АЛАҲӘАРА

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны лаҵарамза 26, асааҭ 11: 00 рзы имҩаԥгахоит Габниа Дифа Назырбеи-иԥҳа афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҵараҩаӡара аиуразы лдиссертациатә усумҭа «Аԥҳәыс лхаҭара аеволиуциа аԥсуа епикатә литератураҿы» (ашифр 5.9.10 – «аԥсуа литература») ахьчара

ЛЫԤСҬАЗААРА ДАЛҴИТ АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА АКАДЕМИК ЗИНАИДА ВСЕВОЛОД-ИԤҲА ШЕВЦОВА

94 шықәса дшырҭагылаз лыҧсҭазаара далҵит Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, амедицинатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Зинаида Всеволод-иҧҳа Шевцова. 

Зинаида Шевцова адунеи аҿы зыхьӡ рдыруа ҵарауаҩын. Лара илаартымҭаны аҭҵаарадырраҿы, адунеитә медицинаҿы инхеит ахархәара ду зауз авирус “Аҟәа-64” ҳәа. Аҵарауаҩ хырхарҭа хаданы илыман ауаҩи амаамыни рцәа иалоу авирустә инфекциақәа рыҭҵаара. 

Зинаида Всеволод-иҧҳа 160 ҭҵаарадырратә кьыҧхьымҭа дравторын. Лара лнапхгарала ихьчан доктортә диссертациаки акандидаттә диссертациақәа хҧеи. 

Аҵарауаҩ илбахьаз аџьабаазы иланашьан хыҧхьаӡара рацәала аорденқәеи амедалқәеи. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы Ахьӡ-аҧша аорден ахҧатәи аҩаӡара. Лхатә ҧсҭазаараҿы Зинаида Шевцова абаагәареиҧш длывагылан лара леиҧшҵәҟьа зыхьӡи зхыҧшеи ыҟаз аҵарауаҩ, шықәсқәак раҧхьа зыҧсҭазаара иалҵыз Баркаиа Владимир Спиридон-иҧа. 

Зинаида Всеволод-иҧҳа адунеитә ҭҵаарадырраҿы, аҧсуа ҭҵаарадырраҿы лыхьӡ хашҭра ақәымкәа иазынхоит.