АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

ААР аҭоурых ахьтә

Аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә еиҿкаара «Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа» Аԥсны иреиҳаӡоу ахаланапхгараҭаратә ҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә еиҿкаараны иаԥҵоуп, «Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аԥҵара иазку» 1993 шықәса ԥхынҷкәын 12 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак иаднакылаз Ақәҵара № 83-с инақәыршәаны, Аԥсны Ахада «Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аԥҵара иазку», Иреиҳаӡоу Ахеилак Ақәҵара анагӡаразы, 1997 шықәса хәажәкыра 26 рзы идикылаз аӡбамҭа ашьаҭала, Аԥшьгаратә еизара 1997 шықәса жьҭаарамза 30 рзы иаднакылаз аӡбамҭа инақәыршәаны.

ААР аԥҵаҩыс дыҟоуп, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҿра аазырԥшуа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада.

ААР ахьӡ нагӡаны:

  • ԥсышәала: Аҳәынҭқарраҭә ҭҵаарадырратә еиҿкаара «Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа»;
  • урысшәала: Государственное научное учреждение «Академия
    наук Абхазии»;
  • англыз бызшәала: State Scientific Institution «Academy of Sciences
    of Аbkhazia».

ААР ахьӡ аазыркьаҿны:

  • ԥсышәала: «Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа»;
  • урысшәала: «Академия наук Абхазии»;
  • англыз бызшәала: «The Academy of Sciences of Аbkhazia».

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анеилга нахыс ҩымз ааҵхьаны, 1993 шықәса ԥхынҷкәын 12 рзы, Аԥсны Актәи Ахада, аҵарауаҩ Владислав Григори-иԥа Арӡынба инапы аҵаиҩит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аԥҵаразы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Ахеилак Ақәҵара. Ҳәарада, асеиԥш иҟаз аӡбамҭа адкыларазы ибзианы идыртәын Аԥсны ҳәынҭқаррак аҳасабала ашьаҭа арӷәӷәаразы аҭҵаарадырра ҭыԥс иааннакылоз. Адгылара аҭатәын аибашьраан ааха ӷәӷәа зауз аҭҵаарадырра. 1992–1993 шықәсқәа рзы шьақәыргылашьа рымамкәа иблын аҭҵаарадырратә хәышҭаарақәа, абиблиотекақәа, Аҳәынҭқарратә архив.

Иуадаҩыз аекономикатә ҭагылазаашьа иахырҟьаны ари аӡбамҭа аԥсҭазаараҿ аларҵәара алыршахеит ианрыдыркыла нахыс хышықәса рышьҭахь. 1997 шықәса хәажәкыра 26 рзы Владислав Арӡынба идикылоит Иреиҳаӡоу Ахеилак Ақәҵара анагӡаразы аӡбамҭа.

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аԥҵара даҽазныкгьы иаанарԥшуеит Аԥсны Актәи Ахада аҳәынҭқарра ашьақәыргылараҿы имаз ахәыцшьеи азнеишьеи. Еицырдыруаз аҭоурыхҭҵааҩ ибзианы идыруан акыршықәса ашьақәгылара иаҿыз аҭҵаарадырра азинтә мчы аҭамзар, ҿыц иааиз аамҭаҿы уи шьақәгылашьа азымҭашаз ауадаҩрақәа ишрықәшәоз. Ихацыркыз азыҟаҵаратә усқәа хыркәшахеит Аԥшьгаратә еизара Еидкылоу ахеилак зныктәи аизарала. Уа иагьалхын Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа актәи ахеилак. Уи ахҭыс ҟалеит 1997 шықәса жьҭаарамза 30 рзы. Ари арыцхә иахьа-уажәраанӡагьы Аԥсны аҭҵаарадырра амш ҳәа иазгәаҳҭо мшуп.

