АЛАҲӘАРА

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА ирыланаҳәоит 2024/2025-тәи аҵарашықәс азы аспирантурахь адкылара шыҟало абарҭ азанааҭқәа рыла:
  1. «Аԥсны аҭоурых» (07.00.02) – 4 ҭыԥк;
  2. «Аԥсуа литература» (10.01.03) – 1 ҭыԥк;
  3. «Аԥсуа бызшәа» (10.01.03) – 1 ҭыԥк;
  4. «Аекономикеи жәлар рынхамҩа аусбареи» (08.00.05) – 1 ҭыԥк;
  5. «Иаарту азинтә (аҳәынҭқарратә-зинтә) ҭҵаарадыррақәа» – 1 ҭыԥк;
  6. «Ахархәаратә математикеи аинформатикеи» (01.03.02) – 1 ҭыԥк;
  7. «Аԥсабаратә ҭаҵәахқәа (рхыҵхырҭақәа) рзин, аграртә зин, аекологиатә зин» (12.00.06) – 1 ҭыԥк;
  8. «Аентомологиа» (03.00.09) – 1 ҭыԥк.
Аспирантура аҭаларазы арзаҳал ҩтәуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент ихьӡала. Арзаҳал иацҵатәуп анаҩстәи адокументқәа:
  • иреиҳау аҵаразы адипломи уи агәылаҵеи рыхкьыԥхьлаа;
  • азҵаабӷьыц (анкета);
  • аспециалистцәа ҿарацәа рзы изылгаз аҵараиурҭа Аҵаратә хеилак аилатәара аԥкаанҵа агәылҩаа;
  • иалху азанааҭ ала ареферат (кьыԥхь бӷьыцк рҟынӡа) иазԥхьагәаҭоу аҭҵаарадырратә напхгаҩы ихҳәаа ацҵаны;
  • акьыԥхь збахьоу аҭҵаарадырратә усумҭақәеи, анџьнырра-техникатә ԥҵамҭақәеи, аҭҵааратә усура иазку аҳасабырбақәеи рсиа;
  • апатреҭқәа 4 (шәагаала 3х4 иҟоу);
  • амедицинатә ршаҳаҭга № 286-тәи аформа;
Атәылауаҩшәҟәи иреиҳау аҵаразы адипломи хаҭала ицәыргатәуп. Адкыларатә ԥышәарақәа мҩаԥгахоит 2024 шықәса, абҵарамза 4 ԥхынҷкәын 14-нӡа;   Аԥышәарақәа қәҿиарала ирхысыз аспирантура иахыԥхьаӡалахоит 2025 шықәса, ажьырныҳәа 1 инаркны.   Адокументқәа рыдыркылоит 2024 шықәса, цәыббрамза 2 инаркны жьҭаарамза 11-нӡа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәшаҿы абри аҭыӡҭыԥ ала: Академик Марр имҩа, 9; аҭел: 921–80–88; 226–69–76.   ААР аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәша

МШАԤЫМЗА 17 РЗЫ АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИАҾЫ ИМҨАԤЫСИТ АКАДЕМИА АПРЕЗИДИУМ ИЗААМҬАНЫТӘУ АИЛАТӘАРА

Мшаԥымза 17 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы имҩаԥысит Академиа апрезидиум изаамҭанытәу аилатәара. Уи аҟны иахәаԥшын аиашьаратә абазатә жәларқәа рхаҭарнакцәа иреиуоу, хҩык аҵарауаа Аҭҵарадыррақәа ракадемиа ҳаҭыр зқәу алахәылаҩцәас ралхра азҵаара.

Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аилатәара амшхәаԥштә аҿы ицәырган азҵаарақәа ԥшьба. Апрезидиум аусура хацыркын урҭ рахьтә еиҳа ихадараз – ААР ҳаҭыр зқәу алахәылаҩцәа ралхразы акандидатурақәа хԥа рыхәаԥшрала. Аҵарауаа ирыдгалоу акандидатурақәа ахԥагьы иаԥсоу ракәны иҟоуп иҳәеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа, апрезидиум аилатәара аартуа. Академик иажәақәа рыла, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Пиотр Чекалови, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, апрофессор Сергеи Пазови, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, апрофессор Муминат Гоновеи аҭҵаарадырра аус аҿы аихьӡара дуқәа змоу, аџьабаа рацәаны избахьоу ҵарауаауп. Хҩык аҳәаанырцәтәи аҵарауаа Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ралаҵара ихҭыс дуны исыԥхьаӡоит ҳәа азгәаиҭеит ААР апрезидент Зураб Џьапуа. Абаза жәлари аԥсуааи ҭоурыхла, дацла-ԥашәла ҳаиларсуп, аусеицура бзиа ҳабжьоуп. Арҭ аҵарауаа ҳфорумқәеи ҳаҭҵаарадырратә конференциақәеи ирылахәуп, ҳҵарауааи дареи аимадара ӷәӷәақәа рыбжьоуп. Убри аҟынтә академиа ралаҵара аҵак ҷыда аманы исыԥхьаӡоит иҳәеит Зураб Џьапуа. 

