Анаука еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аимадарақәа рышьақәыргылареи рырҿиареи ирыҵаркуа азҵаарақәа ирылацәажәеит. Аиҧылара мҩаҧысит аибадырратәҟазшьа аманы. Атәыла иреиҳаӡоу анаукатә усбарҭа апрезидент Зураб Џьапуа академиа аусура аиҿкаашьеи, уи ашьақәгылара аҭоурыхи дырзааҭгылеит ҳџьынџьуаа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо. Џьапуа иазгәеиҭеит дара рыҩныҟа ишааз. Иҳәеит аҭҵаарадырра иадҳәало еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аус рыцура дшазыхио.
Диузџье ауниверситет аҿы иаҧҵоу «Кавказ абызшәақәеи акультуреи» рыҟәша анапхгаҩы Феҳми Ӡыба иазгәеиҭеит иахьа ҳара ҳкультуратә ҭынха дуи, ҳатрадициақәеи, ҳабызшәеи реиқәырхареи реихаҳареи еицаҳзеиҧшу актуалра змоу зҵаараны ишықәгылоу. Иҳәеит Ҭырқәтәыла инхо аҧсуа диаспора уи бзианы ишеилыркаауа, хьаасгьы ишрымоу. Убри азгәаҭаноуп, 2024 шықәса рзы аҧсуа бызшәеи алитературеи рыҟәша шаартыз.
Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иаҵанкуа аинститутқәа рхадацәа рнапы злаку аусхкқәа ирзааҭгылеит. Ҳџьынџьуаа ирзеиҭарҳәеит иарбан хырхарҭақәоу еиҳа аҧыжәара змоу, аусеицуразы алшарақәа аҧҵахар ахьалшо. Аиҧылараҿы иазгәаҭан аҭҵаарадырра аусхк аҿы аимадарақәа раҧҵареи рырҿиареи ишазыхиоу.









