АЛАҲӘАРА

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА ирыланаҳәоит 2024/2025-тәи аҵарашықәс азы аспирантурахь адкылара шыҟало абарҭ азанааҭқәа рыла:
  1. «Аԥсны аҭоурых» (07.00.02) – 4 ҭыԥк;
  2. «Аԥсуа литература» (10.01.03) – 1 ҭыԥк;
  3. «Аԥсуа бызшәа» (10.01.03) – 1 ҭыԥк;
  4. «Аекономикеи жәлар рынхамҩа аусбареи» (08.00.05) – 1 ҭыԥк;
  5. «Иаарту азинтә (аҳәынҭқарратә-зинтә) ҭҵаарадыррақәа» – 1 ҭыԥк;
  6. «Ахархәаратә математикеи аинформатикеи» (01.03.02) – 1 ҭыԥк;
  7. «Аԥсабаратә ҭаҵәахқәа (рхыҵхырҭақәа) рзин, аграртә зин, аекологиатә зин» (12.00.06) – 1 ҭыԥк;
  8. «Аентомологиа» (03.00.09) – 1 ҭыԥк.
Аспирантура аҭаларазы арзаҳал ҩтәуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент ихьӡала. Арзаҳал иацҵатәуп анаҩстәи адокументқәа:
  • иреиҳау аҵаразы адипломи уи агәылаҵеи рыхкьыԥхьлаа;
  • азҵаабӷьыц (анкета);
  • аспециалистцәа ҿарацәа рзы изылгаз аҵараиурҭа Аҵаратә хеилак аилатәара аԥкаанҵа агәылҩаа;
  • иалху азанааҭ ала ареферат (кьыԥхь бӷьыцк рҟынӡа) иазԥхьагәаҭоу аҭҵаарадырратә напхгаҩы ихҳәаа ацҵаны;
  • акьыԥхь збахьоу аҭҵаарадырратә усумҭақәеи, анџьнырра-техникатә ԥҵамҭақәеи, аҭҵааратә усура иазку аҳасабырбақәеи рсиа;
  • апатреҭқәа 4 (шәагаала 3х4 иҟоу);
  • амедицинатә ршаҳаҭга № 286-тәи аформа;
Атәылауаҩшәҟәи иреиҳау аҵаразы адипломи хаҭала ицәыргатәуп. Адкыларатә ԥышәарақәа мҩаԥгахоит 2024 шықәса, абҵарамза 4 ԥхынҷкәын 14-нӡа;   Аԥышәарақәа қәҿиарала ирхысыз аспирантура иахыԥхьаӡалахоит 2025 шықәса, ажьырныҳәа 1 инаркны.   Адокументқәа рыдыркылоит 2024 шықәса, цәыббрамза 2 инаркны жьҭаарамза 11-нӡа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәшаҿы абри аҭыӡҭыԥ ала: Академик Марр имҩа, 9; аҭел: 921–80–88; 226–69–76.   ААР аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәша

РАШӘАРАМЗА 26 РЗЫ АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИАҾЫ ИМҨАԤЫСИТ АПРЕЗИДИУМ АИЛАТӘАРА

Аҵарауаа амшхәаԥштә аҿы иарбаз азҵаарақәа рахь ииасаанӡа, атехникатә наукақәа рдоктор Едуард Кимкетов адоктортә усумҭа шиихьчаз зыршаҳаҭуа адиплом иҭан. Академиа апрезидент Зураб Џьапуа Едуард Кимкетов ари ахҭыс идныҳәало, иазгәаиҭеит гәахәара дула аҵарауаҩ адоктортә ҩаӡара шимо азы аршаҳаҭга инапаҿы ишииҭо. Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент иҳәеит, Едуард Кимкетов афымца хархәагақәа рыҭҵаараҿы илагала ахә ҳаракны ишишьо, аус зыдулаз азҵаара ҳҳәынҭқарразы аҵакы ӷәӷәа амангьы ишиԥхьаӡо. Убри аан, ААР Аҟәша академик-маӡаныҟәгаҩ, академик Анатоли Марколиа иҳәеит Едуард Кимкетов иҭҵаарадырратә усура иацҵатәны ишиԥхьаӡо. Аҵарауаа аӡәырҩы ари агәаанагара иақәшаҳаҭхеит, иагьазгәарҭеит Кимкетов ишьҭихыз ахырхарҭа аԥеиԥш змоу акәны ишыҟоу. Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент ихаҭыҧуаҩ, академик Ианварби Екба далацәажәеит ААР иатәу Афизика-техникатә институти Урыстәылатәи аинститутқәеи русеицура атәы. “Едуард Кимкетов инаукатә усумҭа уаанӡа изламцәажәацыз, аӡәгьы ишьҭимхыцыз теманы иҟоуп. Ари аартрак иаҩызоуп, Аԥсны мацаразы акәымкәа, атәылақәа жәпакы рзы ихәарҭоуп” иҳәеит аҵарауаҩ. Академиа апрезидент Зураб Џьапуа иазгәаиҭеит Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аганахьала асеиԥш хра злоу апроектқәа еснагь адгылара шрымоу.