ААР актәи ахеилак иалан ааҩык алахәыла иашацәа (академикцәа): Аиба Г.Г., Арӡынба В.Г., Арсҭаа Ш.Ҟ., Бӷажәба Хә.С., Максимов М.З., Саӷариа Б.Е., Шьынқәба Б.У. Фҩык алахәыла-корреспондентцәа: Ладариа М.Г., Старцев В.Г., Ҵнариа В.Л., Ҷкадуа Л.П., Шамба Гь.К., Швангираӡе Р.Р. Иара убас быжьҩык ҳаҭыр зқәу алахәылацәа: Бигәаа О.Б., Габниа З.М., Кумахов М.А., Талибов Б.Б., Хьиуитт Џь., Шагиров А.К., Екба Н.Б.

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа актәи апрезидент ҳәа далхын еицырдыруа абызшәадырҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААР академик Арсҭаа Ш. Ҟ.

ААР актәи апрезидиум иалан: Арӡынба В.Г. (Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада), Арсҭаа Ш.Ҟ. (ААР апрезидент), Аиба Г.Г. (ААР авице-президент), Ҵнариа В.Л. (ААР аҵарауаҩ-маӡаныҟәгаҩ хада), Саӷариа Б.Е. (Агуманитартәи асоциалтәи ҭҵаарадыррақәа рыҟәша академик-маӡаныҟәгаҩ), Максимов М.З. (Афизико-математикатәи атехникатәи ҭҵаарадыррақәа рыҟәша академик-маӡаныҟәгаҩ), Старцев В.Г. (Амедико-биологиатә, ақыҭанхамҩатә ҭҵаарадыррақәеи Адгьыл иазку аҭҵаарадыррақәеи рыҟәша академик-маӡаныҟәгаҩ).

Аԥсны аҭҵаарадырра ашьаҭа акуа ианалага XIX ашәышықәса аҩбатәи азбжеи – XX ашәышықәса алагамҭеи рзоуп. Убасҟан ауп еиҿыркаауа ианалага раԥхьатәи аҭҵаарадырра-рҵаралашаратә хеидкылақәа. Урҭ русура қәкы хаданы иаман ҳтәылаҿацәи уи иқәынхо ауааԥсыреи рыҭҵаара.

1840 шықәсазы еиҿкаан Аҟәатәи аботаникатә баҳча. Анаҩс русура хацдыркит Ақыҭанхамҩатә еилазаара, Аҟәатәи аокруг ауааԥсыреи аԥсабареи рыҭҵааразы Абзиабаҩцәа реилазаара, иара убас иаԥҵан амедицинатә, арыԥҳачымазаратә, ауахәама-археологиатә еилазаарақәа. Арҭ ашықәсқәа рзы иҿио иалагеит аҭыԥантәи аҿацәҭҵааҩцәеи Урыстәылантәи арахь нхара ҳәа иааз аҵарауаа рыҭҵаарадырра-рҵаралашаратә усура. Убри аамҭазоуп рыхьӡ шьақәгыло ианалага Ажәанба С.Ҭ., Маҷавариани К.Д., Ӷарцкьиа В.Д., Џьанашьиа Н.С., Ҷараиа П.Г., Патеиԥа Н.Б., Чыкәбар А.И., Услар П.К., Бартоломеи И.А., Марр Н.И., Альбов Н.М., Краснов А.Н., Татаринова П.Е., Введенски А.Н., Смецкои Н.Н., Чурсин Г.Ф., Генко А.Н., Воронов И.Н.

Аԥсны раԥхьатәи аҭҵаарадырратә еиҿкаарақәа аԥырҵо иалагеит XX ашәышықәса 20-тәи ашықәсқәа рзы. 1922 шықәсазы еиҿкаан Аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаара. 1925 шықәсазы Аԥсуа бызшәеи алитературеи р-Академиа. Урҭ рышьаҭалоуп ишаԥҵахаз иахьа ААР Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт. Убарҭ ашықәсқәа рзоуп ианаадыртуа ҳҳәынҭқарразгьы Асоветтә ҳәынҭқарразгьы крызҵазкуаз аинститутқәа. 1927 шықәсазы иаԥҵаз Аҟәатәи амаамынааӡарҭа аиммунологиатә школ иашьаҭахоит.

