АЛАҲӘАРА

Аҭҵаарадырразы Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиазы Акомиссиа апремиа аиуразы аконкурс шаарту рыланаҳәоит. Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ранашьахоит агуманитартәи аԥсабаратәи ҭҵаарадыррақәа рҿы иалкаахаз, ауаажәларратә зхаҵара ҭбаа зауз, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭҵаарадырра аҿиараҿы лагала дуны иҟалаз аусумҭақәа. Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы иқәыргылазарц алшоит: хаҭалатәи авторцәа рмонографиатә усумҭақәеи аколлективтә монографиақәеи; анаукатә комментариқәеи иҷыдоу аҭҵаарадырратә аппарати зцу ҿырҳәалатәии ҩыралатәии ахыҵхырҭақәеи академиатә жәарқәеи ифундаменталтәу томрацәалатәи рҭыжьымҭақәа; иреиҳау аҵараиурҭақәа рзы иоригиналтәу, авторцәа рхаҭақәа ртеориатәи рексперименталтәи ҭҵаарақәа шьаҭас измоу, арҵага шәҟәқәа. Аҳәынҭқарратә премиазы иқәыргылазар ҟалоит аҵыхәтәантәи хышқәса рыла (2023–2025 шш.) акьыԥхь збахьоу аусумҭақәа. Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы аусумҭақәа рықәыргылара азин рымоуп аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә усбарҭақәеи аиҳабыратә ҵараиурҭақәеи рколлективқәа. Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы Акомиссиа аусумҭақәа аднакылоит 2026 шықәса, жәабранмза (февраль) 1 инаркны рашәарамза (ииун) 1-нӡа абри аҭыӡҭыԥ ала: Аҟәа ақ., акад. Н.И. Марр имҩа, 9, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа Акомиссиа. Аконкурс алахәхаразы иаҭаху адокументқәа:
  • аҳәынҭқарратә премиа ашьҭазааҩ инысымҩа;
  • аусурҭа аҟнытә иҟазшьарба;
  • акьыԥхь збахьоу иусумҭақәа рсиа;
  • атәылауаҩшәҟәы ахкьыԥхьлаа;
  • дықәзыргыло аусбарҭа ахеилак аилатәараҿы ирыдыркылаз аԥкаанҵа агәылҩаа;
  • иқәыргылахо аусумҭа (хә-екземплиарк);
  • аусумҭа ықәзыргыло аусбарҭа аҟынтә амҩақәҵаратә шәҟәы.
Ишәызцәырҵуа азҵаарақәа зегьы реилкаара шәылшоит абарҭ аҭелқәа рыла: +7(940)728-03-44; +7(840)226-77-13. Аҭҵаарадырразы Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа анашьаразы Акомиссиа

ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АЛАНТӘ СИМПОЗИУМ

Жьҭаарамза 21–23 рзы В.И. Абаев ихьӡ зху Агуманитартәи асоциалтәи ҭҵаарақәа рзы Нхыҵ Уаԥстәылатәи аинститут аҟны (ақ. Владикавказ) имҩаԥысит Жәларбжьаратәи Алантә симпозиум. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент, академик, Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҳәаанырцәтәи алахәыла Зураб Џьапуеи афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Саида Ҳаџьыми. Асимпозиум еиҿкаан Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Владикавказтәи аҭҵаарадырратә центр аԥшьгарала, Нхыҵ Уаԥстәыла аиҳабыра рыцхыраарала. Асимпозиум аартраан ажәахәқәа ҟарҵеит Аҩада Уаԥстәыла-Аланиа Ареспублика аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Альбина Плаева, Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Владикавказтәи аҭҵаарадырратә центр анапхгаҩы Алексеи Чибиров; ВАЦ аҭҵаарадырратә напхгаҩы Анатоли Кусраев, Алада Уаԥстәыла Аԥхьатәи Ахада, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Лиудвиг Чибиров, Аурыс-Ерман университет Мрагылараҭҵаара аинститут адиректор Гарник Асатриан, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа, Аҩада Уаԥстәыла Аҳәынҭқарратә университет аректор Алан Огоев. Аҭҵаарадырратә усмҩаԥгатә иалахәын Урыстәылеи уи анҭыҵи еицырдыруа абызшәадырыҩцәа, афольклорҭҵааҩцәа, аҭоурыхҭҵааҩцәа, археологцәа, аетнологцәа. Актәи амш х-ҭҵаарадырратә сессиак рыла ишьақәгылан: академиатә журнал «Нартамонга» иазкыз ажәахәқәа; аҭыжьымҭа ҿыц «Скифо-Алано-Осетика» аӡыргара; «Алантә енциклопедиа» аиқәыршәашьа иазкны ажәахәқәа. Асимпозиум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит 8-тәи Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа «Нарҭҭҵаара XXI ашәышықәсазы». Аԥсуа ҵарауаа ықәгылеит «Аԥсуа нарҭтә епос жәа-томкны: аҭыжьымҭа аредакциатәи атексттәи ҷыдарақәа», «Аԥсуа ныҳәарақәеи ашәирақәеи рҿы аамҭа аарԥшышьақәа» ҳәа хьӡыс измаз ажәахәқәа рыла. Зураб Џьапуа иажәахә жәа-томкны иҭыҵыз аԥсуа нарҭтә епос аӡыргара аҳасабала имҩаԥысит. Ауаԥс ҵарауаа рыбжьара нарҭаа рҳәамҭақәа рыҭҵаара аҵак ҷыда зламоу ала, аԥсуа нарҭтә ҳәамҭақәа рҭыжьра ахә ҳаракны иршьеит.  Аиқәыршәаҩцәа аԥсуа фырхаҵаратә епос томрацәалатәи аҭыжьымҭа В.И. Абаев ихьӡ зху Аинститут аҭҵаарадырратә библиотека ҳамҭас иарҭеит. Жәларбжьаратәи Алантә симпозиум аҵарауаа рԥышәеи ргәаанагарақәеи рылацәажәаразы зеиԥшыҟам ҭыԥны иҟоуп, иагьеиҿкаауп ҭҵаарадырратә ҩаӡара ҳаракыла.