АЛАҲӘАРА

Аҭҵаарадырразы Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиазы Акомиссиа апремиа аиуразы аконкурс шаарту рыланаҳәоит. Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ранашьахоит агуманитартәи аԥсабаратәи ҭҵаарадыррақәа рҿы иалкаахаз, ауаажәларратә зхаҵара ҭбаа зауз, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭҵаарадырра аҿиараҿы лагала дуны иҟалаз аусумҭақәа. Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы иқәыргылазарц алшоит: хаҭалатәи авторцәа рмонографиатә усумҭақәеи аколлективтә монографиақәеи; анаукатә комментариқәеи иҷыдоу аҭҵаарадырратә аппарати зцу ҿырҳәалатәии ҩыралатәии ахыҵхырҭақәеи академиатә жәарқәеи ифундаменталтәу томрацәалатәи рҭыжьымҭақәа; иреиҳау аҵараиурҭақәа рзы иоригиналтәу, авторцәа рхаҭақәа ртеориатәи рексперименталтәи ҭҵаарақәа шьаҭас измоу, арҵага шәҟәқәа. Аҳәынҭқарратә премиазы иқәыргылазар ҟалоит аҵыхәтәантәи хышқәса рыла (2023–2025 шш.) акьыԥхь збахьоу аусумҭақәа. Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы аусумҭақәа рықәыргылара азин рымоуп аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә усбарҭақәеи аиҳабыратә ҵараиурҭақәеи рколлективқәа. Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы Акомиссиа аусумҭақәа аднакылоит 2026 шықәса, жәабранмза (февраль) 1 инаркны рашәарамза (ииун) 1-нӡа абри аҭыӡҭыԥ ала: Аҟәа ақ., акад. Н.И. Марр имҩа, 9, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа Акомиссиа. Аконкурс алахәхаразы иаҭаху адокументқәа:
  • аҳәынҭқарратә премиа ашьҭазааҩ инысымҩа;
  • аусурҭа аҟнытә иҟазшьарба;
  • акьыԥхь збахьоу иусумҭақәа рсиа;
  • атәылауаҩшәҟәы ахкьыԥхьлаа;
  • дықәзыргыло аусбарҭа ахеилак аилатәараҿы ирыдыркылаз аԥкаанҵа агәылҩаа;
  • иқәыргылахо аусумҭа (хә-екземплиарк);
  • аусумҭа ықәзыргыло аусбарҭа аҟынтә амҩақәҵаратә шәҟәы.
Ишәызцәырҵуа азҵаарақәа зегьы реилкаара шәылшоит абарҭ аҭелқәа рыла: +7(940)728-03-44; +7(840)226-77-13. Аҭҵаарадырразы Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа анашьаразы Акомиссиа

ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АҬҴААРАДЫРРАТӘ КОНФЕРЕНЦИА МҨАԤЫСИТ АРЕСПУБЛИКА САХА (ИАКУТИА)

Аԥсуа ҵарауаа Зураб Џьапуа, Саида Ҳаџьым, Наала Барцыц рхы аладырхәит абҵарамза 20-21 рзы Ареспублика Саха (Иакутиа) аҳҭнықалақь Иакутск имҩаԥысуаз «Аепос адунеитә енциклопедистика аконтекст аҿы» захьӡыз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратәконференциа. Ахҭыс рыдҳәалан аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Аҩада-Мрагыларатәи Афедералтә университет аҭҵаарадырратә институт «Олонхо» актәи адиректор Уасил Иванов 90 шықәса ихыҵра, аиакутцәа рфырхаҵаратә епос «олонхо» Адунеи ауаажәларра иматериалтәым рҭынха ашедеврқәа ирхырԥхьаӡалазар аахыс 20 шықәса аҵра, иара убас Олонхо Аҭҵаарадырратә институт 15 шықәса ахыҵра.Аконференциа еиднакылеит Аԥсны, Монголиа, Ермантәыла, Ҟырӷысҭан рҳәынҭқаррақәа рҵарауаа, иара убас Урыстәыла атәылаҿацәқәа: Иакутиа, Буриатиа, Хакасиа, Алтаи, Калмыкиа,Ҟабарда-Балкариа, Башкартасҭан, Новосибирск, Москва рҵарауаа. Аҭҵаарадырратә усмҩаԥгатә аартра рхы аладырхәит Ареспублика Саха (Иакутиа) анапхгарагьы. Апленартә еилатәараҿы дықәгылеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент, академик Зураб Џьапуа. Аилатәараҿы иӡырган жәа-томкны иҟоу аԥсуа нарҭтә епос. З.Џь. Џьапуа иажәахә рызкын аԥсуа фырхаҵаратә епос атомқәа аҭыжьра разырхиара иацыз атекстологиатә зҵаарақәа. Ҩымш ицоз аҭҵаарадырратә конференциаҿы аԥсуа ҵарауаа иҟарҵаз ажәахәқәа рызкын «Аҭаацәараҿы ажәабжьҳәаратә традициа: Маадан Сақаниа ифырхаҵаратә ҳәамҭақәа аҩбатәи рыԥсҭазаара» (С.О.Ҳаџьым), «Аԥсуа ҭоурыхтә епос афырхаҵа ихаҭара аазырԥшуа атрибутқәа» (Н.С. Барцыц).Аконференциаҿы ҿыӷәӷәала иҳәан аԥсуа фырхаҵаратә епос иамоу аҭоурых ду атәы, иазааҭгылан уи иазку аҭҵаамҭақәа шмаҷымгьы, иахьа уажәраанӡа аԥсуа ҵарауаа аепосҭҵаара ахырхарҭала иааиԥмырҟьаӡакәа изҿу аусура атәы.