1957 шықәсазы уи Асовет Еидгыла Амедицинатә ҭҵаарадыррақәа ракадемиа иаҵанакуа Аԥышәаратә патологиеи ахәышәтәреи ринститут ҳәа ишьақәырӷәӷәан.

Уи аԥхьа – 1950 шықәсазы – хаз-хазы иҟаз (Аҟәеи Агәыӡереи) ҩ-ҭҵаарадырратә техникатә еиҿкаарак рышьаҭала иаԥҵахеит Асовет Еидгыла Абжьаратә машьынаргылара Аминистерство иатәыз Аҟәатәи афизико-техникатә институт. Зеиԥшыҟамыз аҭҵаарадырратә ҿыцаԥшьгарақәа аԥнаҵо иалагеит Асовет Еидгыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Акустикатә лабораториа Мрагылара-Мшынеиқәаҿтәи аекспедициа ашьаҭала еиҿкааз (1948) Асовет Еидгыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Акустикатә институт. Ари аинститут аҵарауаа русура хықәкы хадас иамаз амшын аҵан ацәқәырԥақәа реизҳашьа азакәанқәа рыҭҵаареи амшын ихылан ицо иахылҵуа абжьқәа ацәқәырԥа ишаныԥшуа аҭҵаареи ракәын.

Аҭоурых ду амоуп 1926 шықәсазы иаԥҵаз Ашәаԥыџьаԥааӡара Асоветеидгылатәи аинститут Аҟәатәи аҟәша. Анаҩс уи аинститут Ашәаԥыџьаԥааӡара Асоветеидгылатәи аинститут асубтропикатә культурақәа рыҭҵааразы Аҟәатәи аԥышәаратә станциа ҳәа иԥсахын. Имаҷмыз аҭҵаарадырратә лҵшәақәа аман 1933 шықәсазы еиҿкааз Ачаии асубтропикатә культурақәеи рзы Асоветеидгылатәи аҭҵаарадырра-ааглыхратә еиҿкаарагьы. Иманшәаланы аус ауан 1964 шықәсазы иаԥҵаз Атуризм Аҟәатәи аҭҵаарадырра-ԥшааратә институт.

Ари аамҭазы Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рҿы ицәырҵуа иалагоит аԥышәаратә станциақәа. Урҭ русура иалҵшәаны, аҭҵаарадырраҿ ироуаз аԥышәа ааглыхра иаладырҵәон. Ус иҟаз аиҿкаарақәа рхыԥхьаӡараҿ иҟоуп Аҟәатәи аҭаҭын-ԥышәаратә станциа, «Аидгылаефирхәша» захьӡыз аефирхәшатә культурақәа Аҟәатәи рыстанциа. Қәҿиарала аус руан Ашәаԥыџьаԥ ахьчаразы Аԥсуа ԥышәаратә станциа, Аԥсуа бнатә ԥышәаратә станциа, Абаҳчааӡареи, аӡахәааӡареи аҩҭаҭәареи рзы Ареспубликатә ҭҵаарадырра-ԥшааратә институт Гәдоуҭатәи ашьаҭатә ҭыԥ, Асовет Еидгыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Аботаникатә баҳча хада Гагратәи ашьаҭатә ҭыԥ, Акурортологиеи афизиотерапиеи ринститут Аԥсуа филиал уҳәа убас иҵегьы. ААР аԥҵаҩы В.Г. Арӡынба гәҭакыс ишимаз еиԥш, арҭ аиҿкаарақәа имҩаԥыргахьаз аусура ирнаҭахьаз аԥышәа еиқәырхан. Абарҭ афилиалқәеи астанциақәеи рышьаҭала еиҿкаан аҭҵаарадырратә институтқәа. 1994 шықәсазы – ААР Ақыҭанхамҩатә институт, 1995 шықәсазы – ААР А. Кәыџба ихьӡ зху Акурортологиеи итрадициатәым амедицинеи рцентр. Аҭҵаарадырра арҿиара аус аҿы рлагала дууп Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогикатә институт (1932) (1979 шықәса инаркны – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет), Қырҭтәылатәи Асубтропикатә қыҭанхамҩа аинститут (1959–1992), Аԥснытәи АССР Аминистрцәа рхеилак аҿы еиҿкааз Аҳәынҭқарратә архив хада, Аԥсуа тәылаҿацәҭҵааратә музеи (1917), Д.И. Гәлиа Иҩны-музеи (1974) уҳәа уб. егь. Урҭ аиҿкаарақәа рҿы акыршықәса имҩаԥысуан агуманитартәи аԥсабаратәи ҭҵаарадыррақәа рзы акадрқәа рааӡареи, аинформациа аидкылареи аус адулареи рзы аусура ду.