Аҳәаанырцәтәи аҵарауаа хҩык ААР ҳаҭыр зқәу алахәылаҩцәас ралхразы маӡалатәи абжьыҭарахь ииасаанӡа, акандидатцәа зегьы хаҭа-хаҭалатәи рнысымҩа иазааҭгылан. Академик Валентин Кәаӷәаниа, Ҟарачы-Черкессктәи аҵарауаҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Пиотр Чекалов дизааҭгыло иҳәеит, иара зыхьӡ нагоу ҵарауаҩны дшыҟоу. Иҭҵаарадырратә усумҭақәа рызкуп аҩажәатәи ашәышықәса иаҵанакуа аурыс литературеи абаза литературеи. Ҳаамҭазы, Хапсироков ихьӡ зху, агәыҳалалратә ҭҵаарадыррақәа ирызку Ҟарачы-Черкессктәи аинститут, Ҟарачы-Черкессктәи ажәларақәа рлитература аҟәша даусзуҩуп. 2019 ш. рзы Пиотр Чекалови ААР апрезидент, академик З. Џьапуеи аус еицадырулеит, иагьҭрыжьит «А. Н. Генко иабазатә материалқәа» захьӡыз аусумҭа ду. Имоуп хышә инареиҳаны арҵара-методикатә кьыԥхьымҭақәа, ҩажәа шәҟәы дравторуп, инапы иҵыҵхьеит жәабала амонографиақәа. 

Иара убасгьы аҵарауаа рыбжьы ирҭарц азы иӡбахә ҳәан афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Ҟарачы-Черкессктәи аҳәынҭқарратә университет абаза бызшәеи, ачеркессктә филологиеи ркафедра апрофессор, абызшәаҭҵааҩы, Ҟарачы-Черкессктәи ажәларқәа рбызшәа аҭҵаара ацентр аиҳабы Сергеи Пазов. Уи икандидатура далацәажәо, академик Лили Ҳагба иазгәалҭеит, Сергеи Пазов иԥсҭазаара зегьы шазикыз абызшәа аҭҵаара. Иара ихатәроу, зыҩаӡара ҳаракӡоу лингвиступ лҳәеит академик.

ААР ҳаҭыр зқәу алахәылаҩ ҳәа ахьӡ лыхҵаразы лыӡбахә ҳәан аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, апрофессор, Нхыҵ-Кавказтәи аҳәынҭқарратә институт иаҵанакуа, жәлар рынхамҩа Урыстәылатәи академиа аусзуҩ еиҳабы Муминат Гонова. Уи лыҭҵаарадырратә мҩаҿы лааԥсарақәеи леихьӡарақәеи ртәы еиҭеиҳәеит академик, ААР апрезидент ихаҭыԥуаҩ, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Ианварби Екба. Муминат Гонова еицырдыруа ҵарауаҩуп, аекономикатә-џьырмыкьатә парадигмақәа рхархәара иазкны ифундаменталтәу аусумҭақәа рҿы лыҭҵаарадырратә лагала ахә ашьара уадаҩуп. Дравторуп шәкы инаиреиҳаны аусумҭақәа, урҭ реиҳарак ҭҵаарадырратә монографиақәоуп.

Адгалара-абжьгаратә хцәажәарақәа рнаҩс акандидатцәа ахҩыкгьы ААР ҳаҭыр зқәу алахәылаҩцәас ралхразы маӡалатәи абжьыҭарахьы ииасын. Уи алҵшәақәа рыла еилкаахеит, аԥсуа ҵарауаа аиашьаратә республика аҟынтәи рколлегацәа еицҿакны рыбжьы шрырҭаз.

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум аилатәараҿы ирыхәаԥшын егьырҭ азҵаарақәагьы.