АЛАҲӘАРА

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны лаҵарамза 26, асааҭ 11: 00 рзы имҩаԥгахоит Габниа Дифа Назырбеи-иԥҳа афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҵараҩаӡара аиуразы лдиссертациатә усумҭа «Аԥҳәыс лхаҭара аеволиуциа аԥсуа епикатә литератураҿы» (ашифр 5.9.10 – «аԥсуа литература») ахьчара

ЗУРАБ ЏЬАПУА ЏЬОРЏЬ ХЬИУИТТ ДИДНЫҲӘАЛЕИТ

Аҭҵаарадырақәа ракадемиа апрезидент, ААР академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Зураб Џьапуа

иналукааша алингвист, кавказдырҩы, Лондонтәи ауниверситет апрофессор, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҳәаанырцәтәи алахәыла, «Ахьӡ-аҧша» аорден занашьоу Џьорџь Хьиуитт 75 шықәса ихыҵра идиныҳәалеит.

«Ҳаҭыр зқәу Џьорџь Хьиуитт, Аҧсны Аҭҵаарадырақәа ракадемиа апрезидиум ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала шәиубилеи шәыдысныҳәалоит!

Шәыҭҵаарадырратә усурала адунеи иашәырдырхьеит аҧсуа жәлар ибеиоу рҭоурыхтә ҭынха. Аҧсуа бызшәеи, егьырҭ кавказ жәларқәа рбызшәақәеи рыҭҵаараҿы афундаменталтә усумҭақәа акыр шәравторуп. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы – «Аҧсуа бызшәа» (ҩ-томк), «Аҧсуа газеҭқәа рыҧхьаразы ацхыраагӡа» «Аҧсуа жәлар рҿаҧыцтә ҳәамҭақәа (З. Џьапуеи иареи еицеиқәдыршәеит), «Аҧсуа жәлартә традициақәа рдаҟьақәа», «Аҧсуа бызшәа ахаларҵага» уҳәа.

Қырҭтәыла ҳара ҳганахь ала имҩаҧнагоз аполитика алҵшәақәа ирызку астатиақәа жәпакы шәнапы иҵыҵхьеит. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан инышәкылаз апозициа иаанарҧшуеит ҳажәлар шәшырзыҟоу, ринтересқәа рыхьчара адгылаҩцәа шәышраҧхьагылоу. Ишәзеиҕьасшьоит аманшәалара шәнапы злаку аусқәа рҿы, ақәҿиарақәа, агәабзиара!», аҳәоит адныҳәалараҿы.