АЛАҲӘАРА

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА ирыланаҳәоит 2025/2026-тәи аҵарашықәс азы аспирантурахь адкылара шыҟало абарҭ азанааҭқәа рыла:
  1. «Аԥсны аҭоурых» (5.6.9.) – 2 ҭыԥк;
  2. «Аԥсуа бызшәа» (5.9.11.) – 1 ҭыԥк;
  3. «Иаарту азинтә (аҳәынҭқарра-зинтә) ҭҵаарадыррақәа» (5.1.2) – 1 ҭыԥк;
  4. «Аекологиа» (1.5.15.) – 1 ҭыԥк;
  5. «Аентомологиа» (1.5.14.) – 1 ҭыԥк;
  6. «Агеоекологиа» (1.6.21.) – 1 ҭыԥк;
  7. «Атеориатәи аҭоурыхтәи азинтә ҭҵаарақәа» (5.1.1.) - 1 ҭыԥк;
  8. «Адунеизегьтәи аекономика» (5.2.5.) - 1 ҭыԥк.
Аспирантура аҭаларазы арзаҳал ҩтәуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент ихьӡала. Арзаҳал иацҵатәуп анаҩстәи адокументқәа:
  • иреиҳау аҵаразы адипломи уи агәылаҵеи рыхкьыԥхьлаа;
  • азҵаабӷьыц (анкета);
  • аспециалистцәа ҿарацәа рзы изылгаз аҵараиурҭа Аҵаратә хеилак аилатәара аԥкаанҵа агәылҩаа;
  • иалху азанааҭ ала ареферат (кьыԥхь бӷьыцк рҟынӡа) иазԥхьагәаҭоу аҭҵаарадырратә напхгаҩы ихҳәаа ацҵаны;
  • акьыԥхь збахьоу аҭҵаарадырратә усумҭақәеи, анџьнырра-техникатә ԥҵамҭақәеи, аҭҵааратә усура иазку аҳасабырбақәеи рсиа;
  • апатреҭқәа 4 (шәагаала 3х4 иҟоу);
  • амедицинатә ршаҳаҭга № 286-тәи аформа;
Атәылауаҩшәҟәи иреиҳау аҵаразы адипломи хаҭала ицәыргатәуп. Адкыларатә ԥышәарақәа мҩаԥгахоит 2025 шықәса, абҵарамза 3 инаркны ԥхынҷкәынмза 5-нӡа;   Аԥышәарақәа қәҿиарала ирхысыз аспирантура иахыԥхьаӡалахоит 2026 шықәса, ажьырныҳәа 1 инаркны.   Адокументқәа рыдыркылоит 2025 шықәса, цәыббрамза 1 инаркны жьҭаарамза 17-нӡа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәшаҿы абри аҭыӡҭыԥ ала: Академик Марр имҩа, 9; аҭел: 921–80–88; 226–69–76.   ААР аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәша

ЗУРАБ ЏЬАПУА АДУНЕИЗЕГЬТӘИ АҦСУА - АБАЗА КОНГРЕСС ИРЕИҲАӠОУ АХЕИЛАК АИҲАБЫ МУССА ЕКЗЕКОВ ИИУБИЛЕИ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс  Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Екзеков хынҩажәашықәса ихыҵра идиныҳәалеит ААР апрезидент Зураб Џьапуа.

«Мусса Хабал-иҧа, Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум ахьӡалеи, аҭҵаарадырратә еилазаара зегьи, хаҭала сара сҟынтәи шәиубилеи аҳаҭыр азы ишәыдышәкыл иҟәандоу азеиҕьашьарақәа! Аҧсуа-абаза етнос реидкылара, ҳкультуреи ҳҵасқәеи реиқәырхареи реихаҳареи рҿы, аҳәаанырцәтәи ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадара арҕәҕәараҿи шәлагала ахә ашьара уадаҩуп. Аҧсуа-абаза жәлар рконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак  напхгара аҭо  шәара   ишәылшеит  ҳмилаҭтә наукеи ҳкультуреи рыҿиара иазырхоу апроектқәа жәпакы адгылара рыҭара. Ганрацәалатәи  шәуаажәларратә усура  ахәшьара ҳаракы  иаҧсоуп», – ҳәа  азгәаҭоуп адныҳәалараҿы.

Зураб Џьапуа Мусса Екзеков изеиҕьеишьеит агәабзиара, аидеиа ҿыцқәа, инымҵәаӡо ачҳара, аманшәалара инапы злаку агәыҳалалратә ус аҿы.