаҩшәҟәы ахкьыԥхьлаа;
  • дықәзыргыло аусбарҭа ахеилак аилатәараҿы ирыдыркылаз аԥкаанҵа агәылҩаа;
  • иқәыргылахо аусумҭа (хә-екземплиарк);
  • аусумҭа ықәзыргыло аусбарҭа аҟынтә амҩақәҵаратә шәҟәы.
Ишәызцәырҵуа азҵаарақәа зегьы реилкаара шәылшоит абарҭ аҭелқәа рыла: +7(940)728-03-44; +7(840)226-77-13. Аҭҵаарадырразы Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа анашьаразы Акомиссиа

ИМАҨАҦЫСИТ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА ИЗААМҬАНЫТӘИУ АИЛАТӘАРА

Нанҳәамза 13, 2025 шықәса рзы имҩаҧысит Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аилатәара. Азҵаара хадақәа рахь ииасаанӡа ААР апрезидент Зураб Џьапуа иколлегацәа адырра риҭеит аҭҵаарадырратә библиотека шхаҭәааз аусумҭа ҿықәа рыла. «Кавказ аҵиаақәа рбиохкырацәара реизырҳареи рхылаҧшреи рҿы Аботаникатә баҳчақәа рроль» захьӡу аизга ианылеит Аҟәатәи Аботаникатә баҳча 185 шықәса ахыҵреи, Аҟәатәи адендропарк 130 шықәса ахыҵреи ирымаданы имҩаҧысыз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа аматериалқәа. Иара убас еицырдыруа ашәҟәыҩҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААР академик, Д.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа анапхгаҩы Владимир Занҭариа ироман «Дверь, приоткрытая во вчера». Уа еиҭаҳәоуп иара автор хаҭала дызлагылаз, аҩажәатәи ашәышықәса ахҧатәи ахәҭаҿы Аҧсны аҭоурых аҿы еилашуаз ахҭысқәа. Анаҩс ииасит азҵаара хадақәа рахь. ААР алахәыла-корреспондент, апрофессор, амедицинатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Лали Кәаҕәаниа ажәалагала ҟалҵеит лара лҵаҩы Сариа Адлеиҧҳаи лареи аус здырулоз амонографиа ААР агриф ала аҭыжьразы. Амедицинатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аҳақьым-онколог, Амилаҭҭтә онкологиатә центр ахимиотерапиа аҟәша аиҳабы Сариа Адлеиҧҳа аҵыхәтәантәи бжьы шықәса аус адылулон акьатеиқәеи ацеи рҿы иаанахәо лассы иуҧымло ашәрақәа ицәырыго ауадаҩрақәеи урҭ рыхәышәтәреи рҿы ахәшә ҿыцқәа иаашаны рхәархәареи рыҭҵаара. Лали Кәаҕәаниа еиҭалҳәеит аҭҵаарақәа рымҩаҧгааран иарбан методқәоу рхы иадырхәоз, илҳәеит ас еиҧш ҟоу акьыба чымазара хкқәа уиаҟара иахьырацәамаз азы, уи иадҳәалоу аҭҵаамҭақәагьы маҷуп ҳәа. Апрофессор лажәақәа рыла ари анаукатә монографиа аҳақьымцәа рыпрофессионалтә ҩаӡара ашьҭыхреи, апрактикаҿы урҭ адыррақәа раларҵәареи рзы ицхыраагӡа дуны иҟалар шалшо. Аилатәараҿы Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҳәаанырцәтәи алахәылас ҳәа лыхьӡ ҳәан еицырдыруа аҵарауаҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, апедагогикатә ҵара Жәларбжьаратәи академиа алахәыла-корреспондент, М.Горки ихьӡ зху Адунеитә литература Аинститут (ИМЛИ) аҟны иҟоу «Аурыс литературеи ақьырсиантә литературеи» рцентр анапхгаҩы Марина Шьербакова. Уи азы ажәалагала ҟазҵаз Владимир Занҭариа ишазгәеиҭаз ала, Марина Шьербакова 30 шықәса иреиҳаны аҧсуа-аурыс ҭҵаарыдрратә еимадарақәа рырҕәҕәара, рымҽхак арҭбаара дазааҧсоит. Лара илыбзоураны иаларҵәахеит иуникалтәу х-томкны иҟоу аҭоуырхтә-литературадырратә, аҟазарҭааҵаратә проект ду «Абхазия в русской словесности». Изныкымкәа имҩаҧылгахьеит астол гьежьқәа аурыс-аҧсуа ҭҵаарадырратә проблематика еиуеиҧшым аспектқәа ирызкны. Иара убас лара дзеиҳабу Ацентр хшыҩзышьҭра ду рнаҭоит аурыс-аҧсуа сахьаркыратә еиҭагара аҧышәа ду аҭҵаара. Аҧсуа ҵарауаа рколлега лзы еицҿакны рыбжьы рҭиит. Анаҩс апрезидиум алахәылацәа аӡбамҭа рыдыркылеит Аҧсны ахада иҟны иаҧҵоу Астратегиатә ҭҵарадыррақәа рцентр ААР асистемахь аиагаразы. Уи азы аҳәынҭқарра ахада ишҟа ашәҟәы нашьҭхоит. Аҵыхәтәантәи аӡбамҭа идикылоит атәыла ахада. Аилатәараҿы убасгьы иазааҭгылеит аҭҵаарадырратә усбарҭақәа русзуҩцәа руалафахәқәа рызҵаара. Аҭҵаарадырратә институтқәа ажәалагалақәа ҟарҵеит, аусзуҩцәа рџьаҧсақәа реиҟәыҭхаразы, рзанааҭдырреи, русура ауадаҩреи, амҽхаки инарықәыршәаны рыҩаӡарақәа рышьақәыргылара азҧхьагәаҭаны еиқәдыршәеит апроектқәа.