Аԥсуа ҭҵаарадырра аҭоурых аҿы рыхьӡ наунагӡа инхеит 1920–1930-тәи ашықәсқәа инадыркны ааԥсарада анаука амаҵ азызуаз аԥсуа ҵарауаа: А.К. Ҳашба, С.П. Басариа, В.И. Кәыкәба, Д.И. Гәлиа, А.М. Ҷоҷуа, С.И. Ҷанба, В.И. Стражев, Н.И. Вавилов, Г.П. Барач, А.Л. Лукин, К.В. Ковач уҳәа егь. Аҭҵаарадырратә традициа арҿиараҿы илагала дууп Н.И. Марр.

Уи анаҩстәи ашықәсқәа рзы аҭҵаарадырра аџьабаа ду адырбалеит Гь.А. Ӡиӡиариа, Ш.Д. Инал-иԥа, З.В. Анчабаӡе, К.С. Шьаҟрыл, Хә.С. Бӷажәба, Л.А. Шервашиӡе, Л.Н. Соловиов, М.М. Ҭраԥшь, И.А. Аџьынџьал, Б.Е. Саӷариа, И.Н. Воронов, Гь.К. Шамба, М.М. Гәымба, В.Л. Ҵнариа, А.А. Аншба, В.В. Дарсалиа, Гь.А. Амҷба, С.Л. Зыхәба, В.Г. Арӡынба. Афизико-математикатә, атехникатә ҭҵаарадыррақәа рырҿиара иузадымхуа рыхьӡ адҳәалоуп: Г. Герц, М. Арденне, Р.А. Демирханов, И.М. Сухаревски. Амедико-биологиатәи ақыҭанхамҩатәи ҭҵаарадыррақәа рырҿиараҿы рлагала дууп А.А. Колаковски, В.С. Иаброва-Колаковскаиа, П.В. Бочкариов, Б.А. Лапин, Г.Г. Аиба, Г.О. Магакиан, Л.Х. Ҳашба, Е.И. Чамагәуа, Б.Г. Аргәын.

Асовет Еидгыла хыбгалаанӡа Аԥсны аҭҵаарадырра аҿиара амҩа ианын, асоветтә ҭҵаарадырра иахәҭакыз акы аҳасабала. Ҳтәыла иахьаҵанакуа иҟаз, Асовет Еидгыла иатәыз, аҭҵаарадырратә еиҿкаарақәа русура алҵшәақәа роуп иқәыԥшу Аԥсуа ҳәынҭқарраҿы ахатәы Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аԥҵара алзыршаз. Иахьа лҵшәа бзиала аус зуа аԥсуа институтқәа реиҳарак усҟантәи аҭҵаарадырратә еиҿкаарақәа ирхылҿиааз еиҿкаарақәоуп.

Уааӡатәи аҵарауаа рабиԥарақәа рԥышәа ҳахәаԥшуазар, иахьатәи аҭҵаарадырратә хықәкқәа ҳрызхәыцуазар, Аԥсны агеографиатәи аҳауатәи ҷыдарақәа ҳрыхәаԥшуазар, ҳаамҭазтәи аҭҵаарадырратә еиҿкаарақәа, ркадртә лшарақәеи егьырҭ еиуеиԥшым аганқәеи рыла иуникалтәуп ҳҳәар ҳалшоит. Имҩаԥысуа аҭҵаарақәа хықәкы хадас ирымоу иахьатәи аамҭаз иҵарны иқәгылоу азҵаарақәа рыӡбареи ҳҳәынҭқарра асоциал-економикатә хырхарҭала арҿиареи роуп.

