АЛАҲӘАРА

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА ирыланаҳәоит 2024/2025-тәи аҵарашықәс азы аспирантурахь адкылара шыҟало абарҭ азанааҭқәа рыла:
  1. «Аԥсны аҭоурых» (07.00.02) – 4 ҭыԥк;
  2. «Аԥсуа литература» (10.01.03) – 1 ҭыԥк;
  3. «Аԥсуа бызшәа» (10.01.03) – 1 ҭыԥк;
  4. «Аекономикеи жәлар рынхамҩа аусбареи» (08.00.05) – 1 ҭыԥк;
  5. «Иаарту азинтә (аҳәынҭқарратә-зинтә) ҭҵаарадыррақәа» – 1 ҭыԥк;
  6. «Ахархәаратә математикеи аинформатикеи» (01.03.02) – 1 ҭыԥк;
  7. «Аԥсабаратә ҭаҵәахқәа (рхыҵхырҭақәа) рзин, аграртә зин, аекологиатә зин» (12.00.06) – 1 ҭыԥк;
  8. «Аентомологиа» (03.00.09) – 1 ҭыԥк.
Аспирантура аҭаларазы арзаҳал ҩтәуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент ихьӡала. Арзаҳал иацҵатәуп анаҩстәи адокументқәа:
  • иреиҳау аҵаразы адипломи уи агәылаҵеи рыхкьыԥхьлаа;
  • азҵаабӷьыц (анкета);
  • аспециалистцәа ҿарацәа рзы изылгаз аҵараиурҭа Аҵаратә хеилак аилатәара аԥкаанҵа агәылҩаа;
  • иалху азанааҭ ала ареферат (кьыԥхь бӷьыцк рҟынӡа) иазԥхьагәаҭоу аҭҵаарадырратә напхгаҩы ихҳәаа ацҵаны;
  • акьыԥхь збахьоу аҭҵаарадырратә усумҭақәеи, анџьнырра-техникатә ԥҵамҭақәеи, аҭҵааратә усура иазку аҳасабырбақәеи рсиа;
  • апатреҭқәа 4 (шәагаала 3х4 иҟоу);
  • амедицинатә ршаҳаҭга № 286-тәи аформа;
Атәылауаҩшәҟәи иреиҳау аҵаразы адипломи хаҭала ицәыргатәуп. Адкыларатә ԥышәарақәа мҩаԥгахоит 2024 шықәса, абҵарамза 4 ԥхынҷкәын 14-нӡа;   Аԥышәарақәа қәҿиарала ирхысыз аспирантура иахыԥхьаӡалахоит 2025 шықәса, ажьырныҳәа 1 инаркны.   Адокументқәа рыдыркылоит 2024 шықәса, цәыббрамза 2 инаркны жьҭаарамза 11-нӡа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәшаҿы абри аҭыӡҭыԥ ала: Академик Марр имҩа, 9; аҭел: 921–80–88; 226–69–76.   ААР аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәша

ВАЛЕНТИН КОГОНИА ИШӘҞӘҚӘА ԤШЬБА ҬЫҴИТ ИИУБИЛЕИТӘ ШЫҚӘСАЗЫ

Аҧсуа фольклорҭҵааҩ, апоет, адраматург, алитературатә критик, апедагог, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла-корреспондент, академик Валентин Кәаҕәаниа сынтәа ихыҵит 65 шықәса.

Ақыҭаҿ диит, аха Аҟәа дааӡеит. Ашкол-интернат дҭан аҧхьанатәаахыс. Ихәыҷра ашықәсқәа ҩ-даҟьакны ишоит Валентин Асҭамыр-иҧа -фы-шықәса ихыҵаанӡа Кәтолтәи иҧсҭазаара, нас Аҟәа аинтернат данҭалазтәи аамҭа. Ақыҭатәи ахәыҷра аҷыдарас иамаз аџьахаџьафара уамакала ирацәаны иацын, аха ақыҭаус рабиҧара зыӡрыжәыз акәны ибоит аҵарауаҩ. Ари ааӡаратә школ дуӡӡан, – иҳәоит иара. Аџьаус инаҷыданы рҭаацәараҿы ирыцын ахреиҧш изгәыдрыҧшылоз аҧсуа шәҟәыҩҩы Иуа Кәаҕәаниа идоуҳа. Руаџьаҟ аҿы ишықәыц иқәын иара ишәҟәы. Усҟан маҷ-маҷ алитературахь аинтерес изцәырҵуа иалагеит. Уи аҿы иаб ибиблиотека ахатә ҭыҧ ааннакылеит. Аҧсуеи аурыс классикцәеи рҩымҭақәеи иареи ахьеибадырыз уаҟоуп раҧхьаӡа.  Убра зкәиц еибакыз агәыбылра иахылҿиаауа иалагеит ихаҿы-игәаҿы ииауаз ацәаҳәақәа. Апоезиахь амҩа ылган.

1976 шықәса рзы дҭалоит А.М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогикатә институт, уи даналга ашьҭахь, Москватәи Адунеизегьтәи алитературатә институт иатәу аспирантура акурс дахысуеит. Убасҟан  иааҧшит иара апоезиа мацара иҽшизҭамыгӡоз, анаукахь ишихоз. Уижьҭеи инеиҧынкыланы алитература иазку ашәҟәқәа маҷымкәа иҭижьхьеит, еиҳаракгьы афольклорҭҵаара иадҳәалоу. Иаҧиҵахьеит шәкы инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәеи алитература-критикатә статиақәеи. Иахьа иара деицырдыруеит аҵаруаҩ-фольклорист, алитературатә критик, апедагог иаҳасаб ала.

