АЛАҲӘАРА

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны лаҵарамза 26, асааҭ 11: 00 рзы имҩаԥгахоит Габниа Дифа Назырбеи-иԥҳа афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҵараҩаӡара аиуразы лдиссертациатә усумҭа «Аԥҳәыс лхаҭара аеволиуциа аԥсуа епикатә литератураҿы» (ашифр 5.9.10 – «аԥсуа литература») ахьчара

Ажәабжьқәа

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА

  • 21.06.2022

АИНФОРМАЦИАТӘ ШӘҞӘЫ Ҳаҭыр зқәу аколлегацәа! Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 25 шықәса ахыҵра аиубилеи ахьӡала 2022 шықәса, жьҭаарамза 20 – 21 рзы имҩаԥгахоит аспирантцәеи аҵарауаа ҿарацәеи злахәу аҭҵаарадырратә конференциа. АКОНФЕРЕНЦИА АУСУРА АХЫРХАРҬА ХАДАҚӘА: 1) Агуманитартә; […]

Рашәарамза 8 рзын Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум аилатәараҿы имҩаҧысит ААР Аекономикеи азини ринститут адиректор иалхра

  • 11.06.2022

Рашәарамза 8 рзын Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум аилатәараҿы имҩаҧысит ААР Аекономикеи азини ринститут адиректор иалхра. Аинститут аусзуҩцәа реизараҟынтә директорс ихьӡ […]

Зураб Џьапуа Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҳәаанырцәтәи лахәылас далхуп

  • 02.06.2022

Лаҵарамза 31 рзын Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Аҭоурых-филологиатә ҭҵаарадыррақәа рыҟәшаҿы  имҩаҧысуаз абжьыҭираан аурыс ҵарауаа аҧсуа епосҭҵааҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик, апрофессор, Аҧсуа […]

Аиааира ду амш ахьӡала адныҳәалара

  • 09.05.2022

Ҳажәлар, шәхацкы! Иахьа иазгәаҳҭоит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҿы игаз Аиааира 77 шықәса ахыҵра.Ари аныҳәа даҽа ныҳәак еиҧшым. Зҭоурыхтә мҩа еибашьрала […]

ИМҨАԤЫСИТ АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА АПРЕЗИДИУМ АИЛАТӘАРА

  • 30.04.2022

Мшаԥымза 27 рзы имҩаԥысит Аԥсныаҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум аилатәара.   Апрезидиум алахәылацәа ишьақәдырӷәӷәеитАԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟныимҩаԥысраны иҟоу аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәардоктор ҳәа аҩаӡара ахьчаразы Зныктәиадиссертациатә хеилак.  Уи азҵаара анаҩс, апрезидиум иаднакылазаӡбамҭала, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаАекологиа аинститут адиректор, абиологиатәҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент, Аԥсуауниверситет ҳаҭыр зқәу апрофессор Роман Саид-иԥа Дбар Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҲаҭыр зқәу адоктор ҳәа ахьӡ ихҵан.  Аилатәараҿы иазааҭгылан аҵарауаҩ инапыишыҵижьхьо ҩ-монографиаки 196 ҭҵаарадырратәстатиеи. Имонографиақәа руак азы ишианаршьахьоу Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зхуАҳәынҭқарратә премиа. Роман Дбариааиԥмырҟьаӡакәа ихы рылаирхәуеитаҭҵаарадырратә конференциақәа. Аԥсныаҩныҵҟагьы, Аԥсны анҭыҵгьы ибзиан ирдыруаҵарауаҩуп.  Апрезидиум алахәылацәа алацәажәеит аԥсуаҭҵаарадырразы кырӡа зҵазкуа – быжь-томкны иҟоуаԥсуа нарҭтә епос аҭыжьра азҵаара. Алахәылацәаеицҿакны иақәшаҳаҭхеит, афилологиатәҭҵаарадыррақәа рдоктор З.Џь. Џьапуа иредакциалаеиқәыршәоу, нарҭаа рҳәамҭақәа томрацәалатәиаизга аҭыжьра Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаапрезидиум аӡбамҭала ашьақәырӷәӷәара. Аилатәараҿы иазааҭгылан асеиԥш иҟоу апроектаԥсуа ҭҵаарадырра арӷәӷәараҿы илагала дуныишыҟало атәы. 

ХҬЫСЛА ИБЕИАЗ АИЛАТӘАРА

  • 07.04.2022

2022 шықәса, мшаԥымза 5 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы имҩаԥысит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидуим аилатәара. Ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәамза 28 рзы ААР […]