АЛАҲӘАРА

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны лаҵарамза 26, асааҭ 11: 00 рзы имҩаԥгахоит Габниа Дифа Назырбеи-иԥҳа афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҵараҩаӡара аиуразы лдиссертациатә усумҭа «Аԥҳәыс лхаҭара аеволиуциа аԥсуа епикатә литератураҿы» (ашифр 5.9.10 – «аԥсуа литература») ахьчара

Рашәарамза 8 рзын Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум аилатәараҿы имҩаҧысит ААР Аекономикеи азини ринститут адиректор иалхра

Рашәарамза 8 рзын Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум аилатәараҿы имҩаҧысит ААР Аекономикеи азини ринститут адиректор иалхра. Аинститут аусзуҩцәа реизараҟынтә директорс ихьӡ ҳәан иахьа-уажәраанӡа уи аинститут напхгара азҭоз, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Заур Иван-иҧа Шьалашьаа. Маӡалатәи абжьыҭара иалҵшәаны, апрезидиум алахәылацәа еицҿакны рыбжьы ирҭеит, директорс деиҭалырхит З.И. Шьалашьаа.