Валентин Кәаҕәаниа иҭижьхьеит акымкәа аҿар ирызку ажәеинраалақәа, ашәҟәқәа. Ахәыҷтәы поезиа арҿиара зегьы ирыцааиуам. Ахәыҷы сахьажәала иацәажәара, ихьарҧшра уамакала иуадаҩуп. Уи аус аҿы Валентин Асҭамыр-иҧа ихәоны иҧхьаӡоит аҧсуа фольклор дахьамадоу, аҭҵаара инапы ахьалаку. Афольклортә дунеи иагәылибааз ахаҿсахьақәа ахәыҷқәа ргәаҿы инеиуа, еилыркаауа ирцәажәаоит. Ахәыҷқәа рыҧсихологиа, рдунеи ҭҵааны измоу, ибзианы ицааиуеит,-иҳәоит акыр шықәса арҵаҩ изанааҭ ала аус зухьо, уи аусхк аҿы аҧышәа ду змоу аҵарауаҩ.

Статиак акьыҧхь арбара, конференциак аҿы ақәгылара, аусумҭақәа рҭыҵра – абарҭ ахҭысқәа роуп хадара аанызкыло арҿиаҩы изы. Сынтәа адунеи збаз Валентин Кәаҕәаниа иусумҭақәа маҷым. Академик иубилеитә шықәсазы иҭыҵиҭ инапы иҵыҵыз ҧшьышәҟәык.

«Аҧсуа фольклори алитературеи рзы ажәа» ҳәа хыс изауз аҭыжьымҭа иагәыланагӡоит  аҵарауаҩ аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иаҧиҵаз, аҧсуаа рҿаҧыцтә поезиа аиҿартәышьа азҵаатәқәа шьҭызхуа аусумҭақәеи, иналукааша апоетцәеи, аҵарауааи рырҿиаратә напкымҭа аҷыдарақәа ранализ иазку астатиақәеи реизга.

Аҧхьаҩцәа еицырдыруеит Валентин Кәаҕәаниа  ифольклортә ҭҵаамҭақәеи илитература-критикатә статиақәеи еидызкыло, аҧсышәалеи урысшәалеи иҩу ашәҟәқәа: «Аҧсуа жәлар рашәа», «Аҧсуаа рдоуҳатә культура адаҟьақәа», «Хьӡи-ҧшеи змоу амҩа», «Аҧсуаа рҿаҧыцтә поезиа аиҿартәышьа», «Аамҭеи асахьаркыратә ажәеи» уб.игь. Аизга ҿыц «Абиҧарақәа рдоуҳаеибаркыра» алитератураҭҵааратә хырхарҭала иҩуп, ара ирзааҭгылоуп еиуеиҧшым абиҧарақәа ирыҵаркуа ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи рырҿиамҭақәа. Аизга еиднакылоит аҵарауаҩ ааскьа иаҧиҵаз, аҧсуа сахьаркыратә литература арҿиаҩцәеи (Т. Аџьба, В. Касланӡиа, М. Миқаиа, М. Лашәриа, Ш.Салаҟаиа, З. Џьапуа уҳәа) ирызку аусумҭақәеи арҿиаратә очеркқәеи. Автор ҷыдала ари ашәҟәы игәы азыбылуеит. Аҭыжьымҭа ахаҭабзиара ахьыҳараку анаҩсан, афотоматериал беиа агәылалеит, иануп зыӡбахә ҳәоу ашәҟәыҩҩцәа рпатретқәа. Уи аҧхьаҩцәа иҵегьы ишаднаҧхьало агәра ганы дыҟоуп аҵарауаҩ.

Иара убас Валентин Кәаҕәаниа ирхиеит ааигәа иҭыҵыз Кавказдырҩы, афольклорҭҵааҩ, аетнограф, алитератураҭҵааҩ, алитературатә критик, нарҭаа репоси асахьаркыратә литературеи рызҟаза Артур Аншба иусумҭақәа реизга 3,4 атомқәа.

Ашәҟәыҩҩцәа С.Ҷанбеи М. Лакрбеи ирызку амонографиақәа, аҧсуа литература аизҳазыҕьараҿы  злагала дуу апоетцәи апрозаикцәеи рырҿиара ҳәаақәызҵо аҭҵаамҭақәа, алитература-критикатә статиақәеи арецензиақәеи  агәылалеит ахҧатәи атом. Аҧшьбатәи – М. Лакрба изку амонографиа, аҧсуа литература аҿиараҿы хра злоу азҵаатәқәа шьҭызхуа аҭҵаамҭақәа, аимак-аиҿак ҟазшьа змоу алитератураҭҵааратә статиақәа, арецензиақәа. Аусумҭақәа аҧҵоуп аҧсышәалеи урысшәалеи. Дара аҭыжьымҭақәа ирнылеит ҧсахрак рзымукәа, неиҩымсрада автор ишиҩыз еиҧш,  азгәаҭақәеи ибиографиатә материалқәеи рыцҵаны. Апроект автор, аҭакзыҧхықәу аредактор Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидент, ААР академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Зураб Џьапуа.

Иҳақуп абас еиҧш иҟоу аусумҭа заа зыдунеи зыҧсахыз Артур Аншба даныҟам аамҭазы аҭыҵра, – иҳәоит Валентин Асҭамыр-иҧа.

Валентин Кәаҕәаниа хынҩажәи хәба шықәса дырҭысуеит. Хадарала инапы алакны  имоуп аҭҵаарадырра – афольклори алитературеи рыҭҵаара. Убри инахаршәаланы жәеинраалақәак ансыцааиуа ыҟоуп, – иҳәоит аҵарауаҩ. Аха зегь акоуп иара илшеит иҧсҭазаараҿы аҭҵаарадырреи, апоезиеи, егьырҭ арҿиаратә усхкқәеи реилагӡара.