Иахьа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа еиуеиԥшым аҭҵаарыдарртә хырхарҭақәа арҿиоит. Уи аилазаараҿ иҟоуп: агуманитартәи асоциалтәи ҭҵаарадыррақәа, афизико-математикатәи атехникатәи ҭҵаарадыррақәа, амедико-биологиатә, ақыҭанхамҩатә ҭҵаарадыррақәеи Адгьыл иазку аҭҵаарадыррақәеи. Актәи Аҟәша иаҵанакуеит Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институти (1925) Аекономикеи азини ринститути (2016); аҩбатәи – Аҟәатәи иаарту афизико-техникатә институт (1950), Агидрофизикатә институт (1948), Аекологиа аинститут (2012); ахԥатәи – Аексперименталтә чымазареи атерапиеи ринститут (1957), Аботаника аинститут (1840), Ақыҭанхамҩатә институт (1994), А. Кәыџба ихьӡ зху Акурортологиеи итрадициатәым амедицинеи рцентр (1995).

ААР аилазаараҿ иҟоуп 15-ҩык академикцәа, 11-ҩык алахәыла-корреспондентцәа, 19-ҩык ҳаҭыр зқәуи аҳәаанырцәтәии алахәылацәа. ААР иаҵанакуа аҭҵаарадырратә еиҿкаарақәа рҿы аус руеит 400-ҩык инареиҳаны аҭҵааҩцәа. Урҭ рҟынтә 29-ҩык докторцәоуп, 93-ҩык кандидатцәоуп.

ААР ашьақәгылара, иара Ҳҳәынҭқарра ахаҭа ашьақәгылареиԥш, имариамыз усын. Иагьа ус иҟазараргьы, ААР актәи апрезидент Ш.Ҟ. Арсҭаа, ААР авице-президент Г.Г. Аиба, ААР академик-маӡаныҟәгаҩ Ш.Хь. Салаҟаиа ирывагылаз рколлегацәеи дареи – ААР раԥхьатәи апрезидиум иалаз аҵарауаа – рымчала Аԥсуа академиа аҿиарамҩа ианын. Дара ракәын Академиа аилазаашьа шьақәзыргылоз, аҟәшақәа аԥызҵоз, апрезидиум аппарат ҟазҵоз, Аԥсны Ахада В.Г. Арӡынба 1999 шықәса ажьырныҳәа 21 рзы ишьақәирӷәӷәаз ААР раԥхьатәи Аԥҟаԥҵәа зыҩуаз.

ААР анапхгара ацхыраарала иҩын, иагьрыдкылан «Аҭҵаарадырреи аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырра-техникатә политикеи рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан. Уи азакәан аднакылеит Аԥсны Жәлар Реизара 2005 шықәса ԥхынгәымза 21 рзы. 2005 шықәса нанҳәа 1 азы уи азакәан шьақәирӷәӷәеит Аԥсны Ахада С.У. Багаԥшь.  Изаамҭаны ирыдыркылоз аӡбамҭақәа ирыбзоураны, ААР анапхгара ирылшеит Аԥсны аҭҵаарадырратә еиҿкаарақәеи акадрқәеи реиқәырхара. ААР апрезидиум аҩныҵҟа иаԥҵан ахеилакқәеи акомиссиақәеи. Урҭ иреиуан: Аԥсны аҭҵаарадырратә еиҿкаарақәеи иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәеи рыҭҵаарадырратә усура ҳәаақәызҵо Ахеилак, Аредакциа-ҭыжьырҭатә хеилак, Археологиатә комиссиа, Жәларбжьаратәи аусеицураз акомиссиа. Иара убри анаҩсгьы, Аԥсны «Аҭҵаарадырреи аҭҵаарадырра-техникатә политикеи рзы» азакәан излаҳәо ала, ААР апрезидиум иреиҳаӡоу аттестациатә комиссиа афункциақәа нанагӡоит. Адиссертациатә хеилакқәеи адиссертациатә усумҭақәеи рышьақәырӷәӷәара азин амоуп, аҭҵаарадыррақәа ркандидат, рдоктор идиплом аҭара азин амоуп.

