АЛАҲӘАРА

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА ирыланаҳәоит 2024/2025-тәи аҵарашықәс азы аспирантурахь адкылара шыҟало абарҭ азанааҭқәа рыла:
  1. «Аԥсны аҭоурых» (07.00.02) – 4 ҭыԥк;
  2. «Аԥсуа литература» (10.01.03) – 1 ҭыԥк;
  3. «Аԥсуа бызшәа» (10.01.03) – 1 ҭыԥк;
  4. «Аекономикеи жәлар рынхамҩа аусбареи» (08.00.05) – 1 ҭыԥк;
  5. «Иаарту азинтә (аҳәынҭқарратә-зинтә) ҭҵаарадыррақәа» – 1 ҭыԥк;
  6. «Ахархәаратә математикеи аинформатикеи» (01.03.02) – 1 ҭыԥк;
  7. «Аԥсабаратә ҭаҵәахқәа (рхыҵхырҭақәа) рзин, аграртә зин, аекологиатә зин» (12.00.06) – 1 ҭыԥк;
  8. «Аентомологиа» (03.00.09) – 1 ҭыԥк.
Аспирантура аҭаларазы арзаҳал ҩтәуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент ихьӡала. Арзаҳал иацҵатәуп анаҩстәи адокументқәа:
  • иреиҳау аҵаразы адипломи уи агәылаҵеи рыхкьыԥхьлаа;
  • азҵаабӷьыц (анкета);
  • аспециалистцәа ҿарацәа рзы изылгаз аҵараиурҭа Аҵаратә хеилак аилатәара аԥкаанҵа агәылҩаа;
  • иалху азанааҭ ала ареферат (кьыԥхь бӷьыцк рҟынӡа) иазԥхьагәаҭоу аҭҵаарадырратә напхгаҩы ихҳәаа ацҵаны;
  • акьыԥхь збахьоу аҭҵаарадырратә усумҭақәеи, анџьнырра-техникатә ԥҵамҭақәеи, аҭҵааратә усура иазку аҳасабырбақәеи рсиа;
  • апатреҭқәа 4 (шәагаала 3х4 иҟоу);
  • амедицинатә ршаҳаҭга № 286-тәи аформа;
Атәылауаҩшәҟәи иреиҳау аҵаразы адипломи хаҭала ицәыргатәуп. Адкыларатә ԥышәарақәа мҩаԥгахоит 2024 шықәса, абҵарамза 4 ԥхынҷкәын 14-нӡа;   Аԥышәарақәа қәҿиарала ирхысыз аспирантура иахыԥхьаӡалахоит 2025 шықәса, ажьырныҳәа 1 инаркны.   Адокументқәа рыдыркылоит 2024 шықәса, цәыббрамза 2 инаркны жьҭаарамза 11-нӡа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәшаҿы абри аҭыӡҭыԥ ала: Академик Марр имҩа, 9; аҭел: 921–80–88; 226–69–76.   ААР аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәша

ПИОТР ЧЕКАЛОВ ААР ҲАҬЫР ЗҚӘУ АҲӘААНЫРЦӘТӘИ АЛАХӘЫЛА ҲӘА АДИПЛОМ ИАНАШЬАН

Ҳазҭоу ашықәс мшаҧымза жәибжь рзы х-ҩык абаза ҵарауаа ААР апрезидиум аӡбамҭала аҳәаанырцәтәи алахәылацәас иалхын. Убарҭ руаӡәк, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Пиотр Чекалов ҳтәылаҿы иҟазаара иалагӡаны уи ахьыӡ ҳаракы зыршаҳаҭуа адиплом инапаҿы иҭан. Ари анапынҵа ҳаиҩызаратә еимадарақәа еихазҳауа ак акәны ишыҟало агәра ганы дыҟоуп Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидент, ААР академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Зураб Џьапуа.
Нхыҵ-Кавказ иреиҕьу аҵарауаа иреиуоу Пиотр Чекалов имоуп хышә инарзынаҧшуа аҭҵаарадырратә усумҭақәа, арҵара-методикатә публикациақәеи аҭыжьымҭақәеи, урҭ рахьтә ҩажәа инарзынаҧшуа ашәҟәқәа, амонографиақәа, арҵаратә цхыраагӡақәа. Пиотр Константит-иҧа Аҧсны анаукатә ҧсҭазаара активла далахәуп, аҧсуа ҵарауааи иареи аимадарақәа рыбжьоуп. Инапы иҵыҵхьеит ҳтәыла иадҳәалоу, ҳажәларқәа еицырзеиҧшны актуалра змоу апубликациақәа жәпакы. Џьапуа иазгәеиҭеит Чекалови иареи аамҭак азы аусеицура ирыбжьаз иалҵшәаны 2019 шықәса рзы еицырдыруа Урыстәылатәи кавказдырҩы, алингвист, аҭоурыхҭҵааҩ, афольклорист Анатоли Генко абазатә фольлор иадҳәалоу иуникалтәу иматериалқәа еиқәыршәаны рҭыжьра шалыршахаз. «А. Генко иабазатә материалқәа» ҳәа хьӡыс изауз ашәҟәы абаза филологиазы акрызҵазкуа усумҭаны иҧхьаӡоит академик.
Абызшәадырҩы ҩажәи жәаф шықәса иреиҳаны Ставропольтәии Ставропольтәи атәылаҿацәии иреиҳау аҵараиурҭақәа рҿы арҵаҩратә усура инапы алакуп. Иара идыррақәа анаукахь имҩахыҵуа афилологцәеи алитератураҭҵааҩцәеи рзы ихәарҭаны ишыҟало азгәаҭан аиҧылараҿы. Ажәалагала ҟаҵан аҧсуа студентцәа рзгьы алекциақәа мҩаҧигаларц. Чекалов иазгәеиҭеит уи иара изы ҳаҭыр дуны ишыҟо, иҳәеит акыр шықәса раахыс инапы злаку аус гәахәара дула ишрыцеиҩишо ҳастудентцәа. ААР аҳаҭыр зқәу алахәылацәа ҳәа ралхра, иколлегацәа Сергеи Пазови, Муминат Гоновеи рыхьӡалагьы иҭабуп ахиҳәааит.
Ҳашьцәа абазақәеи ҳареи еснагь ацҳа ҳабжьан, иахьатәи ахҭыс ҳаимадарақәа иҵегьы ишыҕәҕәахо аршаҳаҭуеит, – ҳәа азгәеиҭеит ААР академик-маӡаныҟәгаҩ, академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Валентин Кәаҕәаниа. Академик Зураб Џьапуа игәаанагарала, аҭҵаарадырра анаҩсангьы, урҭ аимадарақәа еихаҳалатәуп егьырҭ ахырхарҭақәа рылагьы.