АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

Ажәабжьқәа

АПРЕЗИДИУМ АИЛАТӘАРА

  • 18.07.2024

2024 шықәса ҧхынгәымза жәаф рзы имҩаҧысит Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидиум аилатәара. Амшхәаҧштә аҟны ф-зҵаарак ықәгылан. Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидент, ААР […]

ПИОТР ЧЕКАЛОВ ААР ҲАҬЫР ЗҚӘУ АҲӘААНЫРЦӘТӘИ АЛАХӘЫЛА ҲӘА АДИПЛОМ ИАНАШЬАН

  • 15.07.2024

Ҳазҭоу ашықәс мшаҧымза жәибжь рзы х-ҩык абаза ҵарауаа ААР апрезидиум аӡбамҭала аҳәаанырцәтәи алахәылацәас иалхын. Убарҭ руаӡәк, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор […]

АРТУР АНШБА ИУСУМҬАҚӘА РЕИЗГА ДАҼА Ҩ-ТОМК ҬЫҴИТ

  • 10.07.2024

Кавказдырҩы, афольклорҭҵааҩ, аетнограф, алитератураҭҵааҩ, алитературатә критик, нарҭаа репоси асахьаркыратә литературеи рызҟаза Артур Аншба иусумҭақәа реизга даҽа ҩ-томк ҭыҵит. Ашәҟәыҩҩцәа С.Ҷанбеи […]

Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидиум аилатәара.

  • 03.07.2024

2024 шықәса ҧхынгәымза хҧа рзы имҩаҧысит Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидиум аилатәара. Амшхәаҧштә аҟны ҩ-зҵаарак ықәгылан. ААР академик-маӡаныҟәгаҩ, академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа […]

РАШӘАРАМЗА 26 РЗЫ АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИАҾЫ ИМҨАԤЫСИТ АПРЕЗИДИУМ АИЛАТӘАРА

  • 26.06.2024

Аҵарауаа амшхәаԥштә аҿы иарбаз азҵаарақәа рахь ииасаанӡа, атехникатә наукақәа рдоктор Едуард Кимкетов адоктортә усумҭа шиихьчаз зыршаҳаҭуа адиплом иҭан. Академиа апрезидент […]

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА АПРЕЗИДЕНТ ИХАҬЫԤУАҨ, АКАДЕМИК СЕРГЕИ МИХАИЛ-ИԤА БЕБИА ИАНАШЬОУП “АХЬӠ-АԤША” АОРДЕН АКТӘИ АҨАӠАРА

  • 17.05.2024

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа иусҧҟала,абиологиатә ҭҵаарадыррақәа рҿы шықәсырацәалатәи лҵшәабзиалатәи иусура азы, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент ихаҭыҧуаҩ, академик Сергеи Михаил-иҧа Бебиа […]

ЖӘА-ТОМКНЫ ИҞОУ АԤСУАА РНАРҬТӘ ЕПОС АТОМҚӘА ААБА АҬИРҬАҚӘА РАХЬ ИНАГОУП

  • 10.05.2024

Нарҭаа ирызку аԥсуа фырхаҵаратә епос зегьы еидызкыло жәа-томк зҵазкуа аҭҵаарадырратә, академиатә ҭыжьымҭа аа-томк аҭиирҭақәа рахь инагоуп. Анапаҿы аиура иазҿлымҳаз аԥсуаа […]