Нарҭаа ирызку аԥсуа фырхаҵаратә епос зегьы еидызкыло жәа-томк зҵазкуа аҭҵаарадырратә, академиатә ҭыжьымҭа аа-томк аҭиирҭақәа рахь инагоуп.
Анапаҿы аиура иазҿлымҳаз аԥсуаа рнарҭтә епос аизга аархәарц рылшоит Аҟәа ақалақь ашәҟәыҭиирҭақәа рҟны, иара убасгьы Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы еиҿкаау Академшәҟәы аҟны.
Аизга аредактор-аиқәыршәаҩ – Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент, ААР академик, Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҳәаанырцәтәи алахәыла Зураб Џьапуа, аепикатә текстқәа реизакреи реихшареи далагахьан ХХ ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа раахыс. Аматериалқәа аҭыжьра разырхиаразы аусура хықәкыла ихацыркхеит 2005 шықәсазы. Ари аус рнапы шалакыз иалакын усҟан Зураб Џьапуа иаспирантцәаз, иахьа аԥсуа ҵарауаа қәыԥшцәа Наала Барцыци Саида Ҳаџьыми. Аԥсуа бызшәазы ишьаҭамырӡгоу атомқәа лагала духоит кавказдырраҿы, иара убас адунеитә епикатә традициақәа рыҭҵаараҿы.