ААР ҳаамҭазтәи аусура ашьақәгылараҟынтә аҿиарахьы амҩа иқәуп ҳҳәар ҳалшоит. «Аҭҵаарадырреи аҭҵаарадырра-техникатә политикеи рзы» азакәан аҿы иарбоуп Академиа ихадароу афункциақәа, закәанла ишьақәырӷәӷәоуп иара астатус, иарбоуп ААР аусура финансла аиқәыршәашьа. Уи излаҳәо ала, Аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтә х-процентк еиҵамкәа аҭҵаарадырра иазоужьзароуп. Убри ахықәкы инақәыршәаны, 2014 шықәса раахыс ААР анапхгара, апрезидиум лымкаала аус адырулоит Академиа анормативтә-зинтә шьаҭа. 2015 шықәса жьҭаарамза 20 рзы ААР Азеиԥш еизара иаднакылеит Аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә еиҿкаара «Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа» Аԥҟаԥҵәа ҿыц. Уи Аԥҟаԥҵәа 2016 шықәса мшаԥымза 7 рзы ишьақәирӷәӷәеит Аԥсны Ахада Р.Џь. Ҳаџьымба. Иара убас ААР ишьақәнарӷәӷәеит Академиа анапаҵаҟа иҟоу аинститутқәа рыԥҟаԥҵәақәа. Абарҭ ихадароу адокументқәа инарықәыршәаны, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа – ҳҳәынҭқарраҿы агуманитартәи аԥсабаратәи ҭҵаарадыррақәа рызҵаарақәа рыла афундаменталтә, ахархәаратә ҭҵаарақәа мҩаԥызго ҭҵаарадырратә еиҿкаароуп. Уи иаӡбо аусқәа рхыԥхьаӡараҿ иҟоуп: 1) Аԥсны асоциал-економиатә ҿиаразы аҳәынҭқарратә политика ашьақәыргылара; 2) аҭҵаарадырратә аалыҵ ахьӡырырго «аџьырмыкьаҿ» Аԥсны аҭыԥ азалхра; Аԥсны аинтеллектуалтә мазара напхгараҭара; иреиҳаӡоу аквалификациа змоу акадрқәа рааӡара; аҭҵаарадырреи иреиҳаӡоу аҵареи рыбжьара, аҭҵаарадырреи аарыхреи рыбжьара аусеицура арҭбаара.

