АЛАҲӘАРА

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА ирыланаҳәоит 2024/2025-тәи аҵарашықәс азы аспирантурахь адкылара шыҟало абарҭ азанааҭқәа рыла:
  1. «Аԥсны аҭоурых» (07.00.02) – 4 ҭыԥк;
  2. «Аԥсуа литература» (10.01.03) – 1 ҭыԥк;
  3. «Аԥсуа бызшәа» (10.01.03) – 1 ҭыԥк;
  4. «Аекономикеи жәлар рынхамҩа аусбареи» (08.00.05) – 1 ҭыԥк;
  5. «Иаарту азинтә (аҳәынҭқарратә-зинтә) ҭҵаарадыррақәа» – 1 ҭыԥк;
  6. «Ахархәаратә математикеи аинформатикеи» (01.03.02) – 1 ҭыԥк;
  7. «Аԥсабаратә ҭаҵәахқәа (рхыҵхырҭақәа) рзин, аграртә зин, аекологиатә зин» (12.00.06) – 1 ҭыԥк;
  8. «Аентомологиа» (03.00.09) – 1 ҭыԥк.
Аспирантура аҭаларазы арзаҳал ҩтәуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент ихьӡала. Арзаҳал иацҵатәуп анаҩстәи адокументқәа:
  • иреиҳау аҵаразы адипломи уи агәылаҵеи рыхкьыԥхьлаа;
  • азҵаабӷьыц (анкета);
  • аспециалистцәа ҿарацәа рзы изылгаз аҵараиурҭа Аҵаратә хеилак аилатәара аԥкаанҵа агәылҩаа;
  • иалху азанааҭ ала ареферат (кьыԥхь бӷьыцк рҟынӡа) иазԥхьагәаҭоу аҭҵаарадырратә напхгаҩы ихҳәаа ацҵаны;
  • акьыԥхь збахьоу аҭҵаарадырратә усумҭақәеи, анџьнырра-техникатә ԥҵамҭақәеи, аҭҵааратә усура иазку аҳасабырбақәеи рсиа;
  • апатреҭқәа 4 (шәагаала 3х4 иҟоу);
  • амедицинатә ршаҳаҭга № 286-тәи аформа;
Атәылауаҩшәҟәи иреиҳау аҵаразы адипломи хаҭала ицәыргатәуп. Адкыларатә ԥышәарақәа мҩаԥгахоит 2024 шықәса, абҵарамза 4 ԥхынҷкәын 14-нӡа;   Аԥышәарақәа қәҿиарала ирхысыз аспирантура иахыԥхьаӡалахоит 2025 шықәса, ажьырныҳәа 1 инаркны.   Адокументқәа рыдыркылоит 2024 шықәса, цәыббрамза 2 инаркны жьҭаарамза 11-нӡа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәшаҿы абри аҭыӡҭыԥ ала: Академик Марр имҩа, 9; аҭел: 921–80–88; 226–69–76.   ААР аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәша

ЗУРАБ ЏЬАПУЕИ АРДА АШӘБЕИ АПРОФЕССОР АДАМ ГУТОВ ҦШЬЫНҨАЖӘА ШЫҚӘСА ИХЫҴРА ИАЗКЫЗ АҬҴААРАДЫРРА-ПРАКТИКАТӘ КОНФЕРЕНЦИА РХЫ АЛАДЫРХӘИТ

Ҧхынгәымза 26 рзы Ҟабарда-Балкариатәи аҭҵаарадырратә центр иатәу агуманитартә ҭҵаарақәа ринститут аҿы имҩаҧысит жәларбжьаратәи алахәхара змаз арегионалтә анаука-практикатә конференциа «Амилаҭтә ажәалатәи ҟазара: аҭҵаара алҵшәақәеи аперспективақәеи». Анаукатә форум иалахәын А. Гутов иколлегацәеи иҩызцәеи. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидент, ААР академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Зураб Џьапуа, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба, Урыстәыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иаҵанакуа Адунеизегьтәи алитература аинститут афольклор аҟәша аусзуҩ хада, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Алла Алиева, Москва, Нхыҵ-Уаҧстәыла, Даҕьсҭан, Чечентәыла, Ҭырқәтәыла уҳәа иналукааша аҭҵаарадырра ахаҭарнакцәа.

Аиубилиар Аҧснытәи иколлегацәа адныҳәаларақәа ирыҧхьаны агәаларшәагатә ҳамҭақәа инапаҿы ирҭеит. Иара убас ААР апрезидент Зураб Џьапуа асекциатә еилатәарақәа рҿы адоклад иманы дықәгылеит. «Нарҭаа ирызку аҧсуа ашәақәа» азыӡырыҩцәа аинтерес ду рызцәырнагеит.

Ҟабарда-Балкариеи Аҧсни рыҭҵаарадырратә еилазаарақәа ирыбжьоу аимадарақәа рыҽдырҕәҕәоит. Аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа аҿиарамҩа иануп, – ҳәа азгәеиҭеит Зураб Џьапуа. Уи шьақәзырҕәҕәо афакторқәа ируакуп Адам Гутов Аҧсны аҭҵаарадырратә ҧсҭазаара активла дахьалаху, ҳтәылаҿы имҩаҧысуа ахҭысқәа дахьрызҿлымҳау. Еиуеиҧшым апериодикатә ҭыжьымҭақәа рҿы икьыҧхьын аҧсуа шәҟәыҩҩцәеи, аҧхьагылара змоу ҳҵарауаа русумҭақәа рзы илитература-критикатә статиақәеи арецензиақәеи маҷымкәа.

Ҧхынгәымза жәаф рзы Апрезидиум аӡбамҭала афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика аҭҵаарадырра  зҽаҧсазтәыз аусзуҩ, апрофессор, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла Адам Гутов ААР аҳәаанырцәтәи алахәылас далхын.

Еицырдыруа алитераураҭҵааҩ Адам Гутов Ҟабарда-Балкариатәи аҭҵаарадырратә центр аҿы ҩынҩажәи жәаба шықәсазтәи иусура иалагӡаны амилаҭтә фольклористикеи алитератураҭҵаареи рҿы зыҩаӡара ҳараку специалистны ихы ааирҧшит. 300 инарзынаҧшуа аҭҵаарадырратә, арҵара-методикатә, алитература-критикатә усумҭақәа ркьыҧхьхьеит еиуеиҧшым урыстәылатәии жәларбжьаратәии аҭыжьымҭақәа рҿы. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы амонографиақәа жәба, астатиақәа реизгақәа хҧа, иара убас арҵага шәҟәқәа, арҵаратә программақәеи ацхыраагӡақәеи.

Адам Гутови Зураб Џьапуеи еиҩызцәоуп акыр шықәса раахыс, дара еизааигәазтәуа акәны иҟоуп анаука, ҷыдала афольклорҭҵаара. ААР апрезидент иажәақәа рыла, Гутов Нхыҵ-Кавказ афольклорҭҵаара аганахьала иреиҕьӡақәоу аспециалистцәа дреиуоуп. Уи иусураҿы ихы иаирхәо азнеишьақәа  хыхь-хыхьла акәымкәа шьаҭанкылатәиқәоуп, – ҳәа азгәеиҭеит Зураб Џьапуа.