Анаҩс ииасит амш аусхәаԥштә азҵаара хадақәа рахь. Раԥхьа иазааҭгылан аҧҟаҧҵәа иазку еснагьтәи Акомиссиа аилазаара ҿыц ашьақәырҕәҕара. Аинформациа ҟаиҵеит ААР аҟәша академик-маӡаныҟәгаҩ, академик Анатоли Марколиа. Асиа ҿыц инақәыршәаны, Аҧҟаҧҵәа иазку Акомиссиа аилазаара ҿыц иалалеит быжьҩык, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп академиа аҭҵаарадырратә ҟәшақәа хԥа академик-маӡаныҟәгаҩцәа:

В. Чрыгба, А. Марколиа, Л. Аиба, иара убас апрезидиум аппарат аусзуҩцәа ԥшьҩык. Академиа апрезидент Зураб Џьапуа иҳәеит изхәаҧшуа азҵаара аҵакы ҵауланы ишиҧхьаӡо. Академиа апрезидент иазгәаиҭеит акомиссиа аилазаара ҿыц иалахәу рнапынҵақәа рышьақәырӷәӷәара азҵаара анаҩстәи аилатәарахь аиагара ахәҭоуп ҳәа шыиҧхьаӡо. Ус иагьыҟаҵан, аҵаруаа ААР апрезидент иажәалагала иақәшаҳаҭхеит. Анаҩс абжьаҭарахь ииасын. Апрезидиум алахәылацәа еицҿакны азҵаара рыдыркылеит.

ААР Апрезидиум аилатәараҿы иахәаԥшын «Аекономикеи азини» ринститут адиректор икандидатура алхразы абжьаҭара иалахәхараны иҟоу аҭҵаарадырратә усзуҩцәа рсиа ашьақәырҕәҕара иазкыз азҵаара. Аинформациа ҟаиҵеит ААР агуманитартәи, асоциалтәи, ауаажәларратәи ҭҵаарадырақәа рыҟәша академик-маӡаныҟәгаҩ инапынҵақәа назыгӡо, академик Виачеслав Чрыгба. Иара иҳәеит «Аекономикеи азини» ринститут адиректор, зыдунеи зыҧсахыз аҵарауаҩ Заур Шьалашьаа ишьҭахь алхрақәа рымҩаҧгара иагьа иуадаҩзаргьы, аинститут азы уи хымҧадатәны ишыҟоу. Убри аан, ААР апрезидент Зураб Џьапуа иҳәеит академик Заур Шьалашьаа иҧсҭазаара иалҵра харҭәаашьа змам цәыӡны ишыҟоу Аҧсны аҭҵаарадырразы. “Иагьа ус иҟазаргьы, аинститут аусура ҳтәыла аҿиара аҭҵаара иадҳәалоу азҵаарақәа рҿы ихымҧадатәны иҟоуп. Заур Иван-иҧа Шьалашьаа имч-илша ззикыз аинститут иара ишьҭахьгьы аусура иацнаҵароуп” иҳәеит Зураб Џьапуа. Иааидкыланы «Аекономикеи азини» ринститут адиректор икандидатура алхразы абжьаҭара иалахәхараны иҟоу аҭҵаарадырратә усзуҩцәа рсиа шьақәгылоуп жәиҧшьҩык рыла, аҵарауаа бжьыҭарала асиа шьақәдырӷәӷәеит. Академиа апрезидент иҳәеит, алхрақәа ҟалаанӡа иҳәаақәҵатәу аиҿкааратә зҵаарақәак шыҟоу. Аҭакзыԥхықәу адҵа риҭеит иаарласны урҭ азҵаарақәа рҭыԥ рықәҵаразы.

Апрезидиум аилатәараҿы Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа “Адырраҭара” “Агуманитартә ҭҵаарадырақәа” рсериа аредколлегиа аҧсахра алагаларазы аинформациа ҟаиҵеит ААР академик-маӡаныҟәгаҩ, академик Валентин Кәаҕәаниа. Иара иҳәеит аредколлегиа ҩыџьа аҵарауаа шалаҵахо. Азиндырра ахырхарҭала Урыстәылатәи Афедерациа зҽаԥсазтәыз азиндырҩы Гьаргь Аҟалӷьба, аекономика ахырхарҭала аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Хаҭуна Шаҭиԥа. Аҵарауаа асиа шьақәдырӷәӷәеит бжьаҭарыла.