Арҭ ахықәкқәа рынагӡара иацу аусқәа Аԥсны ааглыхра, аекономика, акультура рганахьала аҿиара иацхраауеит. ААР ауп аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи аҭҵаарадырра иазоужьу аԥара зауа, Академиа анапаҵаҟа иҟоу аҭҵаарадырратә еиҿкаарақәа ирзоужьу аԥарагьы убрахь иналаҵаны. Ашықәсазы Академиа иазоужьу аԥара аҳәаақәа ирҭагӡаны (аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи х-процентк еиҵамкәа), ААР аусзуҩцәа рхыԥхьаӡареи русура ахә ахшәаашьеи ахаҭа иаӡбоит. ААР Аԥҟаԥҵәа ҿыц инақәыршәаны, Академиа Апрезидиум аилатәарақәа раан ирыдыркылеит ААР аилазаара ҿыц, адокторантураз аԥҟарақәа, ақәыргылаҩцәа раҳасабала аспирантуреи адоктортәи акандидаттәи диссертациақәа рзы аԥҟарақәа, адиссертациақәа рыхьчаразы ахеилакқәа ирызкны аԥҟарақәа, аҭҵаарадырратә ҩаӡарақәа рыхҵаразы аԥҟарақәа, иара убас аҭҵаарадырратә усзуҩцәа азанааҭқәа рноменклатура, «ААР ҳаҭыр зқәу адоктор» ҳәа ахьӡ зхырҵо рзы аԥҟарақәа; «ААР ҳаҭыр зқәу апрофессор» ҳәа ахьӡ зхырҵо рзы аԥҟарақәа. 2014 шықәсазы афынтәраан имҩаԥысуаз ААР алхрақәа ирылҵшәаны, Апрезидиумгьы Азеиԥш еизарагьы рлахәылацәа рсиа хәҭакахьала ирҿыцын. Аԥсуа академиа ашьақәгылара амҩа аҟынтәи аҿиарамҩа анылара – ари ҳаамҭазтәи аҭҵаарадырраҿ зыда ԥсыхәа ыҟам мҩоуп. Убриаан иазгәаҭатәуп, иахьа аҭҵаарадырра-техникатә политика аганахьала аҳәынҭқарра иамоу азнеишьа аԥсыҽра иахырҟьаны, ААР инанагӡараны иҟоу ахықәкы хадақәа ирықәнагоу аҩаӡара шрымам. Уи иахырҟьаны аҿиара зыгхо иара аҳәынҭқарра ахаҭа ауп. Избан акәзар Академиа ахықәкы хадақәа иреиуоуп аҭҵаарадырратә знеишьала ҳҳәынҭқарра ашьапы ақәыргылара.

Аҭҵаарадырра адгылара заҭатәу, зегь раԥхьаӡа иргыланы, аҭҵаарадырра знапы алаку ауаа милаҭтә мазараны иахьыҟоу азоуп. Урҭ рылоуп излашьақәгылоу амилаҭтә интеллигенциа. Аҵара змоу ауаа рааӡара аҳәынҭқарратә шәарҭадара иадҩыло иҟоуп, уаҟагьы араҟагьы здырра ҵаулоу, азыҟаҵара бзиа змоу ауаа рыда ԥсыхәа ыҟам. Аҭҵаарадырра ашьаҭа аныӷәӷәоу, аҳәынҭқарраҿ аекономика арҿиаразы ашьаҭа ӷәӷәа ҟалоит, ҳтәыла ахала ахы або иҟалартә аҭагылазаашьа шьақәгылалоит. Даҽазныкгьы инаҵшьны иҳәатәуп, Аԥсны – агеографиатә ҭагылазаашьеи аҳауатә ҭагылазаашьеи злаҟоу ала еиуеиԥшым аҭҵаарақәеи аԥышәақәеи рымҩаԥгаразы зеиӷьыҟам ҭыԥуп.

ААР арҿиара аус аҿы краҵанакуеит жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә еимадарақәа рырӷәӷәара. Уи азҵаараҿы ихадароуп урыстәылатәи аҭҵаарадырратә еилазаареи аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаареи русеицура. Аофициалтә ҟазшьа аманы Урыстәылеи Аԥсни аҭҵаарадырра ахырхарҭала русеицура ашьаҭа кын 2005 шықәсазы. Убасҟан ауп ианаҵаҩыз Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи рыбжьара аусеицураз Аиқәышаҳаҭра. Аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵан иара убас урыстәылатәи арегионалтә академиақәеи Аԥсуа академиеи. Убас, 2011 шықәсазы Чечниатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи Аԥсуа академиеи рыбжьара, 2015 шықәсазы – Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи Аладатәи аҭҵаарадырратә центри рыбжьара, 2015 шықәсазы – Ҭаҭарсҭан аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи Аԥсуа Академиеи рыбжьара, 2017 шықәсазы – Саха (Иакутиа) аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи Аԥсуа академиеи рыбжьара ирыҵаҩын Аиқәышаҳаҭрақәа.  

Иҟоуп иара убас урыстәылатәи аҭҵаарадырратә фондқәеи Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ихадароу аинститутқәеи рыбжьара аусеицуратә ԥышәа, аха аҩ-ганкгьы рҟынтә иҟоу афинанстә ԥкрақәа ирхырҟьаны крызҵазкуа аҭҵаарадырратә усқәа рынагӡара уадаҩхеит.

Рыцҳарас иҟоу, аԥсуа ҭҵаарадырратә еиҿкаарақәеи аурыс ҭҵаарадырратә еиҿкаарақәеи ирыбжьаз аизыҟазаашьақәа ахьеиқәымхаз рацәоуп. Уи рыхҟьеит Асовет Еидгыла аилаҳара, Аԥсуа жәлар ҳџьынџьтәылатә еибашьра иашьҭанеиуаз аполитикатәи аекономикатәи уадаҩрақәа, Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿ иҟалаз аԥсахрақәа уҳәа еиуеиԥшым амзызқәа. 

Иахьатәи аамҭаз Аԥсуа академиеи Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи зыӡбахә ҳҳәаз Аиқәышаҳаҭра анагӡаразы аусмҩаԥгатәқәа ирҿуп. Иҟоуп агәҭакы Аԥсны иахьаҵанакуа аҭҵаарадырратә центр ҿыцқәа раартра, иаҳҳәап, Урыстәылатәи академиеи Аԥсуа академиеи еицеиҿыркаарц Аинновациатә технологиақәа ринститут. Уажәазы Аԥсны аҭҵаарадырра-техникатә лшарақәа зегьы ААР аинститутқәеи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә универсиртети рҿоуп иахьеидкылоу. Академиатәи арҵаҩратәи ҭҵаарадырра хкқәа еидкылатәуп. Уи атәы шаҳаҭра ауеит еиуеиԥшым ААР аинститутқәа рҿы иаарту ААУ ашьаҭатә кафедрақәа лҵшәа бзиалатәи русура. Уи ахырхарҭаҿы аԥсуа ҭҵаарадырра адунеитә ҭҵаарадырратә ԥышәа иалхәыдааны ҟалашьа амаӡам. Аԥсуа академиеи Аҳәынҭқарратә университети русеицура апрофессор, аспирант, астудент ААР аинститутқәа рҿы имҩаԥысуа аусқәа иҽрылаирхәыртә алшара инаҭоит. Аинститутқәа рҿы аус зуа аҵарауаа ирнаҭоит алшара ААУ аҿы алекциақәа рыԥхьара. Лымкааала хылаԥшра заҳҭараны ҳаҟоу – аҿар реиҵааӡара – ҳазлацәажәо аусеицура хра злоу акакәны иҟалоит.

Аԥсуа ҭҵаарадырра аҿаԥхьа иқәгылоу ахықәкқәа хшыҩзышьҭра рыҭаны, Аԥсуа академиа аилазаараҿы имҩаԥгатәуп изызхәыцу, ишәоу-изоу аусқәа. Уи аҩыза алшара ҟалоит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи Аԥсуа ҳәынҭқарра анапхгареи русеицура ҩаӡара ҳаракыла ианымҩаԥысло, аилибакаара аныҟало. Ҳажәлар рыгәҭаҵәҟьа игылаз аԥсуа ҭҵаарадырра аусзуҩцәа ибзиаӡан еилыркаауеит ҳаамҭазтәи аԥсуа аҭҵаарадырра хықәкылатәи, хацәнымырхатәи аусура ада алҵшәа бзиақәа рҿы анеира шымариамхо.

Еилкаау усуп аҳәынҭқарра аҿиараҿы аҭҵаарадырра аҭыԥ ду шыннакыло. Аҵарауаа азин рымоуп аҳәынҭқарра анапхгара аҟынтәи ирықәнагоу аилкаареи азыҟазаашьеи ақәгәыӷра. Убас иҟоу азыҟазаашьа ада Аԥсны иҭышәынтәалоу, аҭҵаарадырратә шьаҭа змоу аԥеиԥш аргылара уадаҩхоит.